Дҳаԥхеит жәлар рпоет

87 шықәса дшырҭагылаз дҳаԥхеит Аԥсны жәлар рпоет, аиҭагаҩ, алитературатә критик, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик Мушьни Таииа-иҧа Лашәриа. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла анапхгареи арҿиаратә еилазаара иалоуи гәалсра дула ирыдыркылеит апоет-академик иԥсҭазаара иалҵра, егьрыдышшылоит уи игәакьацәеи иҭынхацәеи.


Мушьни Лашәриа диит (16.01. 1938) Очамчыра араион Кәтол ақыҭан.
Аԥсуа поезиаҿы, инеизакны адоуҳатә культураҿы злагала шьардоу, Аҧсны аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩы (2015) ҳәа аҳаҭыртә хьӡы зыхҵаз Мушьни Лашәриа ианашьан Ш. Русҭавели ихьӡ зху Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә премиа (Ш. Русҭавели иҩымҭа «Абжьас-цәа зшәу» аиҭагазы), Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа (2004, «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» аиқәыршәаразы), А. Дельвиг ихьӡ зху Урыстәылатәи апремиа (2015), иара убас аорденқәа: «Аҳаҭыртә Дырга» (СССР, 1986), «Ахьӡ-Аҧша» I, II, III аҩаӡарақәа. СССР-и, Урыстәылеи, Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа, ашьҭахь Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа (2003) рлахәыла Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩыс дыҟан.
Аҵара иҵон Кәтолтәи 8-шықәсатәи ашкол аҟны, Аҟә­атәи аҳәы­нҭқарратә арҵаҩратә ҵараиурҭаҿы (1953-1957), А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҧсуа ҟәша аҟны (1957-1960), Москва, А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институти (1960-1965) иара убас СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа А. М. Горки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститут аспирантуреи рҟны (1970-1974).
1965-1967 шш. раан агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» алитературатә усзуҩыс дыҟан, 1967-1970 шш. рзы ажурнал «Алашара» апоезиеи, акритикеи, апублицистикеи рыҟәша деиҳабын. 1974 ш. СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Адунеитә литература аинститут аҟны ихьчоит акандидаттә диссертациа «И. А. Коӷониа ирҿиареи аҧсуа советтә поезиаҿы аетикатә жанрқәа рырҿиареи» ҳәа хьӡыс иаманы, хазы шәҟәны егьҭыжьын Аҟәа 1979 шықәсазы. 1974 ш. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Аҧснытәи ринститут ҭҵаарадырратә усзуҩын, 1974-1978 шш. раан ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аредактор хадас дыҟан, 1979-1986 шш. рзы – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Аусбарҭа ахантәаҩыс, 1978 ш. инаркны – абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Аҧснытәи ринститут аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс. 1988 ш. инаркны ари аинститут (уажәы – Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵаара аинститут) алитература аҟәша деиҳабын. Аамҭакала Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа иҭнажьуа алитература-уаажәларратә газеҭ «Еҵәаџьаа», иара убас ажурнал «Аҟәа-Сухум» рредакторцәа дыруаӡәкын.
1994-1996 шш. рзы М. Лашәриа инапхгарала Аҧсуа телехәаҧшрала идырбан «Аҧсуа поезиа адаҟьақәа» асериа еиднакылоз адырраҭарақәа рцикл. Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит 12-13 шықәса анихыҵуаз. Апоет ишьақәгылараҿы ирыбзоуроу рацәоуп Д. И. Гәлиа, И. А. Коӷониа, Б. У. Шьынқәба уҳәа рпоезиатә рҿиамҭақәа. 1955 ш. иҭыҵыз ажурнал «Алашара» аҩбатәи аномер ианылеит раҧхьатәи иажәеинраалақәа ируаку «Ҽынлеиҧш илашан».
Иҩымҭақәа ркьыҧхьуан ажурналқәа «Амцабз», «Аҟәа-Сухум», «Юность», «Абаза», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны», «Советская Абхазия», «Литературная газета», «Еҵәаџьаа» уҳәа егьырҭгьы. М. Лашәриа ипоетикатә ҩымҭақәеи иеиҭагамҭақәеи жәпакы агәылалеит ихаҭа аиқәыршәаҩс дызмаз «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» аҩбатәи атом (Аҟәа-Москва, 2001; ихарҭәааны шәҟәыкны аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).
Мушьни Лашәриа ипоезиатә рҿиамҭақәа реизгақәа, ажәеинраалала иҩу ироман «Аџьынџь», ипоемақәа «Ахьтәы уасцәа», «Ашаеҵәа» уҳәа еидызкыло ишәҟәқәа 20 инареиҳаны иҭыҵхьеит.
Апоет деицырдыруеит иара убас еиҭагаҩны. Аҧсшәахь еиҭеигеит А. С. Пушкин ироман «Евгени Онегин», М. И. Лермонтов ипоемақәа «Мцыри», «Демон», Ш. Русҭавели – «Абжьас-цәа зшәу», Џь. Баирон («Шилонтәи атҟәа»), Г. Лонгфелло («Гаиавата изку ашәа»), Ш. Петефи («Ԥхьаҟа, Мадиараа», «Жәлар рашәа»), абашкирцәа репос «Урал-Баҭыр» уҳәа егьырҭгьы.
Мушьни Лашәриа аҧсуа литератураҭҵаареи акритикеи рҟны илшамҭақәа маҷым. Авторс дрымоуп аҧсуа литература аҭоурых апроблемақәа ирызку ашәҟәқәа, иара убас Д. И. Гәлиа, И. А. Коӷониа, Б. У. Шьынқәба, Ш. Л. Ҵәыџьба, Қь. Ҟ. Агәмаа, М. А. Лакрба, Кь. Ш. Чачхалиа, А. Н. Гогәуа, Ш. Е. Ҷкадуа, А. Н. Џьонуа, И. К. Ҭарба, М. И. Миқаиа, Ф. А. Искандер уҳәа егьырҭгьы рырҿиара иазку аҭҵаарадырратә статиақәа.
Раԥхьаӡа хазы шәҟәны иҭыҵит иажәеинраалақәа реизга «Игарҵыз ажәа» (1963). Уи нахыс – еиуеиԥшым ашықәсқәа раан аԥсышәала иҭыжьын ипоезиатә ҩымҭақәа еидызкыло ашәҟәқәа: «Агәыӷрақәа», «Абырфын ҩны», «Аӡы аҳра», «Арҩашқәа рышьыжь», «Ажәлаҟьаҩ», «Ахьтәы уасцәа», «Уахынлатәи ахәыцрақәа», «Ашьха қыҭа, Бзыԥҭа ақыҭа», «Аҵеи уахь» уҳәа, хә-томкны иҟоу иҩымҭақәеи иеиҭагамҭақәеи реизга убрахь иналаҵаны. Алитература иазку ашәҟәқәа рахь иаҵанакуеит алитературатә-критикатә статиақәа реизгақәа «Ажәа аҳәаақәа», «Ҳазлиааз». Апоет ирҿиамҭақәа акымкәа-ҩбамкәа аурысшәахь еиҭаганы хазы шәҟәқәаны Москва иҭыҵхьеит, урҭ иреиуоуп ажәеинраалақәа реизгақәа «Смерть камня», «Форель и соловей», ипоемақәа «Золотое руно», «Звезда рассвета» иажәеинраалоу ироман «Отчизна» уҳәа.
Мушьни Лашәриа аԥсуа сахьаркыратә литератураҿы имҩашьауа ишьҭа аанижьит. Ипоезиатә рҿиамҭақәа ирнубаалоит иԥсадгьыл ахь ибзиабара, урҭ рҟны шьахәла еиҿыбаауп ижәлар ржәытә-рҿатә, изнысхьоу амҩа, рмилаҭ хаҿра. Абарҭқәа дыргәыларԥшуа аԥсуа ԥхьаҩ гәрагарала аԥеиԥш лаша дазхьаирԥшуеит.
Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ҿырԥшыганы, иааӡаганы иҟазаауеит еиҵагыло абиԥарақәа рзы. Хашҭра ақәымкәа игәалашәара рыцзаауеит, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа реиԥш, ижәлар зегьы.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит

