ААР Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт анапхгареи аколлективи гәалсра дула адырра ҟарҵоит лыԥсҭазаара дшалҵыз аҵарауаҩ, аҟазараҭҵаара акандидат, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ нага Мери Мушьни-иԥҳа Ҳашба М.М. Ҳашба диит мшаԥымза 5, 1937 шықәсазы Аҟәа ақалақь. 1961 шықәсазы далгеит Қарҭтәи аконсерваториа амузыкаҭҵаара ахырхарҭала. 1974 шықәса инаркны акыр шықәса инеиԥынкыланы аус луан Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә…