Ԥхынгәы 15 рзы Аҟәа иаатит XXII Жәларбжьаратәи аклассикатә музыка фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит". Раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысит ԥхынгәы 15 рзы Аҟәа, Аԥсуа драматә театр ашҭаҿы. Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкны иқәгылеит Хьыбла Гьерзмааԥҳаи, Мариитәи атеатр асолистцәеи, асимфониатә оркестри, урҭ напхгара риҭон Атеатр ду адирижиор Антон Гришанин. Амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит" Аԥснытәи апрограмма хә-концертк рыла ишьақәгылоуп.…
Ԥхынгәымза 11 рзы, ашьыжь аҳәынҭқарра Ахада Џьгьарда ақыҭа даҭааит. Уи ицын Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, уи ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа, Очамчыра араион Ахадара аиҳабы Беслан Бигәаа, Џьгьа­рда ақыҭа ахада Адамыр Амҷба.

Аԥшаамҭа лыԥшаахқәа

15 Ԥхынгәы 2024 08:26
Есышықәсеиԥш сынтәагьы, Аҟәатәи абааш аҵакыраҿы, аҵаратә усԥҟа ишарбоу ала, апрактика иахысуеит ААУ аҭоурых афакультет актәи акурс астудентцәа.Ԥхынгәы 3 аҽны урҭ аԥшаарақәа рықәҿиеит уҳәар ауеит – ирыԥшааит ҳ.ԥ.ҟ.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me