Шәышықәса рышьҭахь – жәлар рыхәмаррақәа

Аԥсуа литература аҟынтә издыруаз, аха ахаан лабҿаба исымбацызт ахәмарра «Аимҵакьачара» ажәытәра иагахьоу акы акәны сахәаԥшуан. Аԥсны аицлабра ду мҩаԥгахоит амилаҭтә хәмаррала ҳәа сыҟамызт, аха уи сахаанхеит. «Аимҵакьачаразы» атурнир ду аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, шәышықәса инареиҳауп Аԥсны ари ахәмарразы аицлабра ҟамлеижьҭеи. Иҭоурыхтә хҭысхеит уҳәар алшоит.


Ҩыџьа арԥарцәа рлабақәа кны, аҳауа иалоу ампыл – ари асахьа уажәшьҭа наӡаӡа «Аимҵакьачара» иасимволны схаҿы иаанхоит.
Атурнир аԥшьган аԥсуа-база Адунеизегьтәи аконгресси аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилаки ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инамаданы. Ахәмарра иазыԥҵәаз ахарџь азоужьын арепатриациазы абиуџьет аҟынтә. Апроект анагӡаҩцәа ируаӡәкыз, аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа ҭызҵаауа Адгәыр Гәынба иажәақәа рыла, аусмҩаԥгатә иаиуз алҵшәа аханатә дақәгәыӷуамызт.
«Хаҭала сара аҭел исзасит, ахәмарра атәы здыруеижьҭеи хәыҷык ҵуеит азы, абри апроект уадгылар хҭахуп нагӡаҩык иаҳасабала ҳәа. Ҳаидтәаланы ҳанеицәажәа, еилыскааит Ҭырқәтәылаҟа ацара шаҭаххоз акоманда аиқәыршәаразы. Аԥхьа сгәы иаанагон, уа «Аимҵакьачара» рҭаххома, ирыдыркылома ҳәа, ҳусқәа ҽеимхар ҳәа сшәон. Ахәмарраҿы уҩроуп, укаҳароуп, аԥхӡы улухроуп. Аԥсны ҳақәшәахьеит, аԥхьа ирҭахымшәа убоит арԥарцәа ахәмарра, аха нас иагәыланахалоит. Ҭырқәтәыла иаҳбаз ҳгәы иҭыҵуам», - еиҭеиҳәеит А. Гәынба.
Х-ҩык - Валерии Берзениа, Адгәыр Гәынба, Дауҭ Логәуа Ҭырқәтәылаҟа амҩа иқәлеит. Адгәыри Валереи аҷкәынцәа азыҟарҵар акәын. Дауҭ инапы ианын адокументтә фильм аҭыхра.
«Ари ҭоурыхтә хҭысны иуԥхьаӡар ауеит - Ҭырқәтәыла раԥхьаӡа акәны аԥсуа милаҭтә хәмарра ацәыргара. Раԥхьатәи амш аибадырра иатәын. Ҳнеира ажәлар аднагалеит, ақыҭауаа рацәаҩхеит. Аҭаацәа азҵаарақәа рацәаны ирыман. Ахәыҷқәа рхала иаразнак асиа шьақәдыргылеит ихәмаруа ҳәа. Аҽныҵәҟьа ахәылбыҽха ҳахәмарроуп ҳәа ҳаркит. Иаҳшәырба рҳәеит», - еиҭеиҳәоит Адгәыр.
Ҳәарада, ҳџьынџьуаа ргәаҳәара нагӡан. Абызшәаҿы ԥынгыла хәыҷык шыҟалазгьы, англыз бызшәа здыруаз ирыбзоураны, ахәмарра деилыркаан.
«Арԥарцәа иалашыҩкны ахәмарра ианалага, ақыҭауаа аччара иалагеит, агәалаҟазаара ҟалеит, анапеинҟьара. Убысҟан еилыскааит ари алҵшәа шаиуаз. Иара убри аҽныҵәҟьа аиҳабыратә абиԥара адәы иқәлеит. Алабақәа аанкыланы ахәмарра иалагеит. Аччара, акаҳара, агылара. Аҿар реиԥш, аиҳабацәа зыхәмаруамызт, аха даара ухы-угәаҿы инхо хҭысны иҟалеит актәи амш», - еиҭеиҳәоит Адгәыр.

