Ицоит иқәҳа аанҿасра змам аамҭа. Ашықәсқәа неиуеит еиҧхеибаҵа. Ари адгьыл аҿы, досу ицуп иара еиҳа изааигәоу ахаҿсахьақәа, ҵҩа змаӡам агәалашәарақәа. Дасу илигаз амҩа – иара ихатәуп. Ари амҩаҿы иара изы ихадароу: илшаз, илымшаз, хықәкыс имаз… Аҧсҭазаараҿы ауаҩы дҭахкаам. Дзықәгылоу адгьыл иара изгәакьоуп, анык леиҧш уи иҵгәоит, иҧхьоит ҧхьаҟа. Уи дрымадоуп иааикәыршаны иҟоу, ҧсы зхоу зегьы.