Амашәырқәа маҷхеит, агәырҭынчра – мап

2024 шықәса рзы иҟалаз амашәырқәа рхыԥхьаӡара  2022 – 2023шш. ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, маҷк иагхеит ҳәа уҳәартә иҟоуп. Абри азы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра апресс-центр аҿы дықәгыло, адырра ҟаиҵеит Лев Кәыҵниа.

«Астатистика ишаҳнарбо ала, хра злоу аиҭакрақәа ыҟоуп. Ашықәс ианалага инаркны иахьанӡа иԥшаан ԥшьҩык аӡы иагаз ауаа рыԥсыбаҩ. Астатистика уазхьаԥшуазар, уаанӡа аӡы иагаз ауаа рхыԥхьаӡара акыр ишеиҳаз убоит. Ашьхараҿы аҭагылазаашьагьы иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы аасҭа еиҳа еиӷьхеит. Уи зыдҳәалоу ҳәа агәаанагара иҳамоу ала, уаанӡа атуристцәа ргәыԥқәеи агидцәеи ашәҟәы иҭаҳгалаӡомызт хҭыс ҷыдақәак аныҟалалак аҭагылазаашьа акыр иуадаҩхон.  Уажәы уи  ихымԥадатәиу усуп абри аусхк знапалаку зегьы рзы, иахәҭоу ахылаԥшрагьы амоуп», – иҳәеит иара.

Лев Кәыҵниа излеиҳәо ала, изакәанымкәа аексурсиатә усура мҩаԥызго агидцәа, Аминистрра адырра амҭаӡакәа атуристцәа рыманы ишахәҭоу ала иҭҵаам ацагамҩақәа рыла идәықәлоит. Ари зынӡаск ииашаӡам. Аминистр ас еиԥш иҟоу азинеилагарақәа раԥхьырҟәҟәаразы аусурақәа мҩаԥысуеит ҳәа иазгәеиҭеит. «Ҳара иааиԥмырҟьаӡакәа аилыркааратә усурақәа мҩаԥаагоит: цқьа иҭаҳҵаауеит ацагамҩақәа иара убас аныҟәаҩцәа амҩахь иргашазы адырра ҟаҳҵоит. Аҭыԥантәи ауааԥсыра – ашәарыцаҩцәа ракәзар, урҭ рганахьала иҟоу аҭагылазаашьа мариаӡам: ашәарыцаҩ аԥаҩ даҿҟьеит, мамзаргьы хабарда дыбжьаӡит ҳәа агәҭынчымра аазырԥшуа уи иуацәеи иҭынхацәеи рҟынтәи адырра ҳауеит. Рыцҳарас иҟалаз, ари ахылаԥшра аҭара зырманшәало азакәан ҳамаӡам. Ашәарыцаҩцәа шәарыцара ианцо џьаргьы ашәҟәы рыҽҭаргалаӡом, уи аҩыза ҳара ҳҿы иҟаӡам. Аха сгәаанагарала, ҳара уи аҟынӡагьы ҳнаӡароуп. Уи зегьы амашәыртә хҭысқәа раԥхьырҟәҟәааразы ихымԥадатәиуп», – иҳәеит иара.

Лев Кәыҵниа аԥсабаратә ҟазшьа змоу еиԥш, абзазаратә ҟазшьа змоугьы абылрақәа рыҟалареи урҭ мзызқәас ирымоуи атема дазааҭгылеит: «Аԥхьан ишысҳәахьоу еиԥш, астатистика ҳазхьаԥшуазар, иубар алшоит иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы аасҭа уажәы абылрақәа еиҳа ишмаҷхаз. 30–40 градус рҟынӡа ашоура аныҟоугьы, ахала амцацралара  иадҳәалоу ахҭысқәа даара имаҷуп. Аиҳарак амцакра зыхҟьо ауаҩы ихаҭа иоуп, уи ихымҩаԥгашьа  ауп. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи, ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәеи ҳаицхырааны ауаа ҳрыҿцәажәоит, идеилҳаркаауеит ашәарҭара зхылҿиаар алшо ахымҩаԥгашьа атәы, аха убри аан, урҭ аҭакԥхықәра рақәыршәаразы закәанла ишьақәырӷәӷәоу алшара ҳамаӡам макьаназы. Ауаа рхала ахдырра аарԥшны, рхи рхымҩаԥгашьеи ирыцклаԥшлароуп. Ахатәҩынқәа ахьгылоу аҭагылазаашьа еиҳа еиӷьуп. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы  иҟалаз абылрақәа реиҳараӡак изыхҟьоз афымцацәаҳәақәа реиқәылара, мамзаргьы анапылаҟаҵара рԥхагақәа раҿакра ауп. Уажәы ауаа ари азҵаара аганахьала еиҳа аҭакԥхықәра аадырԥшуа иалагеит», – иҳәеит иара.

Лев Кәыҵниа иара убас Донбассҟа агуманитартә акциақәа рымҩаԥгара атәы далацәажәеит. 2014 шықәса рахыс Аԥсны Донецки Лугански агуманитартә цхыраара рнаҭоит. «Ҳара уахь раԥхьаӡа ицаз ҳреиуан. Жәаҳәарада, ҳалшарақәа митәык идумзаргьы, иҳалшоз ала зегьы ҟаҳҵон. Убри нахыс иарбоу арегионқәа рнапхгаҩцәеи ҳареи аимадара ӷәӷәа ҳабжьоуп», - иҳәеит аминистр. 2022 шықәса рзы Аԥсны Донбасҟа идәықәнаҵеит  200 тонна инарзынаԥшуа агуманитартә еидара – аӡыржәтә, афатә аалыҵқәа, ашәыр, ацитрустә шәырқәа. 2023 шықәсазы идәықәҵахеит 80 тонна, сынтәа  –  10 тоннак инареиҳаны. «Уажәы  ҩаԥхьа агуманитартә партиа аиқәыршәара ҳаҿуп. Ҳминистрра иҷыдоу ахыԥхьаӡаларҭа амоуп. Агәазыҳәареи алшареи змоу зегьы аԥара ахьахырыԥхьаӡалаша ыҟоуп. Урҭ аԥарақәа рыла ҳаибашьцәа ацхыраара рыҭахоит. Иахыԥхьаӡалахо аԥаратә малқәа реикәыршара зегьы афинансқәа Рминистрра ала ахылаԥшра аҭахоит. Иҷыдоу ахыԥхьаӡаларҭа аномер ҳсаит аҿы ианаҳҵоит», – иҳәеит Лев Кәыҵниа.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иара убас Иҷыдоу арратә Операциаҿы иҭахаз Аԥснынтәи ҳаибашьцәа рыԥсыбаҩ аагара еиҿнакаауеит. «Донбасс имҩаԥысуа Иҷыдоу арратә операциаҿы 47-ҩык ҳаруаа ҭахахьеит. Ҳара урҭ рыԥсыбаҩ аԥсадгьыл ахь раагара  ҳхахьы иаҳгеит, иҳалшо ала ари аус анагӡара ҳҽазаҳшәоит. Иарбоу аамҭазы Аԥсныҟа иааҳгеит иҭахаз 27-ҩык ҳаибашьцәа рыԥсыбаҩ.  Аинтернационалтә бригада «Пятнашка» аибашьцәа рымацара ракәӡам, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны иалҵыз, Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟынтәи аибашьрахь ааԥхьара заузгьы», – инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me