Мшаҧы 20, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Адныҳәалара Сергеи Кириенко иахь

 

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Сергеи Кириенко ииубилеи идиныҳәалеит.

"Еиуеиҧшым аҳәынҭқарратә ҭыҧқәа рҟны шәусурала, Шәара хәызмаӡам алагаламҭа ҟашәҵеит Урыстәыла аҳәынҭқарра арҕәҕәараҿы. Шәзанааҭдырра ҳаракы ала, азҵаарақәа рганахьала шәдырра ҵаулақәа рыла, Шәара Урыстәылатәи Афедерациа аҟны аиҧш, убас уи анҭыҵгьы шәҩызцәа рыбжьара аҳаҭыр ду шәоуит. Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы ахә ҳаракы иршьоит Аҧсни Урыстәылеи рҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиара аус шәалахәра. Шәара шәахьиз Аҧсны еснагь еигәырҕьоит сас дахьк иаҳасабала шәбара", –  иазгәаҭоуп адныҳәалараҿы. Бжьаниа Сергеи Кириенко изеиҕьишьеит агәабзиара ҕәҕәа, аусураҿы ақәҿиарақәа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me