Ҳаирла аимадаразы

20 Хәажәкыр 2025 10:23
В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргылара азҵаарақәа ирызку Акоординациатә штаб аилатәара мҩаԥысит март 18 азы.
Март 14 рзы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҿы имҩаԥысит изаамҭанытәыз аилатәара. Уи аартуа, Аԥсны Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба идирдырит амшхәаԥштә аҿы ишықәгылаз 41 зҵаареи ацхыраагӡақәа ԥшьбеи.
Март 18 азы Аԥсны Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба иналукааӡаша аҳәынҭқарратә усзуҩ, ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа разыҟаҵареи рымҩаԥгареи рзы Аҳәынҭқарратә комиссиа аҩбатәи аилатәара мҩаԥигеит.

Ацәыргақәҵа

18 Хәажәкыр 2025 10:29
Ааԥынреи аԥсҭазаареи Хәажәкырамза 17 азы Гагра ақалақь Томас Кәакәасқьыр ихьӡ зху Акультуратә хан аҟны имҩаԥысит «Весна: пробуждение» ҳәа хьӡыс измаз, есышықәсатәи асахьацәыргақәҵа.
Ҳара ҳхаан Иузмырхынҳәуа ииасхьоу аамҭа, схәыҷра, сгәалашәараҿы инхаз! Ҳабацәа, ҳабдуцәа аныҟаз ажәытәра аамҭақәа рзы, раԥхьа идыргылон раԥсуара, рыламыс, ирыман рчеиџьыка, дара рқьабз.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me