Ҳара ҳтәы ишагоз здыруан…

«Зныкгьы сазымхәыццызт Аиааира ҳзымгар, ҳара иаҳтәымхар ҳәа. Еиҟарамыз ҩ-мчык ҳаиҿагылан, хыҧхьаӡаралагьы акырӡа аҧсуаа иҳаиҳаз абџьарлеи џьаҧҳанылеи еиқәшәаз ажәлар ҳшырнымшәозгьы, ҳашрабашьуазгьы.

Аибашьра ианалага раҧхьатәи амш инаркны аҵыхәтәанынӡа, сҩызцәа аибашьцәа зегь реиҧш, Аиааира агәра згон!..» – ҳаиҿцәажәара хацыркуа абас иажәа далагеит ҩ-еи­башьрак зхызгахьоу, раҧхьа – Афганисҭан, нас – Аҧсны, хаҭала, ақырҭуа-аҧсуа еибашьраҿы иааирҧшыз агәымшәареи агәаҕьреи рзы «Агәымшәаразы» амедал занашьоу аибашьра аветеран Родик Зеҭба.
Аибашьра ианалагоз Родик 24 шықәса дырҭагылан. Уи аррамаҵзура ахьихигоз, дахьахысуаз Афганисҭан фымз арратә зыҟаҵара данахыс ашьҭахь: шықәсыки фымзи аибашьра ихганы иҧсадгьыл ахь дхынҳәижьҭеи 4 шықәса ҵуан. Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны, аекономикатә факультет ахҧатәи акурс аҿы аҵара зҵоз Родик, аҧхынтәи аҧсшьара мшқәа рзы изааигәаз, иашьцәаҵас ииҧхьаӡоз игәылацәа ҩыџьеи иешьара иатәыз иашьцәеи рхатә уск азы Москваҟа амҩа иқәын. Родик иажәақәа рыла, Тула ишнеиуаз ажәабжь бааҧс раҳаит, Аҧсны аибашьра ишалагаз ала. Ҳәарада, ари ажәабжь бааҧс шраҳаз еиҧш шьҭахьҟа рыҧсадгьыл ахь идәықәлеит.
«Ҳашзахәоз Ҧсоу аҳәаахь ҳаихеит, аха амҩа адыркхьан. Нас, аҧсуаа аӡәырҩы иҳақәшәази ҳареи ҳааицәажәан, ҳхы ҳархеит Чечниаҟа, Аҧсныҟа ацараза Шамиль Басаев агәыҧ еиҿкааны ишимаз анҳаҳа. Ажәакала, Шамиль Басаев дҳаҧшаан игәыҧ ҳалалеит, абџьаргьы ааҳхәеит. Мышқәак рышьҭахь, Шамиль дҳаҧхьагыланы, шьхала абџьар ҳаманы ҳхыҵит. Раҧхьа шьх­ала ихыҵыз ҳара ҳазлаз Шамиль игәыҧ ауп. Аҧсуаа 40-ҩык раҟара ҳхыҧхьаӡара наӡон, зхатәгәаҧхарала, ацхыраараз еибашьра Аҧсныҟа иҳацааз аибашьцәа рацәаҩын», – иҳәеит аибашьра аветеран, Аҧсныҟа раара амҩа шымариамыз дазааҭгыло.

