Ахыцуаа раԥхьагыла

Аԥсны хыцла ахысра иаҳа- иаҳа аларҵәара аиуа иалагеит. Ахыцуаа рклуб алахәылацәа рхыԥхьаӡарагьы есааира еизҳауеит.

Есышықәса еиҿыркаауеит аицлабрақәа. Зегь реиҳа ихадоу, Валери Делба ихьӡ зху, мҩаԥган ари аԥхынраз. Ахраҿа хада даԥсахеит Баҭал Џьапуа. Иара дыруаӡәкуп ахыцуаа ргәыԥ аԥҵара ахыҵхырҭаҿы игылаз. Уи ибзоураны ишьақәыргылан аԥсуа хыц асахьа, Сусҭар ҳәа хьӡысгьы иаҭан.
Баҭал ихәыҷра игәаларшәауа иҳәоит, ақыҭаҿы араса амаҵә иалхны ахыци ахәымпали шыҟарҵоз, нас уи ишалахысуаз.
«Ҳашьцәа ҳаиҳабацәа ҳрааӡон, урҭ ракәын иаҳзырҵоз ахысшьагьы. Аԥсыӡқәа алаҳкуан. Ҩныцыԥхьаӡа иҟан аласкәыгәқәа. Алаба аҷын ырхәаны, аласала иҿарҳәон. Аҟауар ршьаны, иаҿарԥаны ҳалахысуан. Убыс акәын ҳшыхәмаруаз», - еиҭеиҳәоит Баҭал.
Ахысроуп еидызкылазгьы иареи иҩызцәа Адгәыр Какобеи, Феликс Кәыҵниеи, Амра Аџьынџьали, Лена Лабахәуеи. Хысра ицалон рҽааибыҭан. Изҭаххоз анырацәаха, агәыԥ еиҿкааны ишьақәдырӷәӷәарц рыӡбеит.
Аҟәа араион Гәымсҭа ахықәан адгьыл ҳаҳәан, иҳарҭеит. Ҳҩызцәа алшара змаз ирыбзоураны ихаҳкааит ҩ-гектарк раҟара. Уа иагу рацәоуп. Нап адкылатәуп», - иҳәоит Баҭал.
Иара иажәақәа рыла, Аԥсны адунеижәларбжьаратәи аицлабрақәа еиҿыркаар рылшоит, ахысцәа рацәаҩны ирдыруеит аҟынтә. Урҭ Аԥсныҟа аара иазыхиоуп, аха макьана зымҽхак ҭбаау аицлабра ахьымҩаԥыргаша аҭыԥ еиҿкаам.
Ус еиԥш аицлабра ду иалахәын аԥсуа хыцуаа зны Ҭырқәтәыла, Адана имҩаԥысуаз. Усҟан ҩажәа ҳәынҭқарра рҟынтә ахыци хәымпали рыла ахысра бзиа избоз еиндаҭлон. Аицлабра еиҿыркааит ҩыџьа аишьцәа-аҟабардақәа Фатихи Сами Генели. Дара роуп ахыци хәымпали рыла ахысра Ҭырқәтәыла ишьақәзыргылазгьы. Урҭ ҽыбӷаҟазацәоуп. Ԥсуаҵас ахысра ныҟәыргоит. Адунеи аҿы хыцла иахьхысуа атурнирқәа рыҽрыладырхәуеит. Усҟан аԥсуа хыцуааи дареи еибадырит, убри аахыс аимадарагьы рыбжьоуп.
«Асоциалтә даҟьақәа рҿы агәы­ԥқәа ҳрылоуп ирацәаны. Аицлабрақәа анҳамоу иҭаҳгалоит. Абасала ҳахьырдыруа рацәоуп. Ари милаҭтә спортк аҳасабала ишахәҭоу аԥҟарақәа аԥҵаны, иҟаҵатәуп. Иҭҵаатәу маҷым», - иҳәоит Баҭал Џьапуа.
Ахыцуаа ртурнир аҿы х-дисциплинак рзы аԥҟарақәа шьақәыргылан ирымоуп. Сынтәы ҿыцны иаларгалеит ирццакны ахысра. Аха, атурнир аҿы иааԥшит, аԥҟарақәа еиҭа аус шрыдулатәу.
Баҭал иажәақәа рыла, х-дисциплинак рылагьы аицлабра амҩаԥгара мариаӡам. Ари ашәарҭара ацуп. Ахылаԥшреи агәҽанызаареи зҭаху акоуп. Ахҿа ац ауаҩы дахәыр ауеит. Аицлабра агәеибафарагьы ацуп, ухы-уԥсы еибанаркуеит, иҳәоит Баҭал.
