Витали Шариа игәалашәара иазку аҭыжьымҭа ҷыда

Ҳазну ашықәс ииуль 14 азы иԥсҭазаара далҵит ажурналист, ашәҟәыҩҩы, апублицист Витали Шариа. Уи ихьыԥшым раԥхьатәи агазеҭ «Эхо Абхазии» аԥиҵеит, редактор хадасгьы дыҟан. Еиуеиԥшым амассатә информациа ахархәагақәа рҟны аусура аганахьала аԥышәа ду иман, иҭижьхьан ашәҟәқәа, шәкыла аочеркқәа.

Акьыԥхь аҟны 50 шықәса аус иуит. Аԥсни Урыстәылеи ржурналистцәа Реидгылақәа, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла дрылан. Витали Шариа иҭаацәа, иҩызцәа дрыгагыламижьҭеи 40 ҵит, Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла уи игәалашәара иазкны аҭыжьымҭа ҷыда ҭнажьит. Уи адаҟьақәа ирнылеит ажурналист ду иԥсҭазаара иалҵра згәаҵанӡа инаган издызкылаз ауаажәларратә еиҿкаарақәа, хаҭала иара дыздыруаз, ивагыланы аус зуаз ранҵамҭақәа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me