Мшаҧы 24, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Мрагылараҭҵааҩ, апрофессор Фериде Ацамба диижьҭеи 100 шықәса ҵит.

Аҳкәажә лхыҧша

Мрагылараҭҵааҩ, ҷыдала османтәи Мсыр XVI-XIX  ашәышықәсақәа раан асоциалтәи, аполитикатәи, динлатәи аҿиареи аҭҵаара знапы алакыз аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, апрофессор Фериде Ацамба диижьҭеи 100 шықәса ҵит.

Аҧсуа ҧхьаҩы иахьа уажәраанӡагьы инагӡаҵәҟьаны изымдыруа аҭоурыхҭҵааҩ Фериде Мысҭаф-иҧҳа Ацамба диит Аҷара иаҵанакуа Минда ақыҭан 1922 ш. ииун 28 рзы. Усҟан Баҭым араион иаҵанакуан, ашьҭахь ақалақь иатәхеит. Лҭаацәа Ангиса ақыҭахь ианиас, уа ашкол далгеит. 1950 ш. рзы Москватәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет далгеит. Иара уа 1954 ш. рзы аспирантура хыркәшаны аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа адиссертациа лыхьчеит. Лтема иахьӡын: "Мсыр аусуцәа ркласс ашьақәгылареи аекономикатә ҭагылазаашьеи (1914-1952)".

Дызусҭадаз, нас, Фериде Ацамба?

Аҵарауаҩи сареи ҳаибадырит 2009 ш. сентиабр азы, аус ахьылуаз аинститут аҟны. Заа ҭелла ҳазлеицәажәахьаз ала, лусурҭаҿы дысзыҧшын.

Аметро Охотный ряд  аанҿасырҭаҿы сынҭыҵын, хыхь сыҩхалеит. Маховая  амҩала сҿынасхеит. Асасааирҭа "Националь" нахыс зынӡа иааигәан. Амра каххаа иҧхон. Арҕьарахьтәи аган ала сышнеиуаз снадгылеит М.Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет иаҵанакуа Азиеи Африкеи ртәылақәа ринститут. Аҩналарҭа ашә аартны ашәхымс сынхыҵит. Ахылаҧшҩы сзызнеиз аниасҳәа, ихы-иҿы аччаҧшь нықәлеит, амҩагьы насиҭеит.

Амардуан снаҿалан ахҧатәи аихагыла аҟынӡа санхала, ауадақәа иркыдҩылаз аномерқәа срыхәаҧшуа сышнеиуаз 323-тәи снадгылеит. Ашә снасын, иаартны сныҩналеит. Ахьышәҭҳәа дҩасхаҵгылеит зҭыҧаҿ итәаз Фериде Мысҭаф-иҧҳа. Аҧсшәа неибаҳҳәан ҳнеибартәеит.

Аҧсуа аамсҭа хылҵшьҭра еиуаз аҳкәажә, лҭоурых ашәышықәсақәа ишрыларсу мҩашьауа, лыҧшра-лсахьа, леиҿартәышьа, лҭеиҭыҧш, лцәажәашьа ухырхуан. Лхатәы бызшәа хәанчарак аҵамкәан, хрыжь-хрыжь, игәырҧсҳәаганы слымҳа иҭаҩуан.

Акыр аҭоурых хҭысқәа ирхаану, илхылгахьоу лышьҭахьҟа иааныжьны, лҽаҵамырхакәа дааиуан.

