«Аиааирақәа раамҭа»

Ԥхынгәымза 14 рзы Ростов-на-Дону имҩаԥысуаз аиндаҭлараҿы аԥсуа ҽырыҩцәа рыҽқәа аиааира ргеит.

Амшынтәи авиациа амш иадҳәалаз аԥхьахә агаразы аиндаҭлараҿы Асхад Агрба иҽы Греишес Гест актәи аҭыԥ ааннакылеит. Аҽырыҩра мҩаԥысуан 1200 метра ахьыбжьаз адистанциа аҿы, ҩышықәса зхыҵуа англыз шьацқьа злоу аҽыжәлақәа рыбжьара.

 Аԥсыӡкҩы имш иадҳәалаз аԥхьахә агаразы аиндаҭлараҿы ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит Ҳаџьараҭ Зыхәба иҽы Корефан. Аҽырыҩра мҩаԥысуан 1800 метра ахьыбжьаз адистанциа аҿы, хышықәса зхыҵуа англыз шьацқьа злоу аҽыжәлақәа рыбжьара.

Ревекка Воуба

 

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me