Изаамҭанытәу аҭыжьымҭа

Иҭыҵит алитература-сахьаркыратә, ауаажәларра-политикатә журнал «Алашара» аномер ҿыц (№4, 2024 ш.). Ажурнал аатуеит сынтәа 75 шықәса зхыҵыз апоет, ауаажәларратә усзуҩ, ажурнал «Аԥсны аҟазара» аредактор хада Геннади Аламиа иҿцәажәарала. Аиубилиар диҿцәажәеит ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа.


Ажурнал ианылеит Анзор Мықәба ироман «Ачамҳа ду аҵаҟеи», Владимир Занҭариа иажәеинраала ҿыцқәеи. Аԥсшәахь еиҭагоу (аиҭ. Валери Касланӡиа) Алеқсандр Пушкини Алеқсеи Толстои ражәеинраалақәа, иара убас Алеқсандр Вампилов икомедиа «Аԥа еиҳабы» (аиҭ. Геннади Аламиа) дрыԥхьар алшоит.
Аслан Занҭариа аԥсшәахь еиҭеигеит Едгар Аллан По, Константинос Кавафис, Иосиф Бродски ражәе­инраалақәа.Уаанӡа икьыԥ­хьымыз Инна Ҳашба лажәеинраалақәагьы ажурнал аномер ҿыц ианылеит.
Арубрика «Аҿар рыбжьы» аҿы ианылеит Џьамбул Инџьгьиа иажәеинраалақәа. Арубрика «Анаука» аҟны Таиф Аџьба заатәи ипоезиа иазку Валентин Коӷониа истатиа. Еицырдыруа аԥсуа поет, Аԥсны ауаажәларра-политикатә усзуҩ Николаи Патулиди диижьҭеи 80 шықәса аҵра инамаданы, ажурнал ианылеит Таиф Аџьба еиҭеигахьаз иара иажәеинраалақәа. Ажурнал «Алашара» аномер ҿыц иара убас ианылеит Илона Кәыҵниа, Виачеслав Аблоҭиа, Иури Лагәлаа ражәеинраалақәа, Аполлон Думаа игәалашәарақәа, Ныгәзар Логәуа иҿцәажәара.Арубрика «Аԥсны Афырхацәа» аҿы аԥхьаҩ иԥыхьашәоит Саида Ҳаџьымбеи Аԥсны Афырхаҵа Мирон Чалмази реиҿцәажәара, иара убас 1993 шықәсазы Марттәи ажәылара ашьҭахь иҟаҵаз авидеоматериалқәа рышьаҭала Ҭали Џьапуаԥҳа илҩыз, аԥсуа фырхацәа ранацәа ирызку астатиа. Арубрика «Алитературатә еимадарақәа» аҿы икьыԥхьуп Маиҟәаԥ ақалақь аҟны имҩаԥысыз, апоет Дмитри Габелиа ирҿиаратә хәылԥазы иазкны Алиса Гәажәба еиқәлыршәаз анҵамҭа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me