«Аиааирақәа раамҭа»

18 Ԥхынгәы 2024 11:23
Ԥхынгәымза 14 рзы Ростов-на-Дону имҩаԥысуаз аиндаҭлараҿы аԥсуа ҽырыҩцәа рыҽқәа аиааира ргеит. Амшынтәи авиациа амш иадҳәалаз аԥхьахә агаразы аиндаҭлараҿы Асхад Агрба иҽы Греишес Гест актәи аҭыԥ ааннакылеит. Аҽырыҩра мҩаԥысуан 1200 метра ахьыбжьаз адистанциа аҿы, ҩышықәса зхыҵуа англыз шьацқьа злоу аҽыжәлақәа рыбжьара. Аԥсыӡкҩы имш иадҳәалаз аԥхьахә агаразы аиндаҭлараҿы ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит Ҳаџьараҭ Зыхәба иҽы Корефан. Аҽырыҩра мҩаԥысуан 1800 метра ахьыбжьаз адистанциа аҿы,…

«Бла ҵарыла»

18 Ԥхынгәы 2024 10:03
Аҧҳәынҭшәҟәҭыжьырҭаҿы иҭыҵит апоет, ажурналист, апублицист, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи Аҧсны ажурналистцәа Реидгылеи рлахәыла Алхас Чхамалиа ишәыҟә ҿыц «Бла ҵарыла».
Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика акультура аминистрра иуль 18 инаркны 30-нӡа имҩаԥнагоит Урыстәылатәи асахьаркыратә Академиа академик, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы, Ҟабарда-Балкариа Жәлар рсахьаҭыхҩы Хамид Владимир-иԥа Савкуев диижьҭеи 60 ш. аҵра иазку еиуеиԥшым акыр акультуратә - рҿиаратә усмҩԥгатәқәа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me