Анаҩс, Родик иҩызцәеи иареи раҧхьа аибашьра иалаҳәхеит Гагра ахақәиҭтәраан. «Сара аибашьратә ҧышәа ахьсымаз аҟнытә, Шамиль игәыҧ ахь сидикылеит. Исыцыз сгәылацәа, сҩызцәа, аишьцәа: Даури Ҭенгизи Какәбааи, (Ҭенгиз – Тамшь адесант анӡхыҵуаз дҭахеит), Мурман Хынҭәбеи аибашьра аҧышәа шрымамызгьы, сара сҧышәа шрымаздо, насгьы даргьы агәаҕь зызҭоу, агәымшәара злоу, аибашьра зылшо шракәыз агәра исырган, игәыҧ ахь идикылартә иҟасҵеит.
Уи акәхеит, анаҩс иаҳзыҧшын ахаҵара амҩа. Гагра ахақәиҭтәраан, Мамзышьха ашьха ҳанхалоз аиҿахысра ҕәҕәа ҳақәшәеит, азныказгьы ҳхьамҵыр ада ҧсыхәа ҟамлеит. Аха нас ҳамчқәа еибыҭаны ҩаҧхьа ҳанжәыла, ашьха ахы иақәиҭаҳтәит раҧхьатәи атрафеи «БМП» атанкгьы ҳгеит. Ҳаҕацәа инрыжьыз уи атанк дымшәакәан дақәтәеит ҳҩыза – аибашьҩы Робик Коҕониа, Гагра далалеит «БМП» ала.
Аибашьра аветеран Родик Зеҭба ҳаиҿцәажәараан излаҳаиҳәаз ала, уи Гагра ахақәиҭтәра аҵыхәтәанынӡа алахәхара илымшеит, ишьапы хҳәыцит ишакәым ашьхаҿы иахьиҵаҵәиз аҟнытә. Гагра ахақәиҭтәра ашьҭахь, Родик Зеҭба иажәақәа рыла, Ешыратәи ахырҕәҕәарҭахь дцеит, иҩызцәа – Мрагыларатәи афронт ахь. Анаҩс, Руслан Кәлаа агәыҧ «Шьараҭын» анеиҿикаа, Родик Зеҭба ари агәыҧ ахь диасит. Аиааира амш аҟынӡа «Шьараҭын» агәыҧ иалаз дрыцеибашьуан.
Уи дрылахәын: Каман, Ахбиук, Шрома, Цугуровка уҳәа рхақәиҭтәразы имҩаҧгаз ажәыларақәа.
«Шрома ахақәиҭтәраан, уаҵәы ажәылара ҳцараны ҳшыҟаз, командаҟаҵаҩыс иҳамаз аибашьҩы гәымшәа Руслан Кәлаа дҭахеит. Аха ҳара ҳаибашьратә мҩа иацаҳҵар акәын, мҩабжа аангылашьа ҳамамызт, ҳҩызцәа аибашьцәа ршьа уны ҳаҧсадгьыл аҭынчра азҳархынҳәыр, Аиааира ҳгар акәын.

Ҳәарада, аибашьра адәаҿы ес­нагь ҧхьаҟацара залшом, зны-зынлагьы ҳхьамҵыр ада ҧсыхәа аныҟамызгьы ыҟан. Иҳавыршьаауан ҳҩызцәа, ахәрақәа зауаз ҟалон, аха аӡәгьы гәкаҳарак ааирҧшуамызт, ҳхықәкы анагӡара ҳҽазаҳшәон, ҳазыхиан.
Исгәалашәоит, хаҭала Каман ҳнаӡаанӡа аиҩхаа агаразы ажәылараан ҳаҕацәеи ҳареи даара ҳамчқәа ҧибашәеит, усҟан ахәрақәа зауз амедиаҳәшьа Надиа Хонелиеи Мурман Џьынџьали аибашьра амца иалганы иахьшәарҭамыз аҭыҧахь рнагара сылсыршеит (Мурман Џьынџьал аибашьра ашьҭахь иҧсҭазаара далҵит). Аибашьцәа ҳкеибажьуамызт, ҳаихӡыӡаауан, ҳаицхыраауан. Излауаз ала иҭахоз ҳҩызцәа рыҧсыбаҩқәагьы аҕа инапаҵаҟа иҟамлартә иалаагон», – дҳацәажәон аибашьратә хҭысқәа дырзааҭгыло Родик Зеҭба.
Аибашьра аветеран иҩызцәа реибашьратә мҩа дазааҭгыло, урҭ ргәымшәареи рфырхаҵареи дрызгәдуны иаҳзеиҭеиҳәон:
– Сара сзы сҩызцәа зегь фырхацәоуп. Аха зеибашьратә мҩа алукаауаз аибашьцәа гәымшәақәа рацәаҩын. Урҭ дыруаӡәкуп, ҳаҧхьагыла, агәыҧ «Шьараҭын» еиҿызкааз ҳкомандир Руслан Кәлаа. Уи данҭаха ашьҭахь, командирс иҳамаз Гуслик ҳәа заҳҳәоз (ихьӡҵәҟьа сгәалашәом) Акаба даара деибашьҩы ҕәҕәан, зхы зшаҭоз иакәмызт (дҭахеит Аҟәатәи ашьха ахақәиҭтәраан). Анаҩс, командирс дҳаман Дима Кьышьмариа, уи аибашьра ашьҭахьгьы Лаҭа аҭарцәра аангьы, ажәакала, 2008 шықәсанӡа командирс дҳаман. Аҧсны ахы-аҵыхәа зегь цқьахаанӡа абџьар шьҭаимҵеит, агәаҕь зызҭоу, аибашьраҿы аџьабаа ҕәҕәа збаз дыруаӡәкуп. Дамка Акаба – дҭахеит, Ахра Қәаранӡиа аҭҟәара дақәшәеит, хабарда дыбжьаӡит. Урҭ зегьы ахаҵараҿы аӡә ишьҭахь игылоз ракәмызт. Лымкаала, иӡбахә сҳәарц сҭахуп 15 шықәса зхыҵуаз, агәыҧ зегьы иҳаиҵбыз, аибашьра зықәра аҵанамкуаз, «Малыш» ҳәа хьыӡшьарас изаҳҭаз Минаиа ҷкәын.
Уи даара еилҟьаз, игәымшәаз, «Амца иақәуҵар имбылуа» ззырҳәоз арҧысын, аибашьраҿы изшьапык ицәыӡит (иҧсҭазаара далҵит аибашьра ашьҭахь). Хаҭала, сара абри арҧыс зегьы дахьҳаиҵбыз аҟнытә дыгәцаракны сихылаҧшуан, сихӡыӡаауан, иаргьы даара дсыдҳәалан, агәыҧ аҿы «Родик иҷкәын» рҳәон ихәмаруа ҳаизыҟазаашьа азы.

