Аԥсны азышәаҳәаҩ идунеи

Сентиабр 25 рзы Аԥсны иаҭааит Урыстәылатәи Аурыс ПЕН-Центр ахада ихаҭыԥуаҩ, Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи алитературатә премиа аиҿкааратә хеилак ахантәаҩы Борис Евсеев, ашәҟәыҩҩы, Москва инхо ҳџьынџьуаҩ, Аурыс ПЕН-Центр иалоу, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла Владимир Делба, иара убас акинооператорцәа ҩыџьа.


Ишдыру еиԥш, Ф. Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи алитературатә премиа аԥҵаҩцәа ирыларҳәо есышықәсатәи аконкурс аҟны иалкаахо апремиа ранаршьоит. Апремиа зырҭахьоу иреиуоуп Аԥсны ахарнакцәагьы.
Зыӡбахә ҳамоу аиҿкаара ахаҭарнакцәа Аԥсныҟа раара хықәкыс иаман Фазиль Искандер дахьииз, дахьааӡаз иԥсадгьыл, иара убас ашәҟәыҩҩы ихьӡ иадҳәалоу аҭыԥқәа инагӡаны реилкаара, рыҭҵаара, насгьы ателефильм аҭыхра.
Раԥхьатәи амш инаркны асасцәа рныҟәарақәеи урҭ рԥыларақәеи раан ирыцын, зехьынџьара имҩаԥыргон аԥсуа шәҟәыҩҩцәа. Ҳтәыла иаҭааз рҽаладырхәит сентиабр 25 рзы И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысуа есышықәсатәи Арт-фестиваль «Амшын аҿықәан анеиааирақәа». Хәымш инеиԥынкыланы Аԥсны рыҟазаара иалагӡаны аинтерес зҵаз акыр аиԥыларақәа рзеиҿкаан.
Азҿлымҳара бзиа зауз аиԥыларақәа мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет иатәу Ф. Искандер ихьӡ зху акабинет аҟны – астудентцәа алахәны, иара убас Ф. Искандер ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр аҟны. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иҟанаҵаз адгыларала еиҿкаан Ф. Искандер ихәыҷра ахьихигоз Ахәҵа (ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭақәа рҟны Чегем зыхьӡу) ақыҭахь рцара. Араҟа дырхаҵгылеит Џьгьарда ақыҭа ахада Адамыр Амҷба. Џьгьа­рда ирықәшәеит иара убас Ф. Искандер ианшьцәа Мишьелиаа рхылҵшьҭра еиуоу арԥарцәа, транспортлагьы еиқәдыршәеит. Урҭ иахьа уажәраанӡа еиқәырханы ирымоуп ашәҟәыҩҩы заатәи ифотосахьақәа. Фазиль ианшьцәа ахьынхоз Ахәҵа иахьазы аӡәгьы дыҟаӡам, ақыҭауаа ааигәатәи ақыҭақәа, еиҳарак Џьгьардаҟа ииасхьеит. Иахьа аишьцъа Димеи Альберти Мишьелиаа Џьгьарда инхоит. Акыр иажәхьазаргьы, еиқәдырхеит Мишьелиаа Ахәҵа ианынхоз ирымаз аҩнымаҭәа ­ахьтә амаҭәарқәа. Асасцәа мҩахыргеит Џьгьардатә абжьаратәи ашкол ахьгьы. Идырбан Ф. Искандер изку фотосахьала иҩычоу акәакь. Даара агәалаҟара бзиа рыманы асасцәа Џьгьардантәи Аҟәаҟа ихынҳәит.
Аҟәа акәзар, аҭыхрақәа мҩаԥысуан Аԥсны азышәаҳәаҩ зхазы изҳәахьаз Ф. Искандер дахьииз – иахьа ихаҭа ихьӡ зху амҩаҿы игылоу аҩны, аҵара ахьиҵоз ахԥатәи абжьаратәи ашкол, ақалақь аҩнуҵҟа ихьӡ иадҳәалоу егьырҭ аҭыԥқәа рҟны.
Асасцәа Аԥсны рыҟазаара ахыркәшараан Ф. Искандер иԥсҭазаареи ирҿиареи ирызкны Аԥснытәи Амилаҭтә библиотекаҿы еиҿкаан астол гьежь. Уи рҽаладырхәит абиблиотека аԥшәмацәа реиԥш, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, Аҟәатәи ахԥатәи абжьаратәи ашкол ахаҭарнакцәа.
Астол гьежь ааиртит, егьымҩаԥигон Владимир Делба. Ихацыркын Борис Евсеев иқәгыларала. Уи далацәажәеит, иаԥҵоу апремиа адагьы, Ф. Искандер ихьӡ рыларҵәаразы имҩаԥырго аусура. Анаҩс ргәаанагарақәеи ргәалашәарақәеи ирзааҭгылеит: Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа, апоет-академик Владимир Занҭариа, ажурнал «Аԥсны аҟазара» аредактор хада Геннади Аламиа, Аԥснытәи ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиа, агазеҭ «Республика Абхазиа» аредактор хада инапынҵақәа назыгӡо Артавазд Сарециан, ажурналист Руслан Ҭарба уҳәа егьырҭгьы. Аҟәатәи ахԥатәи ашкол аҵаҩцәа Ф. Искандер иҩымҭақәа рцыԥҵәахақәа ирыԥхьеит.
Агәы аԥхара аҵаны имҩаԥысыз аицәажәара астол гьежь аҵаки ахықәки акырӡа игәылнарҭәааит. Ихадоу – зегьы агәҭахәыцра бзиақәа рзыннажьит. Аԥхьаҟагьы, хымԥада, аимадарақәеи аусеицуреи ирыцҵахоит.
В. Ажәанба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me