Иахьа ахыцуаа рклуб еиднакылоит 45-ҩык. Урҭ рыдагьы хазы ахәыҷқәа ахьныҟәо аклубгьы аус ауеит. Аԥсны ахыци хәымпали змоу ҩышәҩык иреиҳауп. Гәдоуҭа, Гагра, Очамчыра иҿианы иҟоуп, иҳәоит Баҭал Џьапуа. Ауаа ахыц рхазы иаархәоит, рҩызцәеи дареи ԥсшьара ианцо ихысуеит.
Ахыци ахәымпали аԥсуаа рҿы ижәытәӡатәиу бџьаруп. Еибашьыгак аҳасабала ирыман. Аџьынџьал ишәҟәы «Аԥсуаа ретнографиа аҟынтә» ҳәа хьӡыс измоу аҿы ахыци ахәымпали атәы зҳәо ахаҿы иарбоуп, аԥшьбатәи ашәышықәсазы ажәлар ихадаз бџьарны иркын ҳәа. 551 шықәса рзы иҟаз Трахеиатәи ажәылара иазкны Прокопи Кесариатәи иҩуан, абазгаа аӷа ахҿақәа иқәыԥсауа рхы рыхьчон ҳәа. Иара уи адагьы аԥсуаа аныҳәақәа раан аҽқәа дырыҩуан, хыцла ихысуан. Ишәарыцон хыцла. Урҭ рҽеиҩыршон: имариаз, ицәгьаз ҳәа. Иара убас аԥсуаа ирыман акуадақь. Хыцла ахысшьа рдыруан ахәыҷқәагьы. Уи аиҳабацәа иркыз излареиԥшым уи ауп, ахқәа аихатә хаҵа рымамызт. Ахәыҷқәа хыцла аҵарақәа ирзышәарыцон. Иара убри алагьы аԥсуаа ишыхәыҷыз ахысшьа рҵон.
Хыцла ахысра аԥсуа ицәаҩа ианаалоит, иҟазшьа иақәшәоит, иҳәоит Баҭал Џьапуа.
«Аамҭақәак рзы аҭагылазаашьа аныуадаҩха Лыхнашҭа ҳаҟәырхит хыцла ахысра. Аԥсуаа бџьар рацәала еибыҭоуп ҳәа азыӡбаны. Усҟан Аԥсны иҟан еицырдыруаз ахысцәа -Ианварбеи Арӡынба, Кәынта Кобахьиа, Иура Ԥлиа. Дара Қарҭ ицалон аицлабрақәа рахь. Аха уа хыцла ахысра ыҟаӡамызт, уи ныҟәыргаӡомызт ақырҭцәа. Аԥсуаа аннеилак акәын ианыҟарҵоз», - еиҭеиҳәоит Џьапуа.
Усҟан иаԥыхыз амилаҭтә хәмаррақәа ҿыц еиҭаԥҵан рыхьӡ ԥсахны. Аха, ахыци ахәымпали рыла ахысра уа иԥсит, иҳәоит Баҭал.
«Амилаҭтә хәмаррақәа рҟынтә иаанхаз маҷуп. Аԥацхақәа ргыланы акрыфарахь ииасит. Ажәытәтәи ахәмаррақәа зегьы шьақәыргыланы ахәыҷқәа ирызнагатәуп. Исгәалашәоит, қыҭала Лыхнашҭа ианҭалоз аҽцәа, урҭ рыбӷақәа кны аҽқәа ирықәгылан ахәыҷқәа. Иара убри алагьы уи аус иадрыԥхьалон», - иаҳзеиҭеиҳәоит Баҭал.
Аԥсуаа ирыман рхатәы ахыци ахәымпали, иара уи адагьы иҟоуп аԥсуа хысра ҳәа, уимоу, аԥсуа хҭагьы рыман. Абри зегьы ҭырҵаауеит ахысра иадҳәалоу ауаа. Баҭал Џьапуа аԥсуа хҭа аҷыдарақәа ртәы ҳзеиҭеиҳәауа, иҳәеит, уи хыџьара ишшоу: ахы, агәышԥы, ашьапы ҳәа. Аура метрак иҟоуп. Аҭбаара ҩажәи хәба. Аԥсуаа хыцла ианеибашьуаз рхатә техникагьы рыман – ахаҩара ҳәа иашьҭоуп, аӷа иухагьежьуа иабашьра, уи иуҿагыланы акәымкәа, ҳәа еиҭеиҳәоит Џьапуа.
