Ахаҵамԥҳәысра аазырԥшуаз

Арҵаҩы, ааӡаҩ аибашьра амҩа ианылара имариоу усым.Аамҭақәак ҳаман ҳҵаҩцәа адунеиаҿ аҭынчреи ажәларқәа реиҩызареи анрыла­ҳааӡоз. Аха ус изыҟамлеит еиҳау- еиҵоу абџьар шьҭыхны ианеиҿагыла. Ус изыҟамлеит хә-миллионҩык зхыԥхьаӡара наӡоз ақырҭуа жәлар шә-нызқьҩыуаак иреиҳамыз аԥсуа жәлар рықәхра хықәкыс иҟаҵаны, бџьар хкыла еиқәных рҿанаарха, усҟан аибашьра амҩа ианылар акәхеит хәыҷгьы-дугьы.


Узшьырц, уқәызхырц иааиуа дызлаанукылаша мҩак уԥшаароуп. Убри амҩоуп изнылаз хыԥхьаӡара рацәала абџьар шьҭызхыз ҳарҵаҩцәа. Урҭ рхыԥ­хьа­ӡараҿы дыҟан Кындыӷтәи аҩбатәи абжьаратә школ аҟны аиҵбыратә клас-сқәа рҿы рҵаҩыс аус зуаз Раиса Иван-иԥҳа Ӷәынџьиа.
«Сара, аибашьра ианалагаз сашьеи саҳәшьеи сыцны, Киев сыҟан. Адлер ҳанаа ауп ианҳаҳаз Аԥсны аибашьра ишалагаз. Афымца дәыӷбала Аҟәанӡа ҳнаӡеит. Уи аамҭаз Гагра ақырҭуа десант дыртәахьан. Ҩымш Аҟәа Аҳабла ҿыцаҿ иаадыруаз Ҵәызбақәак рҭаацәараҿы ҳаҟан. Сашьа Вадим аҷкәынцәа дрыцны абџьар аԥшааразы акыр иныҟәеит, аха илҵшәадахеит. Саҳәшьа аиҳабы Рита лхәыҷы Кындыӷ дыҟан, «сыршьуазаргьы схәыҷы дахьыҟоу сцароуп», – лҳәан шьапыла мацара, лхала Кындыӷынӡа дцеит Сара сашьа сицаангылеит. Ахԥатәи амшазы Ареспубликатә хәышәтәырҭала шьхала ҳазцозар ҳәа амҩа ҳақәлеит. Амҩахь ҳзықәшәаз, иҳахҭысқәаз ртәы иуадаҩуп аҳәара. Сашьа, саб иашьа иԥа, Кындыӷаа рыҳәса ҩыџьа, ӡӷаб хәыҷыкгьы дҳацын, иҳаулак ҳқыҭа аҿынӡа ҳаԥсы наҳгеит. Иаразнак апартизан гәыԥ анеидыркыла, аҩны иҳамаз ахәшәқәа ааидкылан, сшәыра аашьҭыхны сашьа дахьцоз сцеит. Декабр фбанӡа Кындыӷ ҳаҟан, ҳҳаблаҿ хәба, фба ҩны рыда егьырҭ зегьы рблит.
Сызцқәаз еиҳарак Ӷәынџьиаа рыҷкәынцәа ракәын. Усҟан абџьар змаз ҳҩызцәа ԥшьҩы-заҵәык ракәын: Дима Кациа (ҳҳабла­ҟынтә), Арасаӡыхьаа рыҷкәынцәа: Робик Габуниа, Рамин Ҳаџьым, Адамыр Бганба. Нас ашьҭахь аӷацәа хәыҷы-хәыҷла ирцәаагаз ала еидаҳкылт. Сызламыԥшыз ажәылара ыҟам. Декабр инаркны март мза аҟынӡа есыҽны ажәылара ҟарҵон Ҭоумышь ҳамырхырц. Избанзар, уи ахырӷәӷәарҭа акраҵанакуан. Декабр 24 рзтәи ажәылараан егьырҭ ааигәа иҟаз ҳхырӷәӷәарҭақәа рҿынтә ацхыраара ахьаҳмоуз иахҟьаны хҩык ҳаҷкәынцәа ҳцәыршьит: Нырбеи Қапба, Баҭал Қапба, Ахсалба