Лаҵара 17, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Агәалашәара баҟоуп

Октиабр 30 рзы  аинтеллигенциа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа, адин амаҵзуҩцәа уҳәа жәпаҩык харада ахара рыдҵаны идырӡыз ргәаладыршәеит Кәыдры аӡиас иху  ацҳа ааигәара.

" Аиҳабыратә абиҧарақәа ирдыруеит арепрессиақәа закәу. Иаҳҭахуп аҿаргьы арҭ аамҭақәа ртәы рдыруазарц, харада ахара рыдҵаны идырӡыз ҳажәлар иреиҕьыз рхаҭарнакцәа ргәаладыршәаларц. Кәыдры аӡиас аҧшаҳәаҿы ауаа кыдҵан иршьуан. Ажәала еиҭаҳәашьа амаӡам ари ахҭыс. Иршьыз ауаа рҭахцәа ирзеилмыргарц азы акьыр рықәҭәаны ирбылуан. Уа еиларыжьуаз уаҩҧсыла рызқәаҭыҧ аҽаџьара аҟалара руамызт. Ус еиҧш зҽазызкызгьы шьран ирзыҧшыз", – лҳәеит аусмҩаҧгатә аиҿкааҩ, аҵарауаҩ, ажурналист  Е. Бебиа.

Акциа Кәыдрытәи ацҳа ааигәа-сигәа иахьаҵанакуа машәыршәа иалхӡам. Драндатәи абахҭа иҭыганы ари аҧшаҳәаҿы иааганы акәын ауаа шыршьуаз.

ХХ ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа рзы Сталини Бериеи имҩаҧыргоз аполитика иахҟьаны Аҧсны харада ахара рыдҵан иҭархан быжь-нызқьҩык рҟынӡа еиуеиҧшым амилаҭқәа иреиуаз. 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me