Иара иажәақәа рыла, иҟоуп еиҭа аицлабра иалауҵаша ахәмаррақәа. Иаҳҳәап, ҽыла ахысра. Ажәытәан акьан дыргылон аа-метрак аҳаракыра аманы. Уаҟа икнарҳауан амҿы иалхәу ахәмаргақәа, ашьаҟауаҩ уи даҵагыланы деихсуан. Дақәшәар, икаҳауа иара итәын. Аҽцәа рзы иқәдыргылон аҳамҭа бзиақәа. Ахҿа ац змам ала ихысуан ҽыла ишаауаз. Шаҟа секунд рыла диаҟьо гәарҭон. Ҳаргьы убас иаԥаҳҵароуп, ҳәа еиҭеиҳәоит иара.
Ари зегьы зызкыз аибашьҩы иазыҟаҵара акәын. Иахьагьы аибашьцәа ааӡатәуп, уи иааӡара иадҳәалоу аҵасқәа рныҟәгара аҳәынҭқарра ахылаԥшра ӷәӷәа анаҭалароуп, агәра ганы дыҟоуп аҟаза.
«Хыцла ахысра ауаҩы деиҿнакаауеит, иара ҳмилаҭгьы ианаалоит, аԥсуа хәыҷык дыцҳауа дшыҟоу еиԥш ауп, иара ахысрагьы шыҟоу, уи ауп амҽхакгьы аҭбаахара изаҿу. Хыцла ахысраан ахҭа уавҟьазар, аӡәгьы ихараӡам, аҿыҵгагьы узыҟаҵаӡом. Аӡәгьы иузиқәҵаӡом. Уақәымшәозар, уара уоуп изхароу. Уааӡоит ари ахысра. Хыцла ахысшьа здыруаз зегьы рҭеиҭыԥш ҽакын. Рыжәҩахырқәа ҟьаҟьан, рнапқәа хәхәаӡа иҟан. Уааԥшӡан. Ифархь-фархьӡа, аха иҟьаҟьаӡа иҟан», - еиҭеиҳәоит Баҭал.
Иахьа ахыцуаа ирку абџьар, аԥсуа хыц, асахьа шьақәыргылан Баҭал Џьапуа ибзоураны. Уи хьӡысгьы иаиҭеит Сусҭар. Баҭал излаҳзеиҭеиҳәаз ала, дыҟан аԥсуа аҳ Сеҭеман Чачба. Уи иԥа Сусҭар, ар дырхагыланы деибашьуан. Сусҭар ихаҿсахьа ҭиххьан Костелло. Аԥсуа хаҵа даарԥшын бџьарла деиқәных, ахыци хымпали ихәда ихшьны. Уи асахьа шьаҭас иганы Баҭал Џьапуа аԥсуа хыц ахәымпал дашьҭалеит. Еиҭа иҟаҵаз аҭҵаамҭақәа ирыбзоураны еиҭашьақәыргылан ҳмилаҭтә хыц асахьа.
Аԥсуа хыц аҟаҵашьа рдыруеит Баҭал Џьапуа, Баҭал Ҳашба, Аҳмаҭ Ҟәышба. Аха, уск аҳасабала иааиԥмырҟьаӡакәа уи иаҿу Арсен Емкәыжә иоуп. Иара иахьатәи аамҭа иақәшәо амаҭәахәқәа рыла итрадициатәу аԥсуа хыц ҟаиҵоит Баҭал Џьапуа идигалаз асахьақәа рыла.
«Хәыҷык аконструкциа ҳаԥсахыр акәхеит. Агалуани атәыҩеи ҳәа ҳзышьҭоу аԥсуа ихыц аҿы иаҳа иҳаракуп, иауп. Уи зыҟарҵоз ахҿа иаӷьны ицарцаз акәын. Уи аҩыза агылара изыҟамҵаӡеит Арсен. Ицәгьахеит. Иара иаазхәогьы уи аҩыза ахыц аԥышәа имамзар, иаразнак иԥиҵәоит. Иркьаҿит Арсен, аха иага ус иҟазаргьы, егьырҭ ахыцқәа раасҭа иаухеит. Ҩышықәса инареиҳаны даҿын раԥхьатәи ахыц аибыҭара, иԥишәон ирацәаны. Нас ҩба ҳзааишьҭит игәаҳҭарцаз. Феликс Кәыҵниеи сареи ҳаанымгылаӡакәа иҳаргәаҟуан. Уажәшьҭа жәаҩыла иркуп уи аҩыза хыци ахәымпали, иргәаԥхоит», - еиҭеиҳәоит Баҭал.