ҷкәынакгьы, хҩык ҳцәырхәит. Уи ашьҭахь ҳхырӷәӷәарҭақәа ԥсыҽхеит, декабр 27 рзы ҳаӷа иаҳцәигеит, жәамш уи инапаҿы иҟан. Ианвараз ирымаҳхит, ирацәаҩны ҳаҷкәынцәа ҭахеит. Дысгәалашәоит 16 шықәса зхыҵуаз Кәтолтәи аҷкәын гәымшәа Сасрыҟәа Гармелиа, уи абри аидыслараҿ ишьапы амнахит, далаҳгеит. Иршьыз, ирхәыз аӡәгьы даанаҳмыжьит, зегьы ралгара ҳҽахьаҳагӡеит.
Иҵегьы ишәыцхраауаз амедеиҳәшьцәа шәгәалашәыршәар ҳҭахын:
– Наира Гамгиаԥҳа (нас аи­башьраҿы машәырла дҭахеит). Иамзе Қапба, лашьа данҭаха нахыс ҳара дҳацын.
Абра Ҭоумышь ҳантәаз лассы-лассы даҳзаауан абыргцәа рхеилак аиҳабы Павел Ҳаџьараҭ-иԥа Аӡынба. Уи сырҵаҩ иакәымзи ауниверситет аҿы, саниба «абааԥсы, абри шәеибашьратә хҭысқәа есыҽны акы ианҵала», ҳәа исабжьигеит. Аха урҭ ҳахҭысқәа убри аҟынӡа игәыҿкааган, анҵара акәым, ирласны исхашҭында ҳәа акәын сшыҟаз, акызаҵәык сгәы иалоу зегь рыхьӡқәа ахьысгәаламшәо ауп».
Аиашаз, ихьанҭоуп, игәыхьуп ҳаибашьратә хҭысқәа, аха иҳамҩыр, иҳамҳәар зхы ҳахҭнызҵаз рыбжаҩык рыхьӡқәа, ргәалашәара агага аиԥш иниаӡӡаа ицоит.
– Раиса Иван-иԥҳа, шәара шәалахәызма Тамшь адесант аныӡхыҵуазтәи ажәылара?
– Адесант аныӡхыҵуаз ҩынтәны Тамшь, апитомник аҟынӡа амҩаду аанкыланы иҳаман. Сентиабр 16 рзы, ашарԥазӡа иҟан ажәылара. Аӡҩыбжьа ацҳаҟынӡа ҳнеит. Кындыӷаа ҳбаталион зегьы амҩадуахь ҳаиасит. Нас Аӡҩыбжьа (Дача) Худои икоман-да (д-казак еибашьҩын) ҳаҽрымаҳдеит, урҭ рыԥсы дыршьатәын, убра ҳаҟан Аҟәатәи агәыԥқәа неиаанӡа. Нас излеилаҳкааз ала, абри абжьара ибжьанакыз ҳаӷацәа рхыԥхьаӡара наӡон 5 нызқьҩык аршьаҟауаа мацара. Хыхь аҳауала ирыцхраауан. Убысҟан ахәра иоуит Толик Кациа, иҭахеит: Руслан Ӷәынџьиа, Дима Аџьынџьал, Сарпион Гогиа.
Абра инҵәеит аибашьҩы, аха­ҵамԥҳәыс лгәалашәара. Аха ихадоу арҵаҩы леибашьратә хәрақәа зырӷьаша, лгәы ҭызгаша лымоуп, урҭ еиҵалааӡо абиԥара-ҿа роуп. Абар шьҭа 17 шықәса ҵуеит Раиса Иван-иԥҳа Б.Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратә школаҿы рҵаҩыс аус луеижьҭеи.
Аиааира ду 32 шықәса ахыҵра ала­мҭалаз аредакциа ахьӡала илы-даҳныҳәалоит Аиааира Амш. Ари аныҳәа зыҟаломызт лара лҩызцәа афырԥҳәызбацәа ҳамамзҭгьы!

Наира Сабекиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me