«Бла ҵарыла»

Аҧҳәынҭшәҟәҭыжьырҭаҿы иҭыҵит апоет, ажурналист, апублицист, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи Аҧсны ажурналистцәа Реидгылеи рлахәыла Алхас Чхамалиа ишәыҟә ҿыц «Бла ҵарыла».

Уи иагәылалеит автор аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы еиуеиҧшым апериодикатә ҭыжьымҭақәа рҿы иикьыҧхьхьаз аочеркқәеи, астатиақәеи, аиҿцәажәарақәеи.
Ашәҟәы аҧхьажәа иҩит алитератураҭҵааҩ, акритик, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет ҳаҭыр зқәу апрофессор, Аҧсны аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩ Руслан Қапба. Уи иаазыркьаҿны аԥхьаҩцәа ишәыдаагалоит.
Ашәҟәы редакторс дамоуп Марина Тәанҧҳа. Асахьаҭыхҩы — Руслан Габлиа. Акорректор — Нанули Шьамаҭаа. Компиутерла еиқәлыршәеит Инна Џьапуаҧҳа.
Шәнапаҿы ишәку Алхас Чхамалиа ишәҟәы «Бла ҵарыла», автор иҭижьхьоу ашәҟәқәа рахьтә афбатәи ауп: иара авторс дрымоуп апоезиатә еизгақәа ԥшьбеи апублицистика аганахьала даҽа шәҟәыки.

Сара аханатә инаркны литератураҭҵааҩык, критикк иаҳасабала гәҭакыс исыман Алхас Чхамалиа ирҿиара инарҭбааны ахцәажәара, усумҭак изкра, еиҳаракгьы ипоезиа аганахьала. Аха сахыццакуамызт, уажәы-уашьҭан ҳәа ины­қәҵа-аақәҵо сшааиуаз, агәамбзиарагьы сыхьӡеит. Зыӡбахә ҳамоу апоет, ажурналист, апублицист, аредактор, аҵарауаҩ қәыԥш, арҵаҩы Алхас Чхамалиа ибзианы издыруа иоуп, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҿы аҵара аниҵоз рҵаҩыс симан. Убри анаҩсангьы, сара ибзиаӡаны издыруеит уи ихы-иҵыхәа, иабшьҭра: жәытәнатә аахысгьы ахьӡ-аԥша змаз, Гәыԥ ақыҭан инхоз, «Чхамалиаа нагақәа» ҳәа ззырҳәоз дырхылҵшьҭроуп.
Имариамзар ҟалап ауаҩы еиуеиԥшым арҿиара хкқәа инапы анрылаку, ҩба-хԥа ус анеилеигӡо, аха Алхас Чхамалиа убри аганахьала уадаҩра дук иԥынгылоны иаабом, аки-аки еиламырцҳакәа, ҟазарыла реиҿыбаашьа дақәшәоит. Убарҭқәа рнаҩсан иахьа иара– Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша напхгара аиҭоит.

Алхас Чхамалиа даныстудентыз аахыс ажурналистика инапы алакуп. Раԥхьатәи истатиақәа акьыԥхь рбеит 2000-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы. Лассы-лассы агазеҭ «Аԥсуа университет», анаҩс – «Аԥсны», иара убасгьы ажурнал «Алашара» адаҟьақәа рҟны дықәгылон еиуеиԥшым актуалтә проблемақәа ирызкны: аҳәынҭқарратә бызшәа азҵаара, аҿар рыпроблемақәа, астуденттә ԥсҭазаара, акультура, аҟазара уҳәа. Насгьы инаҵшьны иазгәаҭатәуп, 2013 шықәса раахыс ауни­верситеттә газеҭ «Аԥсуа университет» редактор хадас дшамоу. Аамҭала аус иуан агазеҭ «Аԥсны» аредакциаҿы корреспондентс, ажурнал «Аҟазара» аҟәша аредакторс, анаҩс – аредактор хада ихаҭыԥуаҩс. Имаҷым ари аамҭа иалагӡаны уи ирҳаз аԥышәагьы.
Алхас Чхамалиа 2021 шықәсазы иҭыҵыз ишәҟәы «Алаԥшҳәаа» ианылеит еиуеиԥшым аамҭақәа рзы акьыԥхь збахьаз ирҿиамҭақәа. Иара уажәгьы – убасҵәҟьа. Иазгәасҭарц сҭахуп, Алхас Чхамалиа ипублицистикатәи ижурналистикатәи рҿиараҿы ишуԥымло зыҩаӡара лаҟәу, иԥсыҽу, цқьа иҭҵаам, ус баша иҩу статиак, нҵамҭак. Иарбан темазаалакгьы ишьҭихуа, иубарҭоуп, зегьы бла ҵарыла дышрызнеиуа, дзыхцәажәо аобиект ибзианы ишидыруа.

Сара уажәы араҟа салагом Алхас Чхамалиа ишәҟә ҿыц иагәылалаз аилкаанҵақәа, астатиақәа уҳәа иалкааны рыхцәажәара, аха иазгәасҭарц сҭахуп акы – ашәҟәы ахаҭа ахьӡ ишаҳәо еиԥш, автор бла ҵарыла дрыхәаԥшуеит дзыхцәажәо, иааирԥшырц ииҭаху атемақәа. Ажурналист ҟаза, апублицист иаҩшәом ҳаамҭазы актуалра зҵоу еиуеиԥшым азҵаарақәа аԥсуа жәлар рдоуҳатә ԥсҭазаара, ркультура, рлитература, рҟазара уҳәа ирыдҳәалоу. Шаҟа аинтерес рыҵоузеи, шаҟагьы иарҳәозеи аԥхьаҩ, автор «иалԥшааны» дзыҿцәажәо ауаа нагақәа ражәа!
Алхас Чхамалиа ижурналистикатә усура иахьа акьыԥхь мацара иадҳәалам, акрааҵуеит иара уи аҳәаақәа дырҭысижьҭеи: акырӡа ишьақәцаланы инапахьы иааигахьеит аудионҵамҭақәеи авидеонҵамҭақәеи рыҟаҵара, иахьеи-уахеи аинтернет-саитқәеи асоциалтә ҳақәеи ирҭеиҵоит ҳаԥсуа жәлар ирыдҳәалоу, урҭ рдоуҳатә культура арҿиара иацхраауа, ҳпоетцәа, ҳашәҟәыҩҩцәа, ҳҵарауаа рырҿиамҭақәа ӡырызго еиуеиԥшым аинформациа.

Ҩынҩажәа шықәса ирҭысыз арҿиаҩы иахьа дахьынӡааихьоу иааишьа бзиоуп: зегьы еицгәарҭахьеит уи иҟаиҵо шыҟаҵоу, инапкымҭа шыцқьоу, аҭакԥхықәра шиныруа,
Сажәа хыркәшо иазгәасҭарц сҭахуп, Алхас Чхамалиа аҵыхәтәантәи ажәашықәса рыҩнуҵҟа иааиҵагылаз, абаҩхатәра злоу – арҿиараҿы, аҭҵаарадырраҿы зхатә цәаҩа змоу – абжьаратә абиԥара иаҵанакуа аҵарауаа, ажурналистцәа, апоетцәа дышреиуоу. Изеиӷьаҳшьап нас автор ирҿиаратә мҩаҿы аманшәалареи ақәҿиарақәеи!

Руслан ҚАПБА,
алитератураҭҵааҩ, акритик,
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Ҳаҭыр зқәу алахәыла,
Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩ.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me