Адоуҳамч анарха азҭо

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥшьгарала И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи Амилаҭтә библиотекаҿы еиҿкаан еицырдыруа апоет, ауаажәларратә усзуҩы Геннади Аламиа 75 шықәса ихыҵра аиубилеи.


Ахәылԥаз ахь имҩахьыҵит, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа реиԥш, аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа аӡәырҩы, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩцәа, Аԥсны Жәлар Реизара еиуеиԥшым ааԥхьарақәа рдепутатцәа, ауаажәларратә хеидкылақәа рҟнытә, иара убас аҿар, Аҟәатәи ашколқәа рҵаҩцәа.
Аиубилеитә хәылԥазы иаҭааз рзы еиҿкаан апоет ишәҟәқәеи еиуеиԥшым егьырҭ аҭыжьымҭақәеи рҟны иара изкны иркьыԥхьхьоу ахьеидкылаз ацәыргақәҵа. Аекран аҟны еизаз ирбарҭан иааиԥмырҟьаӡакәа ицәырҵуаз Г. Аламиа иԥсҭазаареи, ирҿиареи, иуаажәларратәи иҳәынҭқарратәи усуреи зныԥшуаз еиуеиԥшым афотосахьақәа.
Аиқәшәара хацыркын апоет иажәақәа рыла иаԥҵоу Аԥсны Аҳәынҭқарратә гимн ала. Уи ианазыӡырҩы агимн азы иҩу апоет иажәеинраала даԥхьеит Аԥсны жәлар рартист Кьасоу Ҳагба.
Аԥснытәи Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа ахәылԥаз аартуа акультуратә хәышҭаара анапхгареи аусзуҩцәеи рыхьӡала Г. Аламиа ииубилеи идиныҳәалеит, еиҳау ақәҿиарақәа изеиӷьеишьеит. Уи нахыс дықәгылеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу.
Ахәылԥаз алахҿыхра ацызҵаз аиубилиар имаҭацәа Нариа, Гьа­ргь Ломиаа апоет иажәеи­нраалақәа ирыԥхьеит.
Г. Аламиа арҿиара инаваргыланы, ҳажәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара акырӡа дшазааԥсахьоу шьақәнарӷәӷәон еиқәшәаз идырбаз Кавказ Ажәларқәа Рконфедерациа Апарламент Ахантәаҩыс иҟаз, иаамҭамкәа зыԥсҭазаара ҿахҵәаз ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы Иусуп Сосламбеков Г. Аламиа изкны игәаанагара авидеонҵамҭа.
Апоет ирҿиара иазкны иқәгылеит, аԥсуа поезиаҿы илагала ахәшьара бзиа арҭеит апоет, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа, апоет-академик Владимир Занҭариа, ашәҟәыҩҩы, Аԥсныҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аиҳабы Даур Наҷҟьебиа.
Г. Аламиа 75 шықәса ихыҵра аиубилеи идныҳәалауа, иаԥхьаҟа еиҳау аихьӡарақәа изеиӷьашьауа иқәгылеит: Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Алеко Гәарамиа, Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр лыхьӡала адныҳәалара даԥхьеит Мрана Дбар, адныҳәалара наишьҭит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы Мушьни Лашәриа, иара убас рзеиӷьашьарақәа рыла иқәгылеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага адырҩаҽны, август 15 рзы Аԥсны ахьчаразы хатәгәаԥхарала иааз, ашьҭахь Аԥсны атәылахьчара аминистрс иҟаз, Аԥсны Афырхаҵа Сулҭан Сосналиев иԥшәмаԥҳәыс Лиубов Сосналиева, ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор хада Гәында Сақаниа, ауаажәларртә усзуҩы, аиҭагаҩ Оқҭаи Ҷкотуа, хатәгәаԥхарала Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, Аԥсны Афырхаҵа, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Марзеи, Аԥсны жәлар рартист Нодар Ҷанба, асахьаҭыхҩы Виссарион Ҵәыџьба, Аԥсны Ауаажәларратә палата аиҳабы Гәыли Кьычба, Д. Гәлиа илитература-мемориалтә музеи аиҳабы Светлана Қорсаиа.
Нхыҵ Уаԥстәыла-Аланиа Апарламент Ахантәаҩы Т. Тускаев инапы аҵаҩны Аԥсныҟа иаашьҭу Аҳаҭыртә шәҟәы аҟны иаҳәоит: «Аԥсни Ареспублика Нхыҵ Уаԥстәыла- Аланиеи рыжәларқәа рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы илагала ду азы, насгьы 75 шықәса ихыҵра инамаданы Аламиа Геннади Шьаликәа-иԥа ианашьазааит Аҳаҭыртә шәҟәы».
