Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Башкириатәи аҳақьымцәа – мызкы

Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба дырҧылеит Башкортосҭан аҟнытәи аҳақьымцәа – Ареспубликатәи ахәыҷтәы клиникатә хәышәтәырҭа анестезиологиеи ареанимациеи рыҟәша аиҳабы Русҭам Богданови Ареспубликатә клиникатә инфекциатә хәышәтәырҭа апедиатр-инфекционист Никита Трафимови. Аиҧылара далахәын иара убас Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәыниа.

Агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, аҳақьымцәа ахьазымхауа аҟнытә иҟарҵаз аҳәарала Башкириатәи аҳақьымцәа мызкы аус руеит Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы. "Урыстәыла агәабзиарахьчара Аминистрреи, Башкортосҭан анапхгареи, шәара шәмедицинатә усҳәарҭақәеи ҭабуп ҳәа расҳәоит ацхырааразы шәахьаҳзаарышьҭыз", – иазгәеиҭеит Едуард Быҭәба. Уи иаҵишьит Аҧсны акадрқәа шазымхауа, иаҳараӡак ареаниматологцәеи аинфекционистцәеи. Иара убас уи иазгәеиҭеит ацхыраара анаҩсангьы Башкириатәи аҳақьымцәа рҧышәа шрымардо аҧсуа ҳақьымцәа. "Ҳара ҳзы ари аҧышәа акырӡа иаҧсоуп. Иаҳҭахуп ҳтәылаҿы ацхыраара ласы амаҵзура напык аҟны иҟаларц, ҳтәылауаа иҵегьы хырҳарала ацхыраара раҳҭаларц азы. Шәара шәабжьгарақәа ҳара ҳзы даара ихәарҭоуп", – иазгәеиҭеит аминистр. Сентиабр азы абарҭ аҳақьымцәа рҭыҧан Аҧсныҟа иаауеит егьырҭ аспециалистцәа. 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me