Лаҵара 06, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум ирыланаҳәоит 2023 шықәса, цәыббрамза нҵәаанӡа ишымҩаԥгахо ААР аҟны алахәыла иашақәеи (академикцәеи) алахәыла-корреспондентцәеи ралхра.

Аҭыԥқәа еихшоуп аҭҵаарадырра анаҩстәи аҟәшақәа рыла:

5 ҭыԥк – ААР алахәыла иашақәа (академикцәа) рзы:

                      4 – агуманитартә ҭҵаарадыррақәа рыла;

                      1 – аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа рыла.

5 ҭыԥк – ААР алахәыла-корреспондентцәа рзы:

                      4 – агуманитартә ҭҵаарадыррақәа рыла;

                      1 – аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа рыла.

ААР алахәыла иашақәеи (академикцәеи) алахәыла-корреспондентцәеи ркандидатурақәа рықәыргылара азин рымоуп ААР Аинститутқәа рҵарауаа рхеилакқәеи рыҭҵаарадырра-техникатә хеилакқәеи, егьырҭ аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усбарҭақәа, иреиҳау аҵараиурҭақәа рҵарауаа рхеилакқәа, иара убас ААР алахәыла иашақәа (академикцәа) дара зҵазкуа ААР аҟәшақәа рыла.

Ақәыргыларақәа раан изықәныҟәатәу документ хаданы иҟазаауеит акандидатурақәа шықәыргылатәу, ианықәыргылатәу, документқәас иадгалатәу зныԥшуа «Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы алахәыла иашақәеи (академикцәеи) алахәыла-корреспондентцәеи ралхрақәа ирызку аԥҟарақәа». Аԥҟарақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит аҟны (http://akademra.org/).

Иаҳа инҭкаау адырраҭаразы шәадҵаал ААР апрезидиум абри аҭыӡҭыԥ ала: Аҟәа ақалақь, акад. Н.И. Марр имҩаду, 9. Аҭел: +7(940) 770–63–54; +7(940) 927–26–67. E-mail: Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me