Ф.Ацамба, лахьынҵала, лыҧсадгьыл аҟны дмиӡеит, дамааӡеит, аха  мшаҽнеиҧш, лаҧсуара еиқәырханы иаалгон, дахьыҟазаалакгьы уи дазгәдуны далацәажәон, лыкәша-мыкәша иҟаз ирзеиҭалҳәон. Хаҭала лабшьҭра рҭоурых ега ихьанҭазаргьы, арыцҳарақәа ацзаргьы, Ацамбақәа рхы еиқәдырхеит, хьӡы-ҧшалагьы инхон-инҵуан. Фериде лабшьҭра Аҧснытәи Ацанбақәа ирхылҵшьҭроуп, XIX ашә. 70-тәи ашықәсқәа раан иахьатәи Гагра араион Цандрыҧшь ақыҭа аҟнытә ахҵәара зықәшәаз Ацанбақәа рахьтә лара лабдуцәа – аишьцәа хҩык ыҟан, ҩыџьа – Орҷыҟәи (Иақәыҧ) Мамеҭи ааӡаб рыхганы Аҷара инанагеит. Ахҧатәи рашьа ихьӡ лгәалашәомызт. Излалаҳахьаз ала, иашьцәеи иареи еицәыхҟьеит, Аҧсны даанхеит, аха изеибамбаӡакәа рдунеи рыҧсахит. Аҧснытәи рашьа имаҭа Татиана Ацамба Аҷандара дынхон, Царгәышаа дырҭацан, лхаҭа ашкол аҟны анемец бызшәа длырҵон.

Аҷара ҿыц зхәышҭаарақәа еиҿазкыз Ацамба ҳәа ашәҟәы иҭагалахазаргьы, Ацанбақәа ишреиуаз шьахәла илдыруан.

Фериде лабду Орҷыҟә ҧазаҵәык диман, Мысҭаф ихьӡын. Орҷыҟә иашьа Мамеҭ ҩыџьа аҧацәа ихшеит (Орҷыҟәи Мамеҭи), 12-13 шықәса анырхыҵуаз раби рани рыҧсҭазаара иалҵит.

Минда ақыҭан ииз Фериде агәыларатәи ақыҭа Ангиса ф-класск дрылгеит (уа инхон лаб иашьа иҭаацәара). Ашьҭахь Баҭымтәи арҵаҩратә ҵараиурҭа №2 аҟны аҵара лҵон. Уи нахыс Баҭымтәи (ҩышықәсатәи) арҵаҩратә институт далгеит. 1940 ш. акәзар, М.Ломоносов ихьӡ зху Москватәи ауниверситет аҭоурыхтә факультет дҭалеит.

Фериде хҩык аишьцәа лыман: Аҳмеҭ, Азиз, Ҳасан. Аҳмеҭ 1941 ш. Москватәи ауниверситет агеографиатә факультет далгеит, Азиз иакәзар, архитектуратә институт аҟны иҵара хиркәшеит.

1941 ш. Фериде Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа лыхьӡеит. Лашьцәа аҩыџьагьы рҩызцәеи дареи Аҧсадгьыл ахьчара ицеит. Аҳмеҭ – 1941 ш. дҭахеит Словакиа, Азиз – 1943 ш. Керч ааигәара хабарда дыбжьаӡит.

Аибашьра анҵысы Фериде лҩызцәеи лареи амедиаҳәшьа ркурсқәа ирхысырц рыӡбеит. Аха иаалырҟьаны лара дычмазаҩхеит, ҩымз ахәышәтәырҭаҿы дышьҭан. Лгәабзиара анеиҕьха лашьа Ҳасан Баҭымҟа дигеит. Ҳасангьы Москва, КПСС Ацентр Комитет иреиҳау Апартиатә школ дҭан. 1941 ш. Аҧсныҟа – Очамчыраҟа даарышьҭит. Апартиа араионтә комитет аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩыс аус иуан, нас Гәдоуҭаҟа диаргеит.

Шықәсқәак рышьҭахь Ҳасан Баҭымҟа дхынҳәуеит. Араҟа амшын ҕбарныҟәаратә ҵараиурҭа аиҳабы аполитикатә хәҭазы ихаҭыҧуаҩс дыҟан. Уи нахысгьы баҭым еиуеиҧшым аусхкқәа рҟны анапхгаратә маҵурақәа дырхагылан. Иҧшәмаҧҳәыс Қсениа Семион-иҧҳа Кәасиа Очамчыра араион Тамшь ақыҭа деиуан.

