Аҧхынтәи ашкол

20 Ԥхынгәы 2023 13:26
Аҟәа ақалақь ахадара аҵара аусбарҭа аҧшьгарала А.С. Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи аҩбатәи ашкол аҟны «аҧхынтәи ашкол» захьӡу еиуеиҧшым атемақәа рыла арҵаҩцәа ирзымҩаҧырго алекциақәа еиҿкаауп. Уи ҵакыс иамоу атәы дазааҭгылеит, аиҿкаара алахәыла, ахәбатәи абжьаратә школ арҵаҩы Ломиа Нона Шьаликәа-иҧҳа.

Убри амш аҽны…

20 Ԥхынгәы 2023 13:25
Еицырдырхьаз ашәаҳәаҩ – абаритон – «Хҭырҧа шкәакәа» ҳәа зыхьӡи збаҩхатәреи рылаҵәахьаз Аҧсны жәлар рартист Бзыҧҭаа рҵеира иаҧсахаз Томас Кәыта-иҧа Кокосқьыр 1992-1993 ш.ш. рзы ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ааҵысызар Бзыҧҭаа рыҷкәынцәа раҧхьа днагылеит напхгара нрыҭо.

Шықәсыбжак ала

20 Ԥхынгәы 2023 13:24
Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура ахада Рамин Габлаиа атәыла Аԥыза-министр Алеқандр Анқәаб ҳазҭоу ашықәс актәи азбжазы аусҳәарҭа инарыгӡаз аусуразы адырра ииҭеит.
Ԥхынгәымза 14. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Гәыл­рыԥшь араион Кациқыҭ абзазаратә црыҵқәа рышьҭаҵарҭаҟны аргыларатә усурақәа шцо гәаиҭеит. Аобиект аусурақәа ирылагеит 2021 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аконкурс ахь инашьҭуп

20 Ԥхынгәы 2023 13:11
Ииуль жәаха рзы алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы Акомиссиа аилатәара мҩаԥысит. Рацәакгьы ҵуам Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аконкурс рыланаҳәеижьҭеи.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me