Аԥсны жәлар рпоет, аиҭагаҩ, алитературатә критик, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик Мушьни Таииа-иҧа Лашәриа иԥсҭазаара иалҵра инамаданы, Аԥсны Аԥыза-министр идҵа инақәыршәаны, Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аекономикеи атранспорти рминистр Џь. Нанба ихантәаҩрала иаԥҵан аԥсыжра аиҿкааразы аҳәынҭқарратә комиссиа.
Сентиабр 29 рзы Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ихаԥхьара, аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара еиҿкаан Аҟәатәи акафедра­лтә уахәамаҿы. Ашьыжь инаркны аԥсы дызҭаз аҭоубыҭ ахьықәыргылаз ауахәамахь инеиуан, рхы-ргәы далырхуан Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара рхаҭарнакцәа, ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, ақалақь ауаажәларра, ауацәеи аҭынхацәеи.
Аԥсыжра аиҿкааразы Аҳәын­ҭқарратә комиссиа ахантәаҩы, Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џь. Нанба алахьеиқәратә митинг аартуа даԥхьеит Мушьни Лашәриа инысмҩа, анаҩс иара егьымҩаԥигон.
Мушьни Лашәриа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ирзааҭгылауа, аԥсуа доуҳатә культура арҿиараҿы илшамҭақәа азгәаҭауа иқәгылеит: апоет, ауаажәларратә усзуҩы В. Занҭариа, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы В. Аԥҳазоу, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада З. Џьапуа, ажурнал «Алашара» аредактор хада А. Лагәлаа, ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы О. Ҷкотуа, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы А. Ашәба. Анаҩс уи дрыԥхьеит Москвантә, Урыстәыла иаҵанакуа ареспубликақәа рҟнытә иаарышьҭыз адышшыларатә телеграммақәа.
Аҵыхәтәан, абри ала алахьеиқәратә митинг хыркәшан.
Аҟәатәи ауахәама аҟнытә аԥсы дызҭаз аҭоубыҭ наргеит Очамчыра араион Кәтол ақыҭахь. Араҟа – Мушьни Лашәриа иџьынџь ахьыҟоу аҩнаҭаҿы ақыҭауаа наӡаӡа ҳәа иарҳәон. Аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара хыркәшан алахьеиқәратә митинг ала. Уаҟа иқәгылеит: Кәтол ақыҭа ахада Г. Ҵулаиа, аҵарауаҩ У. Аҩӡба, аибашьра аветеран Г.Ҵнариа, академик В. Касланӡиа, абырг И. Гәыргәлиа уҳәа егьырҭгьы.
Мушьни Лашәриа иԥсыбаҩ анышә иамардеит иабшьҭра рнышәынҭрақәа рҟны.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me