Фериде лашьа дицны Баҭымҟа данца аус луан апартиа Баҭымтәи араиком аҟны, 1946 ш. декабр 13 рзынӡа. Ари амш лгәалашәараҿы иаанханы иҟан избанзар ҩаҧхьа Москваҟа дхынҳәыртә аҭагылазаашьа лоуит Аиааира ду иабзоураны. Лзанааҭ ала лҵара ду хлыркәшеит.

Даара ибзианы аҵара ахьылҵоз ҳасаб азуны иреиҳау аҵараиурҭаҿы даанрыжьуеит, аспирантурагьы дҭалоит. 1953 ш. қәҿиарала аспирантура хлыркәшеит, убри нахыс астудентцәа аҭоурых дырзаҧхьон. 1956 ш. Москватәи аҳәынҭуниверситет аҭоурыхтә факультет мрагыларатәи аҟәшеи афилологиатә факультет мрагыларатәи аҟәшеи еидырҵеит. 1975 ш. акәзар, Азиеи Африкеи ртәылақәа ринститут акәны еиҿкаахеит. Аханатә еиҧш Фериде Ацамба ари аҵараиурҭаҿы аус луан, ззанааҭ иазҟазаз аҿар еиҵалааӡон.

Фериде Мысҭаф-иҧҳа лхаҭа 10 ш. лхыҵуан лаб иҧсҭазаара даналҵыз. Лан есма Хәсеин-иҧҳа Арсиа хылҵшьҭрала Аҧсны, Очамчыра араион Мыркәыла ақыҭа деиуан, 105 ш. нылҵит.

Ҵабыргуп, Фериде лашьцәеи лареи ақырҭуа школ иалгеит, аха аҩнаҭаҿы раби рани аҧсышәала иахьрацәажәоз иабзоураны рхатәы бызшәа рхадмыршҭит, рбызшәала ибзиангьы ицәажәон.

Ҳаицәажәараан Фериде илгәалалыршәеит – Кахабери зыхьӡыз қыҭсоветк еиднакылон быжь-қыҭак. Дара рқыҭаҿ инхон: Аграа, Шьануаа, Ҷыҭанаа, Қәҭелиаа, Арсиаа, Ҳаџьымаа, Ажьиаа, Чазмаа, Ҷолокәуаа, Чыргаа, иаҧсуааны зхы зыҧхьаӡоз Абабико (Африкантә Аҧсныҟа иаанагахьаз рхылҵшьҭра еиуаз) уҳәа егьырҭгьы.

Ашкол аҟны, Фериде излалгәалашәоз ала, амилаҭ еилаҧсан, еиуеиҧшымыз абызшәақәа уаҳауан. Аҷараа реиҧш, уа иҟан аҧсуаа, аҭырқәцәа, аерманцәа, ақәырдцәа, абырзенцәа, аџьамцәа, азербеиџьанцәа, аурысқәа. Амилаҭеилаҧса адәахьы еицәажәагас ирыман аҭырқәшәа. Фериде лхаҭа аҧсшәеиҧш аҭырқәшәагьы ибзианы илдыруан.

Аҵарауаҩ ес-ҧхынра Аҷараҟа дцалон. Уа инхон лаб иашьа иҧацәа: Аслани мураҭи. Аслан ихшара ыҟоуп, аха Мураҭ дҭаацәарахаанӡа иҧсҭазаара дахьалҵыз хьааны лгәаҵа иҭан. Ацамбақәеи Арсиааи даараӡа илызгәакьаны илбон, ҷыдала дырзыҟан. Лаб иҩнаҭа дахын лашьа Ҳасан иҧа Алеқсандр, данырҭаауаз ари аҩнаҭаҿоуп дахьаангылозгьы.

