Лаҵара 06, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Алашара» №3

Аҧхьаҩцәа ироуит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу  алитература-уаажәларратә журнал «Алашара» ахҧатәи аномер.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 30 ш. ахыҵра инамаданы ажурнал ианылеит «Шәиҧхьыӡ згымхаша аибашьра…» зыхьӡу, аибашьра аветеран Шьазина Џьапуа-ҧҳа лымшынҵақәа.

Гьаргь Гублиа диижьҭеи 95 ш. аҵра аҳаҭыр азы «Алашара» аредакциа аҧхьажәа ацны икьыҧхьуп ашәҟәыҩҩы иажәабжьқәа: «Агәыҩбара…», «Ахаҵаҩыза». Апоет Кәымф Ломиа диижьҭеи 95 ш. ҵит. Арыцхә иазкны ианылеит апоет иажәеинраалақәа. Иҳалагылоу апоет Сергеи Агындиа 70 ш. ихыҵра аиубилеи иазкуп Анатоли Лагәлаа истатиа «Иҭынчу апоезиа ахаҭаранак…». Араҟа ианылеит апоет иажәеинраала ҿыцқәагьы.

Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 90 ш. ахыҵра инадҳәаланы аҧхьаҩцәа ирыдгалоуп  Виачеслав Бигәаа инеиҵыху истатиа «ХХ ашәышықәса 50-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭеи 90-тәи ашықәсқәа ралагамҭеи рзы аҧсуа литературатә процесс аҷыдарақәеи ахырхарҭақәеи».

Аҭыжьымҭаҿы ицәыргоуп иара убас Анатоли Лагәлаа иажәеинраалақәа. Апроза ажанр иаҵанакуеит  Иван Миқаиа иажәабжьқәа.

 «Аҿар рыбжьы» арубрика еиднакылеит Џьамбул Инџьгиеи Аслан Занҭариеи ражәеинраалақәа.

«Алашара» акьыҧхьра хнаркәшеит Геннади Аламиа иеиҭагамҭа Уилиам Шеқспир ипиеса «Акрал Лир»

Ажурнал аҟны акьыҧхь абеит  Валери Бигәаа, Наала Касланӡиа, Анатоли Лагәлаа, Инал Гыцба, насгьы Алина Ачҧҳаи, Фатима Лакрҧҳаи, Наҭела Цәеиҧҳаи еиуеиҧшым атемақәа ирзыркыз рыстатиақәа.

«Ашәҟә ҿыцқәа» арубрикаҿы ицәыргоуп иҭыҵыз ашәҟәқәа: Мушьни  Миқаиа – «Асар рымҩа», Руслан Қапба – «Терент Ҷаниа», «Анатоли Лагәлаа – «Иҭынчым аҵх», Гунда Сақаниа – «Ажәҩан», Енвер Ажьиба – «Иалкаау» (аҩбатәи атом), «Екатерина Бебиа – «Из забвения – в бессмертие» (Иазирхиеит Дмитри Габалиа).

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me