Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Иреиӷьӡоу жәаф-ҩык ахәмарҩцәа дырхыԥхьаӡалахеит Аахыҵ-Уаԥстәылатәи аишәатә ԥкьаҭмпыл асҩы Аманда Кокоева, Ҟабарда-Балкариа аспорт аминистрра анапхгарала, аҳҭнықалақь Нальчик ииуль 7-10 рзы имҩаԥысуаз аишәатә ԥкьаҭмпыл азы XXI арегионбжьаратә турнир аҟны.
Уи хаҭалатәи аиндаҭларақәа рҟны имҩаԥылгаз ԥшь-еиԥыларак рахьтә хԥа рҟны аиааира аанылкылеит лҟазара ҳаракы иабзоураны.
Аахыҵ-Уаԥстәылантә Аманда Кокоева лнаҩсгьы, арҭ аиндаҭларақәа ирылахәын, хаҭалатәи еиԥш, ҩыџьа-ҩыџьалатәи аицыхәмаррақәа рҟнгьы иқәгылоз даҽа х-ҩык аҭыԥҳацәа: Маиа Касраӡе, Алина Тедеева, Ирина Цховребова. Урҭ азыҟарҵоит Мириана Џьиоевеи Ирина Валиевеи.
Аахыҵ-Уаԥстәылаа реиԥш ари атурнир иалахәын Краснодар, Даӷьсҭан, Ставропольтәи атәылаҿацә, Волгоград, Ҟабарда-Балкариа, Нхыҵ Уаԥстәыла рҟнытәгьы аԥкьаҭмпыл асҩцәа ркомандақәа.
Ахра Анқәаб