Мшаҧы 20, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Жәларбжьаратәи аӡбарҭа иаҭатәыз Ақырҭуа фашистцәа

Жәларбжьаратәи аӡбарҭа  иаҭатәыз Ақырҭуа фашистцәа 1992-1993 шықәсқәа раан ҳауаажәлар зҭадыргылаз аҧсуа милаҭ ҳхатәы дгьылаҿ шьаҭанкыла ҳақәхны ҳ-Аҧсадгьыл ҧшӡа Анцәа иҳанаишьахьоу, ҳнырҵәаны ҳартәыртәырц шырҭаххаз сазааҭгылоит. Уаанӡа иаҳзыруқәахьаз азымхозшәа, ҳмилаҭ аҵәаҕәа ахьыршьырц иаҿыз ҳгәылацәа "хазынақәа". Аха ус егьа иҟазаргьы, "ажәа ахы мҳәакәа аҵыхәа узҳәом" ҳәа шырҳәо еиҧш, аибашьра аан ҳауаажәлар ирхыргаз хҭысқәак сырзааҭгыларц сҭахуп.

Иҧшӡоу зегьы ачычоит, Аҧсны аҧшӡаразы ажәытәтәи аимпериақәа раахыс араҟа имаацдаз! Убарҭ аимпериа дуқәа ирацлабны рҽаҳзыркит ақырҭцәа. СССР аҳәынҭқарра ду еилазыжьыз "архитекторцәа" ируаӡәкыз Е.Шаварднаӡе, аҳәынҭқарра ҵызшәаауаз хазы-хазы ицеит, Қырҭтәыла демократиатә республиканы аҟаҵаразы 1990 ш. октиабр 14  рзы президентс далырхит амҩадутәи адемократ, ашовинист З.Гамсахурдиа. Уаанӡа 1989 ш. иара хадара рзуны ианҳақәлаз ҳхашҭуа ҳаҟоума! Ҩышықәса ааҵхьан еиҧш адунеи иадыруа ауаҩы дахагылароуп Қырҭтәыла рҳәан "Абга шкәакәа" дааргеит. Уи иаагара хадара азыруан ҩыџьа аҕьычкәырцәа – ашәанцәа Џь.Иоселиани, Ҭ.Қиҭовани. Аҕьыч хада 1-тәи ихаҭыҧуаҩыс дҟаиҵеит, Қиҭовани ар реиҳабыс. Ажәакала, ауаа ықәызххьаз Қырҭтәыла иахагылеит, бзиарак шыҟамлозгьы уаҩы идырыртә иҟалеит. Абарҭ реиҧш иҟоу анапхгарахь иназгаз изхароу дара ақырҭуа жәлар роуп.

СССР анеиларыжь Борис Ельцин ихаан,  СНГ ҳәа еиҿыркааз Қырҭтәыла аламлаӡеит. Аахыҵ-Каваказтәи архәҭа-ду иҟаз аиҳабыс иахагылаз аинрал Патрикеев, зиндарыла СНГ иаламлаз ҵҩа змам абџьари ар ртехникеи Қырҭтәыла иеиҭеит. Убри аамҭаз Қырҭтәыла ахынҭа-ҩынҭарақәа цон, Гамсахурдиа дахьамырхыз азы Жәыргьыҭ дааны иҽыҵәахны агырцәа быжь-раионк иҟоу ақырҭцәа ирхымхәыцуа иҟаиҵеит, архәҭагьы еиҿыркааит 1000 бџьар шьҭырхит Лоҭе Қобалиа инапхгарала. Џь.Иоселиани ари еиҧш аус аниба (уаҩҵас еиҿкааз ар абарымаз), даалаган Қарҭи Русҭави  абахҭақәа ирҭакыз абаандаҩцәа ауаҩшьрақәеи аҕьычрақәеи рзы иҭакыз, уаҩы ихымхәыцуаз  аужьны агырцәа ирыжәиҵеит абџьар рыҭаны. Қырҭтәыла аграждантә еибашьра иалагеит. Џь. Иоселиани еиҿикааз архәҭа "мхедриони" ахьӡиҵеит, уи ахьӡ аҧсшәахь еиҭаҳгар "аҽыбҕаҟазацәа" аанагоит. Арҭ ацәгьоуцәа аҽқәа рааигәара имнеицыз, ахьӡ ириҭаз мацара зегь уанамҳәои… 1992 ш. ииульмза азы агырцәа ирықәланы ашьаарҵәыра иладыргылеит. 150-ҩык инареиҳаны агырцәа ҭадырхеит, 200 ҩны амца рыцраҵаны ирблит. Ари еиҧш "аихьӡара дуқәа" аныҟарҵа мхедрионаа, есқьынгьы рхаҧыц икылакыз аҧсуаа ҳахь рҿаархеит. Нанҳәамза 14 рзы, шьыжьымҭан Егры ацҳа иқәсны Аҧсны иалалеит. Зықьҩыла ақәылаҩцәа ртанкқәа ирықәтәаны. Ҳналадыргылеит аҧсуаа ҳџьынџьтәылатә еибашьра. Аҧсны аҩныҵҟатәи аполк еиҿкааз иалаз 21-ҩык Гали Очамчыреи рҳәааҿы Охәреи аӡаҿы игылаз Хә.Бганбеи Л.Наҷҟьебиеи напхгара ззыруаз рытҟәеит. Очамчыра араион ахада Игор Гәыргәлиа дахьаакылсыз – уигьы ддырбаандаҩит. Абас ала, ақырҭуа фашистцәа аҧсуаа ҳџьынџь еибашьра ҳналаргалеит.

