Аҿар ртеатр 10 шықәса ахыҵит

Жәа шықәса раԥхьа уажәааны, раԥхьаӡакәны август  20, 2014 шықәсазы иаԥҵан Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿартә ртеатр.

Аҿар ртеатр асахьаркыратә напхгаҩыс дыҟоуп Софа Агәмаа, адиректорс – Аслан Еныкь.

Аҿар ртеатр аартхеит ақәҿиара зауз, иахьагьы ахәаԥшцәа гәахәара дула изҭаауа акомедиатә спектакль «Ҳаԥсыуаауп, ҳаԥсыуаа!» ала. Анаҩс, ашықәсқәа цацԥхьаӡа ррепертуар даара аҽарҭбааит еиуеиԥшым ажанрқәа рыла. Хыԥхьаӡара рацәала  аспектакльқәа  ҳахәаԥшцәа иддырбахьеит.

Аҿар ртеатр иқәнаргылахьоу аспектакльқәа, арҭ ашықәсқәа рыҩнуҵҟала ирҭаахьеит шәнызқьҩык инарзынаԥшуа ахәаԥшцәа.

Жәа шықәса ирҭагӡаны Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿартә театр ықәгылахьеит : Москва, Маиҟәаԥ, Черқьеск, Нальчик, Махачкала, Краснодар уҳәа асцена дуқәа рҿы.

Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿартә театр анапхгара азҭо, иара убас аколлектив зегьы рҿаԥхьа дҵа хаданы иқәгылоу акоуп –  аԥсуа бызшәеи аԥсуа культуреи реиқәырхара, реизырҳара, ԥхьаҟа ргара!

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me