Аԥҳәызба гәымшәа

09 Лаҵара 2024 07:08
Сынтәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду еилгеижьҭеи 79 шықәса ҵит. Ашықәсқәа цацԥхьаӡа еиҳа-е­иҳа иаҳцәыӡуеит ҳветеранцәа.
Ҳҭаацәара ҳаҭыр дула иаҳзыҟоу, акыршықәса рҵаҩыс, иара убас Ҭхьынатәи абжьаратәи ашкол аҟны аҵара аҟәша аиҳабыс аус зухьоу, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәо ауаҩ ҟәыш Иура Бигәаа ааигәа аҭел дысзасит: «Бызбар сҭахын, аусура бҟалозар» – ҳәа.
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы имҩаԥысит ААР апрезидиум алахәылацәа реилатәара. Амшхәаԥштә аҿы иқәгылан азҵаара хадақәа хԥеи, еиуеиԥшым ахь иаҵанакуаз даҽа зҵаараки.
Аԥсны акультуратә хәышҭаарақәа ирхадароу И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы есышықәса имҩаԥысуеит «абиблиоҵхы» зыхьӡу акультуратә усмҩаԥгатә. Уи хацыркын 2017 шықәсазы.Ари аусмҩаԥгатә ашҟа иааиуеит Аԥсны ахи-аҵыхәеи зегьы рҟнытә ашколхәыҷқәа, астудентцәа, арҿиаратә гәыԥқәа.
Азареҭ Алықьса-иԥа Аиба диит хәажәкыра 25, 1944 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан. 1960 шықәсазы далгеит Оҭҳаратәи абжьаратә школ. Адрҩашықәсан дҭалеит Ростовтәи афинанс-економикатә институт, афакультет «афинансқәе­и-акредити».Уантәи 1963 ш. рзы арра иԥхьеит. 1964 шықәсқәа рзы арра дахысуан амшынаҵаҟатәи аҽазыҟаҵаратә гәыԥ аҟны.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me