Сталини Бериеи ақырҭцәеи агырцәеи ааганы иҳаландырхахьаз, атанкқәа ирықәтәаны иаауаз ақәылаҩцәа ашәҭқәа рыҵарыҧсон, рашьцәа гыртәыла инхоз ирзырухьаз шырдыруазгьы, ашьабааҧс злоу ианагь ахәымгара ҟаимҵои! Аимпериа ду аҧсуаа ҳадгьыл иазааргахьаз уамашәа иумбар залшома! Амилаҭқәа ааганы иҳаландырхахьан уаанӡагьы. Хыхь ишазгәаҭаз ашәҭқәа атанкқәа ирыҵазыҧсоз иреиуан Араду ақыҭан иааганы иҳаландырхаз, Дәҩана аҳаблаҿ 400 ҭӡы ахьеиландырхаз, аҳабла ахьӡ ҧсахны дара ихырҵәаны иахьааргаз, уа иахьынхоз Цагера ахьӡырҵеит, аӡиас рыҵаҟа ииасуа Цхенис ҵҟали ахьӡырҵеит. Ақырҭуа хьӡы иарҭаз ахыхуп, аха иара ажәытәтәи ахьӡ амаӡамкәа ус иаанханы иҟоуп иахьанӡа. Абарҭ аҿыцнхацәа цагераа ҳәа зхы зыҧхьаӡоз ақәылаҩцәа иааз иреицәаны рхы аадырҧшит. Иаазгьы даргьы ҳаибашьцәеи аҭынчуааи шәҩыла иршьит. Аӡиас нырцә  аҧсуа қыҭа хәыҷы Лашькьындар  инхон аҧсуаа 112 ҭӡы, 5-ҩнык рыда егьырҭ зегь рыҩнқәа амца рыцраҵаны ирблит, 12-ҩык аҭынчуаа зыҩны иҟаз аадәылганы иршьит. Иршьқәаз рхыҧхьаӡараҿ дыҟоуп 60 ш. зхыҵуаз Ашба Автандил Езаарбеи-иҧа, Очамчыра автотранспорттә наплакы аҟны аус зуаз. Цагераа ргыгшәыграқәа шҽеим анраҧҽниҳәа дыкны дрыманы ицан, дара ахьеиланхоз аҳабла агәаҿы, Бериа ихаан еиҭарҳаз аевкалипт ҵла ду аҟны ихәда ашаха ахаҵаны дыкнарҳаит, дхәырны дшыҧсхьазгьы автоматлагьы иеихсит, абас аҧсышьацәгьа ирҭеит.

