Џьота Тапаӷәуа – 100 шықәса

Ахәыҷтәы поет, апрозаик, аиҭагаҩ, ааӡаҩ Џьота  Тапаӷәуа диижьҭеи 100 шықәса ҵуеит.

Џьота Константин-иҧа Тапаӷәуа диит 1924 ш сентиабр 20 рзы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат  Аҧсни Қырҭтәылеи зҽаҧсазтәыз арҵаҩы ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа ихҵан. СССР-и Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) далахәын. Ианашьоуп СССР аибашьратә орденқәеи амедалқәеи, насгьы Н. К. Крупскаиа лыхьӡ зху амедал  уҳәа егьырҭгьы.

        Кәтолтәи ихарҭәаам абжьаратәи ашкол даналга (1939) дҭалеит Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа, аха аҩбатәи акурс аҟны дыштәаз афронт ахь дцоит. Аибашьра анеилга иҵара наигӡоит. Рҵаҩыс аусура далагоит Кәтолтәи ашкол аҟны. 1953 шықәсазы А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт дҭалоит, иҵара хиркәшоит 1957 шықәсазы. Аусра хациркуеит ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредакциаҿ, уи нахыс – Аҟәатәи аҧсуа школ арҵаҩыс дыҟан. Аамҭақәак рышьҭахь Аҧсны аҵара аминистрра аҧсуа бызшәеи алитературеи рзы аинспекторс диаргоит. 1992 ш. инаркны атәанчара ашҟа диасуеит, аха 2004 ш. азынӡа арҵаҩцәа реиҭазыҟаҵара аҧсуа институт аҟны аус иуан.

Џьота Тапаӷәуа илагала бзиа ыҟоуп аҧсуа педагогика  аҭҵаараҿы. Алагарҭатә классқәа рзы аҧсуа литература ахрестоматиақәа жәпакы еиқәиршәеит,  авторс дрымоуп арҵагашәҟәқәеи, апрограммақәеи, аметодикатә цхыраагӡақәеи уҳәа. Уахь иалоуп: «Аҭаацәараҿы ахәыҷқәа рааӡара азҵаарақәа» (1962), «Аҳамҭа. Ашколқәра азынӡатәи ахәыҷқәа рзы» (1964), «Адиктантқәа реизга. Алагарҭатә классқәа рзы (1972), «Аиҭаҳәақәа рыҩразы астатиақәа реизга» 1-3,4-8 аклассқәа рзы» (1972, 1973) уҳәа.

Ахатәы бызшәеи алитературеи ҷыдала дахьырзыҟаз иабзоураны апоезиа адунеи иҽагәылеихало далагеит, ажәеинраалақәа рыҩра иҽазикит 1943 шықәсазы, афронт аҟны даныҟаз. Убасҟан акьыҧхьгьы абеит иан илзааиҭиз раҧхьатәи иажәеинраала «Ан лахь асалам шәҟәы». 1957ш. инаркны иҩымҭақәа лассы-лассы ирнылон ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Советская Абхазия» уҳәа егьырҭгьы. Иажәеинраалақәа ргәылоуп аизга «Ахаҵарашәа» (Аҟәа, 1980), «Аҧсуа поезиа антологиа. XX ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – 2009). Аԥсышәала жәохә инареиҳаны ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәеи апоемақәеи  реизгақәа ҭижьит.

Апоет иажәеинраалақәа еиҭагоуп аурыси ақырҭуеи бызшәақәа рахь, хазы шәҟәқәангьы иҭыжьын. Аҧсшәахь еиҭеигеит С. И. Маршак, К. И. Чуковски, А. Л. Барто, О. Т. Туманиан, С. Б. Капутикиан, И. Г. Ҷавҷаваӡе уҳәа рырҿиамҭақәа.

Аурысшәахь еиҭаганы иҭыҵыз аизгақәа иреиуоуп: «Люблю я утро» (1976); «Мы любим родную Абхазию» (1986); «Джигитовка» (1996); «Кама и Чама» (1996).

Џьота Костантин-иԥа Тапаӷәуа иԥсҭазаара далҵит 2013 шықәса маи акы азы.

 

В. Абыгба

 

Џьота ТАПАӶӘУА

АԤСШӘАҲӘАШЬА

 Аԥсыуаҵас

Аԥсшәа аҳәашьа,

 Ус ишубогьы

Имариаӡам.

 

Аха знык

Уанақәшәа аҳәашьа,

 Иухоумыршҭын,

Уи ԥхашьараӡам.

 

– Шьыжьбзиа! –

Уҳәоит ашьыжь,

 Амра хәлаанӡа

Такәы.

 

– Мшыбзиа! –

Уҳәоит убысҟан,

 Амра анықәу

Шьыбжьагәы.

 

Хәыҷы-хәыҷла

 Илеиуа, илеиуа

Амра

 Аӡаалара ианаҿу,

 

Ианумба

Амра аиуа,

– Хәылбзиа!

Ауп иҳәатәу.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me