Г. Аламиа ииубилеи аҳаҭыр азы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ашҟа адныҳәаларақәа аарышьҭит: Москвантә – ашәҟәыҩҩцәа реидгылақәа жәларбжьаратәи реилазаара ахантәаҩы Иури Коноплианников, «Литературная газета» аредакциа, насгьы Нхыҵ-Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа иалахәыз, еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩы Станислав Кесаев, Аахыҵ Уаԥстәыла аҭоурыхҭҵааҩ, ашәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩы Казбек Челехсаҭы.
Г. Аламиа ииубилеи азгәаҭара инамаданы, Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспораҿы еиԥш, Аԥсны ибзианы ирдыруа ауаажәларратә усзуҩцәа Бедиз Кәарацхьелиа, Ильҳан Кәаӡба иаарышьҭыз адныҳәаларақәа рвидеонҵамҭақәа ахәылԥаз иалахәыз аекран аҟны идырбан. Апоет ихьӡала адныҳәаларақәа аарышьҭит иара убас: Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа ахантәаҩы Левенҭ Аҭрышба, Аԥсны адгыларазы Кавказ - аԥсуа Комитет ахантәаҩы Ердешьан Абганба.
Абар, ақәгыларақәеи адныҳәаларақәеи рахьтә цыԥҵәахақәак:
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы В. Аԥҳазоу: «Зхатәы мҩа иану арҿиаҩы ипоезиа иҿыцу цәырҵроуп амилаҭтә литератураҿы, насгьы уи даҽакы иаламҩашьо аҽышьақәнарӷәӷәахьеит. Иаԥиҵахьоу ирҿиамҭақәа ҳлитератураҿы рхатә ҭыԥ ҷыда ааныркылоит. Илирика-философиатә ҩымҭақәа ишьақәдыӷәӷәоит апоезиаҿы ахырхарҭа ҿыц, зхы иақәиҭу аҟазшьа змоу, аха зегь рыла еинраалоу аритмика шрыҵоу. Ирҿиамҭақәа ирыҵубаауеит ижәлар знысхьоу амҩа, иԥсадгьыли ихатәы бызшәеи рахь ҳәаа змам ибзиабара. Ипоезиа уаназхәыцуа иҿымцәаауа гәыӷрак агәра унаргоит, адоуҳамч унаҭоит. Аԥсуа дшаԥсыуоу иаанхаразы ахеиқәырхара амҩа дшанымҵуа иҵарҳәоит».
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик А. Гәарамиа: «Ҳаҭыр зқәу Геннади Шьаликәа-иԥа!
Шәара шәиит, шәагьааӡеит ашәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи маҷҩымкәа излыҵхьоу Кәтол ақыҭа.
Ҳазшаз ишәиҭеит аҟыбаҩ ҷыда, ишәылеиҵеит еиуеиԥшым абаҩхатәрақәа. Убри азоуп шәыԥсҭазааратә мҩагьы ас хҭыслеи ҭоурыхлеи избеиоу, шәырҿиареи шәусуреи рылҵшәақәа зшьардоу, рымҽхак зыҭбаау. Аха, зегь раԥхьа иргыланы, Шәара шәпоетуп. Шәырҿиамҭақәа аԥхьаҩцәа еицырдыруеит, Аԥсны еиԥш, анҭыҵгьы.
Шәара еснагь аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аилашыра шәалагылан, шәыруаӡәкуп Аԥсны жәлар рфорум «Аидгылара» аиҿкааҩцәа. Шәлагала хәы амам Аԥсни Нхыҵ-Кавкази рыбжьара аимадарақәа рырӷәӷәараҿы. Ҳтәыла аҩнуҵҟатәи политикатә ԥсҭазаара активла шәалахәын, шәалахәуп иахьагьы».
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа ахантәаҩы Л.Аҭрышба: «Даара ҳгәы шьҭнахит ҳпоет Геннади Аламиа 75 ш. ихыҵра иазку аилатәара ахьымҩаԥыжәго. Абас еиԥш иҟоу ҳара ҳзы ныха баак иаҩызоу ахаҿсахьақәа ҳауаажәлар аӷьараҳәа иахьрылагылоу, ҳмилаҭ рзы гәадураны, ҳҳәынҭқарра аԥеиԥш азгьы гәыӷырҭаны иҳаԥхьаӡоит. Ҳарҭ зегьы кырӡа ҳаҭыр зқәаҳҵауа ҳпоет имшира гәык-ԥсыкала идаҳныҳәалоит, изеиӷьаҳшьоит иҵегьы арҿиратә қәҿиарақәеи, агәабзиара наӡеи, ақәранҵыра дуӡӡеи».
