Абар мышқәак роуп иагу Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) шықәса Аиааира 30 шықәса ахыҵра Аҧсны жәлар иазгәарҭарц. Егьа аамҭа царгьы аибашьра ахьаа Аҧсны жәлар ҩнаҭацыҧхьаӡа ирзаанагаз хашҭшьа амам.
Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра хлымӡаах Мрагыларатәи афронт иалахәыз рҭоурых шәҟәык ианӡалом. Иага шықәса царгьы, иага ԥша хаа бжьасыргьы аибашьра ахәрақәа ӷьашьа рықәым. Еиҳарак угәы ҭзырӡыӡаауа, ихьу-хьууа уцәа ужьы ианыруа гәалашәароуп ақәрахьымӡақәа рыхьӡқәа.

Зегьы – Аиааиразы

28 Цәыббра 2023 14:29
Аибашьра еилгеижьҭеи 30 шықәса шҵхьоугьы уи иалахәыз, иара зхьысыз аҭаацәарақәа рзы, ҷыдала ихьанҭоу гәалашәароуп.
20 шықәса рыҩнуҵҟала, журналистк иаҳасабала хаҭала, аибашьра аветеранцәа ирызкны акьыҧхь иазсырхиахьоу астатиақәа маҷым. Аха урҭ рҟны, шамахамзар, сыуацәеи-сҭынхацәеи рыӡбахә азааҭгылара цәаҩас исымамызт.
Иахьа ҳахьгылоу аҭыԥаҿы еилашуан аибашьра хлымӡаах. Гәымсҭа аӡиас нырцәи-аарцәи еиҿагылан мчылеи хыԥхьаӡаралеи еиҟарамыз ҩ-рык.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me