«Шьараҭын» агәыҧ иалаз рҩызцәа реиҳараҩык шҭахаз, рыҧсадгьыл рхы шақәырҵаз анаҳзеиҭаиҳәоз аибашьра аветеран илакҭа аҽаҧсахит, илахь акыр еиқәылеит. Аха Аиааира Амш дахьаҧылаз иазкны азҵаара аниаҳҭа, игәы ааиҧсахын, еиҳа илахҿыхны аҭак аҟаҵара иҽыназикит. «Ҳгәыҧ Аҟәатәи ашьха ахақәиҭтәра дҵас иҳаман, уа аиҿахысра ҳамҭакы ицон, иҭахази ахәра заузи ҟалеит, ҳкомандир Дима Кьышьмариагьы уаҟа ахәра иоуит. Аха ҳадҵа анагӡара ҳалҳаршеит, анаҩс ҳалбааит Аҟәа, Совмин ахыбра аҿы ҳаиқәшәеит хазы-хазы адҵақәа змаз ҳҩызцәеи ҳареи. Ари ахыбра лахьынҵас иаиуз усгьы еилкаауп, аха зегь ирыцкыз Аиааира ҳара иаҳтәхеит, уи еиҳау гәырҕьара ыҟам!», – иҳәеит уи.
4-ҩык ахшара раб, аибашьра аветеран, Афганисҭантәи аибашьраҿы – «За боевые заслуги» амедал занашьоу, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан илшамҭақәа рзы «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Родик Зеҭба иахьа ихатә ҩызеи иареи рыхшара ргәы рыладууп. Ҩыџьа ахацәарҧар Урыстәыла еиуеиҧшым Академиақәа рҿы аҵара рҵоит, аӡәы – Арратә Академиаҿы, егьи абиохимиа Академиаҿы.
Ҳаиҿцәажәара аҽны рыҧҳа амилициа ашкол аҭаларазы иахәҭоу агәаҭарақәа дырхысуан. Рыхшара реиҵбы макьана ашкол дҭоуп.
Ҳаиҿцәажәара хыркәшо, аиба­шьра аветеран иазгәеиҭеит, Аиааира ҳзаазгаз аибашьцәа гәымшәақәа, афырхацәа, – зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз ргәалашәара шаҳмырӡша, зыҧсы ҭаны иҳамоу аибашьра аветеранцәа ракәзар, иахәҭоу ахылаҧшреи агәцаракреи шрыгыжьтәым.
«Аибашьра атема иага алахьеиқәра ацзаргьы, уи ҳажәлар ирхыргаз ауп, ҳҭоурых ауп, афырхацәа рҿырԥшала аҿар ааӡалатәуп, урҭ рдыруазароуп… Аиааира Амш анааигәахо аламҭалазы мацара акәымкәан, имыцхәӡам сгәанала, лассы-лассы аибашьра иазку акадрқәа, ахҭысқәа, аибашьра аветеранцәа рыҿцәажәарақәа телехәаҧшрала дырбара, радиола рышьҭра, разыӡырҩра», -иҳәеит уи.
Аиашазы, афырхацәа рыхьӡ акамыршәразы, досу иҳалшо, иҳахәҭоу зегь ҟаҳҵозароуп. Зегь раҧхьаӡагьы – ҳхатәы бызшәала ацәажәара… Ҳҵеицәа рхы зқәырҵаз ҳаҧсадгьыл аҟны ҳажәлар милаҭк раҳасабала еиқәхарц ауп. Ишдыру еиҧш, бызшәада изыҟалом ажәларгьы, аҧсадгьылгьы. Ус анакәха, иахьа зхы иақәиҭу, ихьыҧшым ҳаҧсадгьыл аҿы уаҵәтәи ҳҧеиҧш ҳара ҳнапы иакуп, ҳҵеицәа еиқәырханы, рхы-рыҧсы ахҭынҵаны иаҳзааргаз еихаҳҳап, иаҳмырӡып, урҭ рхықәкы наҳагӡап!

Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me