Аибашьраҿ аибашьцәа ҭахоит, ҳәарада, аха  жәларбжьаратәи ақәҵара Женеватәи аконвенциа ишаҳәо ала аҭынчуаа ирыламкьысроуп. Ус еиҧш иҟоу ақәҵара ныҟәызго аҵареи адырреи змоу  роуп. Абаандаҩы доужьны хылаҧшра зырымҭаз агыгшәыгра амҩа данылоит, ҳәарада. Арҭ иааз ақәылаҩцәа аоккупациа рзыруит Очамчыреи, Аҟәеи, Гагреи. Очамчыра араион ҧшь-қыҭак – аҧсуа қыҭақәа Лашькьындар, Тамшь, Кындыҕ, Аӡҩыбжьа, Баслахә аҳабла, Маркәыла аҳабла, Ҭоумышь аҳабла, Аҭара аҳабла, аерманцәа ауп иаҳәо, дара шҿыцнхацәазгьы, адгьыл ҳара иаҳтәуп ҳәа иаақәгылеит. 1948-1949 ш.ш рзы Имереҭиантәи иааз ауаа: Баслиӡе Иаша иҷкәынцәеи иареи, Ҟурашвили Мухран, Мушкудиани Тото, убас жәаҩыла аҧсуаа баны иаанымхоз ашовинистцәа. Абыргцәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи рахьтә иаҧсуаны иаарбоз рызынтәык ршьуан: 66 ш. зхыҵуаз, Ианкәа Қарчаа, ҭаацәала иршьқәаз: Габуниа Гьаргь, иҧшәмаҧҳәыс Марина, аҩыџьагьы быргцәан, рыҷкәын Шьоҭа, иҧшәа Галина, аҷкәын аиҵбы Борис, рыҩны ишыцәаз инарықәлан рыхәдақәа хыҵәҵәаны рыҩны амца ацраҵаны ицеит. Џьыкырба Валикәеи, иҧшәма Лиудеи, рыҷкәынцәа хәыҷқәа Руслани Алхаси рыҩны иршьит, Алхас хәыҷы иани, иаби, иашьеи шыршьыз аниба, астол аҵаҟа дыҵалазаап, убрантәи дааҵган ауп дшыршьыз, еиҭа ҩыџьа ахәыҷқәа ирымаз Томаси Есмеи ранду лҿы Аираа рахь иҟан, Оҭҳара ақыҭан, убри еиқәнархеит. Хмелевскиаа рҭаацәа аҧсуаа иахьрыдгылоз азы 4-ҩык ршьит: Владимир, Валентина, Станислав, Надежда. Зынӡа Аӡҩыбжьа ақыҭаҿ иршьит 31-ҩык ауаҧсыра, иара убас 79 ҩны рмазарақәа зегь шыҩнагылаз ирблит. иаҳбеит. Абыргцәа ҳаҧшьҩыкгьы иаҳҳәо ҳҿамшәо ҳашгылаз, иааиз алақәа руаӡәк даарылҵын, ирхианы имаз абензин ҳаҩны иныҩнеиҭәан, ҳала ишабоз ҧхӡашала иҳаргылаз рблит, дад. Ҳгәылацәа иаҳдыруаз Кындыҕтәи аҿыцнхацәа хҩык ачарҳәаҩцәа, рыцын", – ҳәа сеиҳәеит зхы-згәы каҳаны иҟаз абырг. Сара игәы сырҕәҕәарц, егьа ахьанҭара бааҧс ҳақәдыршәазаргьы, аиааира ҳара иаҳгоит, ҳәа иаҳәаны имаҳә иахь амҩа дықәысҵеит. Уижьҭеи, абар, 30 шықәса шҵхьоугьы, абыржәгьы сыла дыхгылоуп убри абырг. Тамшь ақыҭан зынӡа аҭынчуаа 28- ҩык ршьит, 7- ҩык ауааҧсыра хабарда ибжьадырӡит, 197-ҩык рыҩнқәа рблит.

Аҧсуа еибашьцәеи ақырҭуа еибашьцәеи шеиҧшымыз, иара убас ранацәагьы еиҧшымызт еилкаарыла. Реиҧшымра ҵаҟа ианысҵоит хҭыск, иҳанаҳәогьы оумоуп. Ақәылаҩцәа амал азы еибашьуан, изқәылаз ауааҧсыра рыҧсадгьыл рыхьчон… Мыркәылатәи абаталион иақәлеит ақырҭцәа ашықәс ҿыц аламҭалаз. Аҧсны афырхаҵа Лакәыт Зарандиа  инапхгарала ирықәлаз ҟәыбаса иқәырҵеит. 5-танкк ааха ҕәҕәа рыҭаны иргеит. Иҭадырхаз ирҷыданы  5-ҩык ртәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ, аполковник Карло Каландаӡе иҷкәыни иареи, даҽа 3-ҩык аофицерцәеи дырбаандаҩит. Иҭахақәаз ақырҭцәа Мрагыларатәи афронт Мыркәылатәи ахырхарҭаҿ еибашьуан. Ргәыҧ иахьӡын "Белые колготки", урҭгьы аҧаразы еибашьуаз ҳәсақәан.

