«Аԥштәы – уи Сара»

Ҳазну амза аԥхьатәи амшқәа рзы, Санкт-Питербург ақалақь аҟны, «Аԥштәы – уи Сара» ҳәа хьӡыс измоу хаҭалатәи лцәыргақәҵа аатит, жәларбжьаратәи афестивальқәеи аицлабрақәеи акыр раԥхьахәгаҩ, Аахыҵ-Уаԥстәылатәи асахьаҭыхҩы қәыԥш Лира Алборова.
«Араҟа ицәыргақәҵахоит 40 усумҭа. Урҭ зегь аԥҵоуп абстракттә импрессионизм ахырхарҭа ала» ҳәа азгәалҭеит зҟазара уагәыланахало Лира. Асахьаҭыхцәа ҿарацәа реилазаара «Tskhinyal 5» алахәыла Лира Алборова хаҭалатәи лцәыргақәҵа раԥхьаӡа имҩаԥган 2022 ш. рзы лыдгьыл гәакьаҿы – Цхьынвал.

Ахра Анқәаб

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me