Ашәҟәыҩҩцәа реидгылақәа жәларбжьаратәи реилазаара ахантәаҩы И. Коноплианников : «Акыр иаԥсоу Геннади Шьаликәа-иԥа! Шәара алитератураҿы хьӡи-ԥшеи змоу еицырдыруа поет дууп. Ҩызас шәысшьоит, сагьазгәдууп. Шәырҿиаратә дунеи даара исзааигәоуп. Уи ауаатәыҩса ҳаразкуа, аԥсҭазаара агәацԥыҳәара рызҭо космосуп.
75 шықәса шәхыҵра гәыкала ишәыдысныҳәалоит. Шәпоезиаҿы шәҟазара еиҳау аҩаӡарахь иҩеилааит, агәабзиареи ақәранҵыреи шәыгымзааит».
Аиубилеитә хәылԥазы аҟны Г. Аламиа иажәеинраалақәа ирыԥхьеит: Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Ҭемраз Чамагәуа, Н. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи 10-тәи Ашьхарыуаа ршкол арҵаҩы Есма Матуа, Е.Ешба ихьӡ зху 5-тәи абжьаратәи ашкол аҵаҩы Аманда Барцыц, Д.И. Гәлиа и́хьӡ зху 4-тәи абжьаратәи ашкол аҵаҩцәа: Аинар Чагәаа, Софиа Чагәаа, Сариа Чагәаа.
Апоет иажәеинраалақәа: «Зыԥсы ҭоу Аԥсынра», «Сымра» ирылху ашәақәа налыгӡеит Аԥсны жәлар рартист Лиудмила Гәымба.
Асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа аиубилиар ианеишьеит аҿыханҵа иаҵанакуа инапы иҵихыз иҭыхымҭақәа руак. Убас, инапаҿы ирҭет агәалашәаратә ҳамҭақәа.
СССР-и Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реид­гылақәеи Урыстәыла ашәҟәы­ҩҩцәа Реидгылеи рлахәыла Г. Аламиа, аханатә еиԥш, иԥсадгьыли ижәлари рымаҵ аура иԥсҭазаара ҵакыс иамоу акәны дахәаԥшуеит. Убри азы ауп, хымԥада, иҿцәажәарақәа руак аҟны изиҳәауа: «Унапы злаку аус уанаҿу, уԥсҭазаара зқәуҵоз иахьала ишнымҵәо, уаҵәгьы анарха шаиуа агәра ануго – убри еиҳау акгьы ыҟаӡам…» Апоет ибзианы идыруеит Кавказ ашьхарыуа жәларқәа реидгылара еснагь ргәыхәтәы ишахьнагӡо. Уи зныкымкәа аҭоурых иаҳнарбахьеит. Аидгылара еиҳау мчык шыҟамгьы агәра игоит. Ус акәымзар, абас еиԥш иҟоу агәаанагара иоурымызт: «Ҳара нарҭаа дуқәа рхылҵшьҭра еиуоу ҳажәларқәа рҭоурых ду иаԥсоу аԥеиԥш роурц ҳҭахызар, ҳшьа абжьы ҳазыӡырҩны еиҳа-еиҳа ҳаиҟәызгоз амҩақәа ааныжьны иаҳзеиԥшу еҵәак зхалашо, ҳаиԥызгало мҩак ҳанызароуп».
Ҵабыргны, апоет ауаажәларратә усзуҩы, Т.Шь. Аџьба, Нафи Џьусоиҭы рыхьӡқәа зху Аҳәынҭқарратә премиақәеи «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡареи занашьоу, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Г. Аламиа инысымҩа ҭбаауп, хҭыслагьы ибеиоуп. Москватәи Алитературатә институт аҟны иҵара хыркәшаны Аԥсныҟа даныхынҳә аус ахьиуазаалакгьы: ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредакциаҿы, Аԥсны Жәлар Реизара адепутатс, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс, агазеҭ «Аидгылара», ажурналқәа «Абаза», «Черкесский мир» уҳәа рредакторс даныҟаз акәзааит, еснагь ижәлар рԥеиԥш лаша азықәԥаҩцәа дреиуан, абри иҟазшьа ԥсраҽнынӡагьы ицзаауеит. Избан акәзар, ауасхыр ӷәӷәа иқәгылоуп. Аԥсны жәлар рфорум «Аидгылара», Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа, аԥсуа-абаза жәлар жәларбжьаратәи Рконгресс уҳәа ауаажәларратә хеидкылақәа рҟынгьы иааԥшит, апоет иеиҿиаратә баҩхатәра. Ижәлар рхеиқәырхара амҩаҿы апоет аганахь дызгыларымызт, шьардагьы илиршеит.
Арҿиараҿы еиԥш, иуаажәларратә усурала иналукааша аҵеицәа ируаӡәку Геннади Аламиа шьардаамҭа ижәлар дрылагылазааит.

В.Ажәанба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me