Иҳәатәуп, Арсен аԥсуа хыцқәа рыҟаҵара далаагаанӡа, уи ҳара ишаҳтәу зыршаҳаҭуа асахьақәа, ахсаалақәа, аматериалқәа ширбаз. Ихаҭа аԥсуаа ишыртәыҵәҟьаз агәра анига нахыс ауп аҟаҵара данақәшаҳаҭха.
Иара убас аԥсуа хыц ҟаиҵахьеит Швеицариа иатәу аҟаза. Баҭал исоциалтә ҳаҿы иҭаигалаз асахьа збаз ахаҵа, иҽазишәеит аԥсуа хыц аибыҭара.
«Хәбаҟа хыц еидкыланы иахьы­шьҭаз афото ааишьҭит уара утәы абаҟоу ҳәа. Уахьахәаԥшуаз зегьы еиԥшын. Сара стәы ианақәыск, сиашан. Сыхсаалақәа рыла иҟаиҵаз акәхеит», –еиҭеиҳәеит Баҭал.
Баҭал Џьапуа исахьала еиқәыршәаз, Арсен инапала иҟаиҵаз ахыц лкуп 27 шықәса зхыҵуа Идаеҭ Аҭрышԥҳа. Лара занааҭла дсахьаҭыхҩуп. Аҳәынҭқарратә университет аҿы рҵаҩыс аус луеит. Идаеҭ сынтәа ахыцуаа ртурнир аҿы ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит. Лара лиааира ахҳәаа аҭауа дыхәмарны илҳәоит, уи Адгәыр Какоба иҟамзаара ишабзоурахаз.
Ҩышықәса раԥхьа Идеаҭ лколлегацәа рааԥхьарала Витали Делба ихьӡ зху аахыцуаа ртурнир лбеит. Усҟан лдипломтә усумҭа атема дазхәыцуан. Ари атурнир ашьҭахь иӡбан уи ахыцуаа ишырзылкуа атәы. Идаеҭ уи алагьы ажәытә ҟазареи уажәтәи аҿари еидылҳәаларц лыӡбеит. Лусумҭа 180 сантиметра аура амоуп, аҭбаара 140. Аҿыханҵаҿы х-ҩык ахыцуаа аарԥшуп. Иара акафедраҿы иҵәахуп. Лара илҳәоит Аҭрышаа рдамыӷа ахыц асахьа шамоугьы. Ари зегьы акы иазҳәоуп лҳәан ахысра лҽазылкит, аклубгьы далалеит.
«Ахыц ануку аҭакԥхықәра ду уднаҵоит. Иузгәамҭаӡакәа мчык ааухәоит. Ахысра мариашәа убоит, аха ара аҽеизгара аҭахуп. Ухәыцрақәа зегьы шьҭахьҟа иааныжьны, ахҭа ада акгьы уазымхәыцуазароуп. Убри аан уеилызкаауа ауаа анудгыло, зынӡа даҽа дунеик аҿы уҟазшәа ухы убоит. Уааигәара Баҭал Џьапуа, Аҳмаҭ Ҟәышба реиԥш иҟоу ауаа аныҟоу, ажәытәрахь уагазшәа акы уныруеит. Убри аан уабиԥара рымч зегьы уара иулалоит. Зны-зынла схәыцуеит, абри аус аиҳабацәа ирымыздо ҟамлар закә рыцҳарахозеи ҳәа», - лҳәоит аҭыԥҳа.
Идеаҭ данқәыԥшыз амҵәышәымпыл дыхәмаруан, убри аҟынтә ахысра иаразнак илыцааит.
«Цәеижьла сазыҟаҵан, аха хыла мап. Сыццакны схысуеит, уи ԥынгылас исымоуп, аха схы аус адызулоит. Аиҳабаца ирҳәо сызыӡырҩуеит. Угылашьа, унапы аиҵыхшьа, ада ушаахаша, ахы шауушьҭыша - абри зегьы уарҳәоит аклуб аҿы. Уи аԥышәа анацлалак, ахысра уалагоит», - еиҭалҳәоит Идаеҭ.
Лара шықә­сык абаза жәлар ры­хәмаррақәа дры­ла­хәын аԥсуа хыц кны. Илҳәоит, уи аныҟәгара атрадициа егьырҭ ажәларқәа идлырбарц шылҭаху.

Альбина Жьиба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me