Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара иаднакылаз аусдҵа инақәыр­шәаны хәажәкыра 1 инаркны рашәарамза 1 азынӡа ашәарыцаҩцәа абгақәеи, абгалаџқәеи, абгахәыҷқәеи рышьразы иреишәарыцоит. Ихацырку ауснагӡатә иабзоураны шәи хынҩажәи жәаба хы инарыцны агыгшәыг ршьхьеит. Иҳаҩсыз аҧсшьара мшқәа рзы Очамчыра араион аҟны еиҿкаан зымҽхак ҭбааз ашәарыцара. Аҧхасҭа ҕәҕәа ҟазҵо агыгшәыг рхыҧхьаӡара агырхара, мамзаргьы аҭышәныртәалара азҵаара цәырҵижьҭеи акыр шықәса ҵуеит. Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа зегьы рыҩнуҵҟа ари азҵаара акырынтә…

Апоезиа амш азгәаҭан

31 Хәажәкыр 2023 12:25
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иазгәаҭан апоезиа Адунеизегьтәи Амш. Март 21 рзы атәылақәа жәпакы рҟны иазгәарҭо апоезиа амш ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла абзоурала Аԥсны иазгәарҭоит 2011 ш. раахыс. Аусмҩаԥгатә иҿкаан сынтәа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 90 шықәса ахыҵра иазку аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны. Ашәҟәыҩ­ҩцәа Реидгыла аҟнытә инаган алитературатә ԥсҭазаара зныԥшуа афотосахьақәа рыла еиҿкааз ацәыргақәҵа. Аныҳәа амҩаԥгара иалахәын ААУ арҵаҩцәа, В.П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа-адыга…
Атеатр Адунеизегьтъи амш – атеатр аусзуҩцәа зегьы ринтернационалтә занааҭтә ныҳәа ауп, адунеи зегьы аҿы есышықәса иазгәарҭоит март 27 азы. Ари ахҭыс традициала зегьы ирзеиԥшу девизк амоуп: «Атеатр ажәларқәа реилибакаареи аҭынчра арӷәӷәареи рхархәагак аҳасабала». Аныҳәа азгәарҭоит арежиссиорцәа, адраматургцәа, актиорцәа атеатртә критикцәа. Иара убас адныҳәаларақәа рыдыркылоит аибыҭаҩцәа, арлашаҩцәа, абжьы арежиссиорцәа, асахьаҭыхҩцәа, адекораторцәа уҳәа егьырҭгьы.

Алаҳәарақәа

31 Хәажәкыр 2023 12:16
Аҧсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа Рквалификациатә коллегиа ирыланаҳәоит Тҟәарчалтәи араионтә ӡбарҭа аӡбаҩ иҭацәу ҭыҧк – 1 иандаҭлауа рҟнытә арзаҳалқәа шаднакылауа.

«Шәыгәхьаазгоит…»

31 Хәажәкыр 2023 12:11
30 шықәса зхыҵуа асалам шәҟәы. Иҩеижьхахьоу ақьаад рыҧсы иаҵаҵәахын. Уи аҭоурыхи аҧсадгьыл абзиабареи рахь ухьанарҧшуеит, уархәыцуеит, аҧсҭазаара уагәыланахалоит. Аҭаацәара зегьы зыхгәыр-ҕьаауаз, уахи-ҽни зымҩа иазыҧшыз, згәалаҟара еснагь ибзиаз, ашкол аҿы иҿырҧшыгаз, абҵара 28, 1969 шықәсазы Омск ақалақь аҟны ииз, Ашәба Рауль Владимир-иҧа Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага аҧхьатәи амш инаркны иҩызцәа рыгәҭа днагылеит. Ашәба Владимири Евгениеи хҩык ахшара рыхшеит: Наталиа, Рауль, Анжела.…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me