1993 ш.  сентиабр 27 рзы  Аҟәа иаакәыршаны амацәаз иҭакны ирыман аҧсуаа ҳаибашьцәа, ақалақь агәҭа ааныркылахьан, ацҳа ҟаҧшь инаркны Кьалашәыр аӡиас аҟынӡа имнеицызт. Баҕбаран ала ашьхантә илбаауаз амҩаду ааныркылеит ҳаибашьцәа. Аҟәа ацхыраараз Маҷарантәи ар ртехника иаауаз, аҧхьа игылаз амашьына дҭатәазаарын аинрал Геннади Адамиа. Амҩаду аанкыланы измаз ҳаибашьцәа, иаауаз аҕацәа ирҿаланы, аҧхьа иаауаз амашьына иҭатәаз аенралгьы, ихылаҧшуазгьы ишьит "Агәымшәараз" амедал занашьоу Ҭемыр Кәабахьиа, иаргьы убраҟа дырхәит. Иаауаз атехника рышьҭахьҟа имгьыжьыр ада ҧсыхәа рырымҭеит. Аҟәа аныргоз ҳаибашьцәа, Шаварднаӡе дааны дыҟан, иеибашьцәа ргәы ирҕәҕәарц, аха егьрылдмыршеит, ҳаибашьцәа гәымшәақәа. Ҳаибашьцәа Аҟәа ақалақь агәҭа анааныркыла артиллериа аиҳабы, Аҧсны афырхаҵа Аслан Кәабахьиеи, аштаб аиҳабы, Леон иорден занашьоу Заур Арӡынбеи, амшын баҕәаза аӡы иӡыхгылоу хыхь ахыб иқәтәаны иҧшыхәуан бинокльла, алахысразы. Убри аамҭаз, ҳабџьармчқәа рминистр, Аҧсны Афырхаҵа Сулҭан Сосналиев рациала адырра ииҭеит А.Кәабахьиа, аамҭала ахысра ааныркыларц. Аурыс афицер ихәны иҟоу далыргарц рҭахуп вертолиотла, ПВО ҳәа иахьашьҭаз асанаториа аҿынтәи. А.Кәабахьиа идҵала ахысра анааныркыла, авертолиот ааин асанаториа ашьҭахь аҟәараҿы иаатәан, ҩыџьа ауаа имахәарқәа иаҵагыланы авертолиот дынҭадыртәеит дхышӡа Шеварднадӡе. Аслани Заури раҧхьа игылоушәа акәын ишырбоз. Аслан иаразнак Сосналиев адырра ииҭеит амц ижьаны "абга шкәакәа" дшалыргаз. Ельцин аҳәара иҟаиҵаз ала акәзаап амшын Еиқәа акомандаҟаҵаҩ, адмирал Балтин  дшалигаз. Сааҭқәак ракәын игыз итҟәаразы. Аҧсра амҩа дшангылаз аниба, дшәаҟьаны данцоз ичамадан хәыҷы иаанижьыз, уа аус зуаз аурыс ҳәсақәа иаартны ианҭаҧшы, ҵаҟатәи ицәамаҭәақәа иҟьашьны иҭан. Уахь дахьцоз игар адмирал афҩы иаҳауеит ҳәа акәхап изаанижьыз!

Сентиабр 29 рзы, ҳџьынџьтәылатә еибашьраан аҭоурых иахамышҭуа ахҭыс ҟалеит Кәыдрытәи ацҳаҿ – аанкылашьа змамкәа аҕацәа ицҟьа иқәызҵаз Гәымсҭатәи мрагыларатәи афронтқәа реиҧылара. Ари ҳаибашьра аҭоурых аҿы аҭыҧ ду аанызкыло хҭысны иҟалеит. Арҭ, зымчқәа еилазҵаз архәҭақәа, ишәаҟьаны ицоз ақырҭуа еибашьцәеи, ара иҳаланхоз, ҳахзырҵәоз, доусы ишрылшоз ала еибарыҩны Егры ацҳа иқәсны рџьынџь дгьыл ахь ицеит. сентиабр 30 рзы Егры аҳәааҿы ҳгәымшәақәа ҳбираҟ шәыршәыруа иахадыргылеит. Абра иазгәаҭатәуп, ҳаибашьцәа аҳәаа иахысны Гыртәыла абжаранӡа ишнеиз. Ҳҳәынҭқарра ар  ркомандаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынба убас иҳәеит: "Ҳара ҳадгьыл ҿаҵакгьы аӡәгьы иаҳҭом, атәым дгьылгьы ҳҭахӡам". Излаҟаз аасҭа еиҳаны зхы зыҧхьаӡоз амилаҭ, ҳатәамбакәа ианҳабашь изабашьуаз аҧсуаа аҭоурых иахамышҭуа, хьмыӡҕы бааҧсыла иаҵадырхеит. Иахьа ҳара ҳмилаҭ  хыҧхьаӡарала ирацәамзаргьы, ихьыҧшым аҳәынҭқарра ҳамоуп аибашьраҿ иаҳгаз аиааира иабзоураны. Ҳхатәы дгьыл аҿы ҳаҧшәымацәаны ҳаанхоит наунагӡа. Мраҭашәарахьтәи аҳәынҭқаррақәа "друзья Грузии" ҳәа усҟан изышьҭаз,  иахьагьы ирыдгыло ирдыруоу арҭ шуаам, ишгыгшәыгқәоу?


Аполлон Думаа,

аибашьра аветеран, Леон Иорден занашьоу

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me