Аҧсны аӡбахә анаацәырылгоз лхы-лҿы аччаҧшь нықәххуан. Лажәа ишалалҵоз еиҧш, лыбла ихгылон раҧхьаӡа ианылба амш, 1945 шықәсазы акәын. Ахаангьы хашҭра лзақәымкәа игәнылкылеит. Усҟан дымҩасны дцон, аха аҩынтәраан – лашьа дылбарц Гәдоуҭа днеит 1946 шықәсазы. Ашьҭахь, акыр ихьшәаны, 1961 ш., нас – 1977-1978 ш ш. раан даҭаахьан Аҧсны, еиҳаракгьы Гагра, Ерасҭа Қапба иҭаацәараҿы даангылон (урҭ аиуара рыбжьан). Фериде лыбла иаахгылалоз ахҭысқәа иреиуоуп 1937 шықәса иаҵанакуа. Усҟан аҧсуа шәҟәыҩҩцәа рделегациа Аҷара инеит. Лара ашкол дҭан, лыхцәы ҧаны, иауны илықәын, дқәыҧшӡан. Аиҧыларақәа руак аан ларгьы далахәын, ашәҟәыҩҩцәа рҿаҧхьа лыбжьы ҭганы ажәеинраала даҧхьеит.

Уаанӡагьы, уи ашьҭахьгьы Аҧсны ҷыдала дазыҟан Фериде Мысҭаф-иҧҳа. Оумакала бзиа илбоз, аха макьанагьы лара лзы рацәак иаартымыз, инагӡаны дызгәыламҧшыцыз, еиҭаҳәашьа змам дунеи ссирк илзаҩызан. Лгәы иахьынӡаҭахыз лдац-лҧашә ахьаларсу лыҧсадгьыл лбартә, еиҳагьы агәыблра лкыртә аамҭа ҳазшаз илаҭәеимшьацызт. Аха усҟан, зықәрахь инеихьаз абырг лзы - лыбзиабара мыцхәы ҭаха лнамҭо далагар, ихьаалгацәар, лгәабзиара ианыҧшыр ҳәа дацәшәон.

Фериде Ацамба даара хьаас ишьҭылхит Аҧсны аибашьра анҵысы, лцәа дҭанарӡыӡон аҧсҭбарақәа. Аха уи зегьы ашьҭахьҟа иааныжьны, аҧхьаҟа Аҧсны абзиара азҧшызарц ҳазшаз диҳәон. Лассы-лассы Аҧсныҟа дышзымаауазгьы, иахьеи-уахеи аӡбахә лаҩлыршәомызт, еснагь дазҿлымҳан. Убри акәхап изыбзоуразгьы дахьырзааигәаз, аимадара ахьрыбжьаз Нури Акаба, Баграт Шьынқәба, Гьаргь Гәлиа, Ҳазараҭ Аргәын, Фазил Искандер, Тарас Шамба, Гьаргь Аҟалҕьба, Денис Чачхалиа, Игор Ахба уҳәа аӡәырҩы.

Аҧсуак дылбацыҧхьаӡа Аҧсны лбазшәа дааҟалон.

Фериде Ацамба Москва иҭыҵхьоу еиуеиҧшым аизгақәа 35 инареиҳаны лыҭҵааратә усумҭақәа ргәылоуп, 30 инареиҳаны аҵара-методикатә ҟазшьа змоу аколлективтә монографиақәа авторцәа дреиуоуп.

Еиҵалааӡаз аҿарацәа рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп  аҧсуаагьы.

Аҵарауаҩ лааҧсарақәа рыхә ҳаракны иршьон дызлагылаз, аус зцылуаз, ҳаҭыр дугьы лықәын. 2005 ш. ииуль 18 рзы Урыстәыла Апрезидент инапы зҵаиҩыз Аусҧҟа ала иланашьан аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Аиҩызара аорден", иара убас "Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳау апрофессионалтә ҵара ҳаҭыр зқәу аусзуҩы" ҳәа ахьӡ лыхҵан (2012).

