Аҟәа – асахьаҭыхҩцәа рыблала

Анарха змоу жәларуп арҿиаҩцәа, аҟазацәа дуқәа злиааз ажәлар. Уи аганахьала ҳарҭ аҧсуаа иҳамоуп гәадурала ҳазхыҽхәаша ашәҟәыҩҩцәа, асахьаҭыхҩцәа. Бла иабо, хы иаҧсоуп ҳәа шырҳәо еиҧш, лассы-лассы рырҿиара ҳагәылархалоит, ҳаблақәа дыргачамкуеит ҳсахьаҭыхҩцәа раҧҵамҭақәа.

Аҟәа, асахьаҭыхҩцәа Рцәыргақәҵатә зал аҿы еиҿкаауп «Аҟәа – еснагь иҳацу аныҳәа» зыхьӡу ацәыргақәҵа. Уи еиҿылкааит аҟазара аҧсы ахьҭоу здыруа, арҿиара знапы алаку аҿар – агьама ҳаракы рылазааӡо, Ельвира Арсалиа.

Маҷк, ари ацәыргақәҵа аҭоурых. Ацәыргақәҵа «Аҟәа – еснагь иҳацу аныҳәа» аҧҵан 2020 шықәсазы Аҧсны асахьаҭыхцәа Реидгылеи, акуратор Ельвира Арсалиеи (Ацәыргақәҵатә зал аиҵабыҭ рнапхгарала. Усҟан ицәыргақәҵан 49 усумҭа. Урҭ зегьы ҳаҳҭны-қалақь Аҟәа иазкуп. Аҧсны анҭыҵгьы зыӡбахә наҩхьоу ҳсахьаҭыхҩцәа рқыцә иҵырхит Аҟәа ахаҿсахьақәа.

Сынтәа ари ацәыргақәҵа аиҿкаараз ацхыраара ҟарҵеит Аҟәа ақалақь ахадара. Идыруп, ҳақалақь есааира ахаҿра аҧсахуеит, аамҭа цацыҧхьаӡа ирызҳауеит аргылара ҿыцқәа. Ҳақалақь архитектуратә баҟақәа рхаҿра, рыхазынара аарҧшра ауп арҭ аҭыхымҭақәа рхықәкы.

Иага аамҭа царгьы, иага ҧсахра ҟаларгьы еиҵагыло абиҧарақәа рзы арҭ асахьақәа хәы змаӡам хеиҭаҳәагоуп.

Ацәыргәҵаҿы асахьаҭыхҩцәа Реидгыла анапхгаҩы Витали Џьениа иазгәеиҭеит: «Аҟәа иазку, аҭоурых инарҵауланы адырразы ҳара аҭынха ду ҳзаанижьит Анзор Агәмаа ишәҟәы ала».

«Иахьатәи ацәыргақәҵа уаанӡатәиқәа излареиҧшым, уажәы аҟазареи, анаукеи, атехнологиеи еидаҳкылеит». Иҟалалоит убасеиҧш, ҳҵарауаа, аҭоурыхҭҵааҩцәа рыҭҵаарақәа аныҟарҵо, архитектуратә баҟақәа ирызку, ҳсахьаҭыхҩцәа раҧҵамҭақәа цхыраагӡас ианырзыҟало», – лҳәеит ацәыргақәҵатә зал аиҳабы.

Аҟазара ду Анцәа иҟынтә иулазароуп ҳақалақь ҧшӡа, ҳархитектуратә ргыларақәа рхаҿра, рыхазынарақәа инҭкааны иааурҧшырц азы, уи рылдыршеит ҳсахьаҭыхҩцәа.

Ахәаҧшцәа рыбла хызкуаз ируакуп Лаша Габелиа иҭыхымҭа «Амратә Аҟәа». Араҟа еилаӡҩоуп амшын, ашәаҧыџьаҧ, еиҭаҳәашьак змам аргыламҭақәа рыҧшӡара. «Ахәылҧазтәи Аҟәа» ахьӡуп егьи иҭыхымҭа ссир. Борис Ашәба иусумҭақәа «Ахәыҷра иатәу аҵых лаша», «Амрахь», Виссарион Ҵәыџьба иҭыхымҭа «Амра» аҟынтәи асахьа», Андриан Амҧар «Амаланыҟәаҩ гәымшәа лцәырҵра», Екатерина Гускова – «Ажәытә Аҟәа», Анна Лиубосеи – «Сықалақь аҟны иҟоу иҭынчу аҵых», Оксана Барзаниа – «Ажәытә Аҟәа», Агнесса Лакоба – «Аҟәа», Мадина Бигәаа – «Синоп», Лиудмила Будиак – «Маиак», Мактина Ҵәыџьба – «Ақалақьтә пеизаж». Аҭыхымҭақәа жәпакы ирымоуп рхатәы кодқәа. Ахәаҧшҩы илшоит архитектуратә ргыларақәа, ҳамҩадуқәа рҭоурых аилкаара.

Иазгәаҭатәуп, ацәыргақәҵа аҭааҩцәа иаархәарц рылшоит ргәы иалнахыз аҭыхымҭақәа. Ацәыргақәҵа збарц зҭаххо рзы, уи аус ауеит август анҵәамҭазынӡа.


Наира Сабекиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me