Ҳхатәы бызшәа
акәша-мыкәша
Лассы-лассы ишыҟасҵалац еиԥш, ҳаҩны иҳамоу абиблиотекаҿы аԥсышәала ҭоурыхк сзеиҭазҳәаша шәҟәык аашьҭыхны аԥсабарахь сындәылҵит. Абар, аԥшалас хааӡа иахьықәсуа ашәшьыраҿы снатәаны аԥхьара напы асыркит. Ажәацыԥхьаӡа аԥсуа ицәаҩа агәылакуп, ҳәоуцыԥхьаӡа ҳбызшәа аԥшӡара еиҳахоит… Иарбан милаҭзаалакгьы иаԥырҵо алитература дара рзы идоуҳатә ҭынхоуп, аԥсуаа ҳакәзар ҳбызшәа абеиара блаҷыцҵас ихьчо иагәылакуп иара.
Абар, уажәы-уажәы аԥшалас сышәҟәы абӷьыцқәа аанарҳәуеит, аха сара сыццакуам, сааҭгылан срыԥхьоит ацәаҳәақәа:
«Атәымра ианышәаз даԥшәыман
збахьада?
Зыԥсадгьыл иазымхо зызхаз
дҟалаӡом.
Аԥсуа бираҟқәа бираҟхом
ҳбызшәада,
Ҳгарашәа еихсыӷьыр ҳбираҟқәа
еиқәхаӡом.»
Р. Смыр
Сааҭгылеит… Аӡәырҩы ргәы иҵхо ацәаҳәақәа сеиҭарыԥхьеит. Ҳаԥсабара ашьҭыбжьқәа, ҳамшын агәеисыбжь, ҳныхақәа реигәныҩбжьы зныԥшуа аԥсуа ибызшәа иахьатәи аамҭазы ахархәара змаҷхазеи? Зқьышықәсала ҳбызшәа зныланы иааиуа аҿиарамҩа еиԥҟьар ҟалома?
Иахьатәи аамҭазы «Мшыбзиа» ҳәа зауҳәо аԥсуа «Бзиара жәбааит» ацымхәрас, «Здравствуйте» ҳәа аҭак уиҭоит. Избан урысшәала аҭак зҳаҳауа, избан ақалақь уаналоу урысшәала аҿар рыгәҭахәыцрақәа зеибырҳәо? Иҟалап аинтернет ҳԥырхагазар, аурысшәа «моданы» иҟалазар. Уажәы аҭаацәа еилахазар, ҩын усқәак ҟаҵатәызар, ахәыҷы аҭел ма ателербагаҿы урысшәала ицәажәо амультфильмқәа изаҿакны русқәа рахь ицоит. Усҟан изхарахо ахәыҷы иакәӡам. Уи иаҳауа абызшәа ихы иаирхәалоит, ихатәы бызшәа дазхьамԥшӡакәа.
Дарбанызаалак ауаҩы имоуп алшара даҽаӡәы иқәшаҳаҭымхара, ииҭаху абызшәа ихы иаирхәар илшоит, аха уи иаанагаӡом ухатәы бызшәа уацәхьаҵны даҽа бызшәак ала уцәажәароуп ҳәа. Аха иахьатәи аамҭазы уахьынаԥш-ааԥшуа абжеиҳараҩык аурыс бызшәа ауп рхы иадырхәо, аизарақәа, аиԥыларақәа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы. Атәым бызшәа адырра бзиоуп, аха иудыруазароуп ахархәашьа, ианаҭаху, иахьаҭаху алацәажәара.
Аԥсуа ихатәы бызшәоуп иара иҷыдара зныԥшуа, идунеихәаԥшышьа аазырԥшуа, даԥсуаны дшьақәзыргыло ахәҭа хадақәа ируаку. Аԥсшәаҿы ажәакала иуҳәаша егьырҭ абызшәақәа рҿы ҳәоу дуӡӡак ала иумҳәар ԥсыхәа амам, иаҳҳәап: дзыҩналаӡом, диацәажәоижьҭеи, дааижьҭеи, днаидтәалеит уҳәа убас иҵегьы…
«Уаҩ иимбац, зеиԥш ҟамлац, иџьашьатәу бызшәоуп аԥсшәа» – ҳәа аҭырқәа ҵарауаҩ, аныҟәаҩ Евлиа Челеби иззиҳәаз, аԥсуа ибзазара иахылҵыз, ишьа-ида ирҭысуа ҳбызшәа ыӡыр – ҳақәӡаауеит милаҭк аҳасабала.
Иахьатәи аамҭазы абызшәа аиқәырхаразы иҟаҵоу маҷым, аха аҿар ҳауп ҳбызшәа аиқәырхара знапы иану. Ҳара ҳауп изылзыршаша уи амырӡра, ԥхьаҟа агара. Нас измаҷхазеи ахдырра?
Сгәанала, абызшәа аиқәырхара иазҿлымҳау аҿар ыҟоуп иахьа, урҭ ирылдыршароуп абызшәа абзиабара аихаҳара. Астудентцәа ракәзар, еиҿыркаар рылшоит еиуеиԥшым аԥсышәала ицәажәо ахәылԥазқәа, аицлабрақәа, алекциақәа, акружокқәа уҳәа. Збызшәа ахаршҭра иаҿу иреилыркаатәуп уи иамоу аԥшӡара зеиԥшроу, даҽа бызшәак ишаламҩашьо, ҳара ҳҵасқәа ҳбызшәа ишаныԥшуа.
Иаҳҳәап, ақалақь аҩнуҵҟа, ауаа рыԥсы ахьыршьо аҭыԥқәа рҿы аԥсуа ашәақәа аҿаркуазар хымԥадатәиуп. Ҳтәыла аҩнуҵҟа ҳбызшәа хааӡа иқәыҩлар, уи ахархәара еиҳахоит.
Аԥсабара ашьҭыбжьқәа зегьы ахьаарԥшу, зқьышықәсала аԥсуаа ҿахәҳәагас иҳамоу, ҳаԥсадгьыл ашьа-ада иҭысуа аԥсшәа ҿиалароуп, уи аҿиара ҳара ҳнапы иануп, аихаҳарагьы ҳара иаҳуалуп! Ҳгарашәа, ҳныҳәаԥхьыӡқәа, ҳагәҭахәыцрақәа галароуп ҳара ҳхатәы бызшәала!
Анжела Хведелиӡе