Фериде Мысҭаф-иҧҳаи сареи ҳаицәажәараан иубартә иҟан Аҧсны аӡбахә анылҳәоз гәадурак шаалызцәырҵуаз, лхы-лҿы ччаҧшь хаак шықәлоз. Абар, лҭоурыхтә ҧсадгьыл иазкны аҵыхәтәан лажәа злахлыркәшаз: "Аҧсуа жәлар аҵыхәтәантәи ашәышықәсақәа рыла ега мыҟәмабара рыхҭысзаргьы, уаҳа ҧсыхәа аныҟамлоз ашьа карҭәазаргьы, ҳазшаз иҿаҧхьа гәнаҳарак иаҵам, иҳақым ала имныҟәеит – рыҧсадгьыл рыхьчон. Анцәа ихазы иалихыз, аха аҧсуа ианеишьаз адгьыл ихьӡ шахыз иаанхеит. Ари зегьы иреиҳауп. Рыламыс, рқьиара, ргәаартра ахә ишьеит. Иахьа аҳәынҭқарра ахьҧшымра азхарҵоит. Еиҵагыло абиҧарақәа рабдуцәа ишьҭарҵаз ауасхыр дырҕәҕәароуп, еихарҳароуп. Аринахысгьы ҳазшаз дырхылаҧшааит, рыҧсадгьыл рықәымӡааит. Иҿиааит, сыжәлар сызкәыхшоу".

Лажәақәа аныхлыркәша, аамҭаказы ҭынчрак наҳабжьатәеит. Аха ҩаҧхьа лажәа инацылҵеит: "аразҟы бзиа змоу жәларуп аҧсуаа. Хәыҷгьы-дугьы еилыркаароуп жәҩангәашәҧхьара шырзаатыз. Шьҭа зегьы рнапы иакуп. Рхи рыхшыҩи еицнарго, ргәи ршьамхи еибаго, ираҭәашьоу аҳәынҭқарра ҧхьаҟа арҿиара Ҳазшаз ираҭәеишьааит!" Абас, ныҳәаҧхьыӡҵас лажәа хлыркәшеит.

Аҧсҭазаараҿы адырреи аҧышәеи зырҳаз ауаа ссирқәа рҧылара, рацәажәара еснагь хәарҭара алоуп, егьнасыҧуп. Уаанӡа зыӡбахә саҳахьаз аҳкәажә, апрофессор Фериде Ацамба лыҩнуҵҟатәи лдунеи агәылаҧшра даҽакы иалаҩашьомызт. Ҳаиқәшәара исзаанартыз рацәоуп. Уажәы-уажәы сназхәыцлоит Фериде Ацамба лабшьҭра рлахьынҵа, лхаҭа лыҧсҭазаара, слымҳа инҭаҩуеит лаҧсшәа хаа, исныруеит уи абеиара, лдоуҳамч ахҧша.

Фериде Мысҭаф-иҧҳа абзиараз ҳәа налаҳәаны, лусурҭаҭыҧ ааныжьны сдәылҵуан. Снаскьагауа, "Абзиараз, мҩамш, сыҷкәын!", – ҳәа сымҩа днақәныҳәеит.

Сыццакы-ццакуа амардуан сналбаан адәылҵырҭа ашә снадгылеит. Ахылаҧшҩи сареи ҳалаҧшқәа анааиқәшәа, абзиараз ҳәа наиаҳәаны адәахьы сындәылҵит.

Маховая амҩа саныланы ҩаҧхьа сышьҭахьҟа схынҳәуан.

Уи нахыс Фериде Мысҭаф-иҧҳа Ацамбеи сареи уаҳа ҳаиқәымшәаӡеит, амала сара сзы хашҭра ақәымкәа иаанхеит уи амш. 87 ш. ирҭагылаз аҳкәажә шықәсқәак рышьҭахь, 2016 ш. маи 20 рзы Москва лыҧсҭазаара ҿахҵәеит 93 ш. дшырҭагылаз. Сынтәа акәзар, диижьҭеи 100 ш. ҵит, убри аҟнытә ҽазныкгьы лгәалашәара мыцхәхом. Иахьа дҳалагыламзаргьы, иҟоуп уи  лыхьӡ, лхыҧша, лдоуҳамч. Хашҭра лықәымзааит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me