Аԥсны абираҟ Амш

22 Ԥхынгәы 2024 11:27
Ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа Аҟәа еиҿкаахоит.Асааҭ 19:40 рзы Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа аҟнытә Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟынӡа абираҟқәа кны аныҟәара мҩаԥгахоит.Асааҭ 20:00 рзы атеатр ашҭаҿы аҟазаратә коллективқәеи аестрадатә артистцәеи злахәу аныҳәатә концерт мҩаԥгахоит.
Зхатә ҷыдара змоу, зегь реиҳа ицқьоу аӡыхьқәа рхы ахьыҵырхуа, аԥсуа мца жжаӡа иахьеиқәу ақыҭа даҽакы иалаҩашьом. Араҟа ауп ааԥсара зқәым анхаҩы адгьыл дахьықәаарыхуа, арахә ахьиааӡо, ишьхымзагәара «аҽыуаҩ дызрыкәымшо» иахьгылоу.
Шьыбжьон. Аҩны ашьҭахь ашәшьыра сыҵатәан ашәҟәы сзыԥхьоз сарааԥсан насҭха иқәысҵеит. Сылаԥш нарыдхалеит амра ашәахәа зқәыԥхоз сабдуи, уи иаби, ааигәа здунеи зыԥсахыз, саныхәыҷыз сзааӡаз сандуи рҳаҭгәынқәа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me