Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image
Анарха змоу жәларуп арҿиаҩцәа, аҟазацәа дуқәа злиааз ажәлар. Уи аганахьала ҳарҭ аҧсуаа иҳамоуп гәадурала ҳазхыҽхәаша ашәҟәыҩҩцәа, асахьаҭыхҩцәа. Бла иабо, хы иаҧсоуп ҳәа шырҳәо еиҧш, лассы-лассы рырҿиара ҳагәылархалоит, ҳаблақәа дыргачамкуеит ҳсахьаҭыхҩцәа раҧҵамҭақәа. Аҟәа, асахьаҭыхҩцәа Рцәыргақәҵатә зал аҿы еиҿкаауп «Аҟәа – еснагь иҳацу аныҳәа» зыхьӡу ацәыргақәҵа. Уи еиҿылкааит аҟазара аҧсы ахьҭоу здыруа, арҿиара знапы алаку аҿар – агьама ҳаракы рылазааӡо, Ельвира Арсалиа.
Жәларбжьаратәи аӡбарҭа иаҭатәыз Ақырҭуа фашистцәа 1992-1993 шықәсқәа раан ҳауаажәлар зҭадыргылаз аҧсуа милаҭ ҳхатәы дгьылаҿ шьаҭанкыла ҳақәхны ҳ-Аҧсадгьыл ҧшӡа Анцәа иҳанаишьахьоу, ҳнырҵәаны ҳартәыртәырц шырҭаххаз сазааҭгылоит. Уаанӡа иаҳзыруқәахьаз азымхозшәа, ҳмилаҭ аҵәаҕәа ахьыршьырц иаҿыз ҳгәылацәа "хазынақәа". Аха ус егьа иҟазаргьы, "ажәа ахы мҳәакәа аҵыхәа узҳәом" ҳәа шырҳәо еиҧш, аибашьра аан ҳауаажәлар ирхыргаз хҭысқәак сырзааҭгыларц сҭахуп.
Ааигәа имҩаҧысыз Аҧсны Аминистрцәа Реилазаараҿы ақәҵара рыдыркылеит "Мызктәи ауалафахәы еиҵаӡоу ашәага-зага ашьақәыргыларазы". Ақәҵара апроект налгеит Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган. Мызктәи ауалафахәы еиҵаӡоу ашәага-зага шьақәыргылоуп 10 000 мааҭ рыла. Ақәҵара абри апункт иаҵанакӡом аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа, аҳәынҭқарратә напхгара аусбарҭақәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, абиуџьеттә усҳәарҭақәа, аиҿкаарақәа, Аҧсны абиуџьеттә система абиуџьетқәа рмалқәа рыла ҧарала еиқәдыршәауа. Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи Рминистрреи афинансқәа Рминистрреи…
Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба дырҧылеит Башкортосҭан аҟнытәи аҳақьымцәа – Ареспубликатәи ахәыҷтәы клиникатә хәышәтәырҭа анестезиологиеи ареанимациеи рыҟәша аиҳабы Русҭам Богданови Ареспубликатә клиникатә инфекциатә хәышәтәырҭа апедиатр-инфекционист Никита Трафимови. Аиҧылара далахәын иара убас Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәыниа.
Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ирыланаҳәоит 2022-2023-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла: 1. "Афольклорҭҵаара" 01.099 – 2 ҭыҧк; 2. "Аҧсны аҭоурых" (00.01) – 2 ҭыҧк; 3. "Аекономикеи жәлар рынхамҩа аусбареи" (00.05) – 2 ҭыҧк; 4. "Иаарту азинтә (аҳәынҭқарра-зинтә) ҭҵаарадыррақәа" – 1 ҭыҧк; 5. "Апатологиатә физиологиа" (03.03) – ҭыҧк (1). Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал…
Аҳкәажә лхыҧша Мрагылараҭҵааҩ, ҷыдала османтәи Мсыр XVI-XIX ашәышықәсақәа раан асоциалтәи, аполитикатәи, динлатәи аҿиареи аҭҵаара знапы алакыз аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, апрофессор Фериде Ацамба диижьҭеи 100 шықәса ҵит. Аҧсуа ҧхьаҩы иахьа уажәраанӡагьы инагӡаҵәҟьаны изымдыруа аҭоурыхҭҵааҩ Фериде Мысҭаф-иҧҳа Ацамба диит Аҷара иаҵанакуа Минда ақыҭан 1922 ш. ииун 28 рзы. Усҟан Баҭым араион иаҵанакуан, ашьҭахь ақалақь иатәхеит. Лҭаацәа Ангиса ақыҭахь ианиас, уа ашкол далгеит.…
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Сергеи Кириенко ииубилеи идиныҳәалеит.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me