Аԥснынтә азыҟаҵаҩцәа ҩымчыбжь ирылагӡаны арԥарцәа ахәмарра ддырҵар акәын, аха усҟак аамҭа аҭахымхеит. Жәамш рышьҭахь акоманда азыҟаҵоуп ҳәа иԥхьаӡан.
«Аимҵакьачара» - ахатә стратегиа амоуп. Араҟа ихәмартәуп хшыҩла, мчыла иауӡом. Умч зегьы иаразнак инурҵәар алшоит, убысҟак амч аҭахуп, аха хыла ухәмарыр, умч еиқәурхоит. Ампыл анрылауҵо, иасуа даара дазыҟаҵазароуп. Дахьасуа иҩызеи иареи блала еицәажәозароуп. Ииашаҵәҟьаны, ажәытәан «Аимҵакьачара» ихәмаруан ҩынҩажәа-ҩынҩажәи жәаба шықәса зхыҵуаз, иӷәӷәаз, еилҟьаз, зыхшыҩ ҵарыз ахацәа. Иркыз алабақәа иаӡазар акәын, иԥымҵәарцаз. Ахәмарразы иаҭаху амаҷ ауп: адәҟьаҟьа, алабақәа, ампыл. Убри аан ахәмарра даара ишәарҭоуп», – иазгәаҭоуп Оҭар Ваханиа ишәҟәы «Аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа» аҿы. «Аимҵакьачара» зегь реиҳа аларҵәара змаз хәмарран аԥсуаа рҿы. Аҽырыҩрақәа рышьҭахь, уи имыхәмаркәа ҟалашьа амамызт.
Аԥсны акомандақәа рыҽшеидыркылоз атәы далацәажәауа Адгәыр иҳәеит, аконгресс ақыҭақәа рҿы иаарту ахаҭарнакрақәа ирыбзоураны ишеилкааз иалахәхо. Аимҵакьачаразы ахәмарра шьҭа клубк аҳасабала ишьақәгылахьеит акырџьара. Абаҩрҵәыразы арҵаҩцәа ахәыҷқәа азыҟарҵоит. Лаҵарамзазы атурнир алахәылацәа рзы аҵәҭаԥсара мҩаԥган. Акомандақәа рхаҭарнакцәа зегьы уи амш аҽны Аҟәа иааит. Урҭ ирдыруан аҽазыҟаҵара шаҭахыз. Атурнир асиа иарбаз акомандақәа зегьы ықәгылеит. Аханатә иалахәхараны иҟан иара убас Ҟарачы-Черкессиатәи акоманда, аха сынтәа урҭ иаартә еиԥш изыҟамлеит.
Ахәмарра аԥҟарақәа иахьатәи аамҭа иашьашәаланы иҟаҵан. Урҭ жәаха даҟьа ыҟоуп, ахы алымҟьо иҟаҵоуп, иҳәоит Адгәыр. Ажәытәтәи ахәмарыҩцәа хәыҷык иҿанаҳәон, ҳара иаҳҭахын еиҳа аццакра ацзарц, иҳәеит иара аиҿцәажәараҿы. Атурнир иднарбеит ҿыц ишьақәыргылаз аԥҟарақәа шьаҭак аҳасабала ишааныжьтәу, аха убри аан хәыҷык ирҽеитәугьы шыҟоу.
«Еиқәа кьаҿла ахәмарра аԥсаӡам, иара убас аԥсуа хаҵа итәым уи. Насгьы иԥсабаратәым адәаҿы ахәмарра аҭахым, ашьац аҿы еиӷьуп. Аицлабра агәашьамх ацуп, еиужьны иҩуеит зегьы, иԥоит, икаҳауеит», - иазгәеиҭоит Адгәыр Гәынба.
Хаҭала, сара сызхәаԥшыз аиԥыларақәа рҿы акомандақәа убысҟак иалашыҩкны ихәмаруан, аҷкәынцәа еицлабра дук иалахәызшәа акәын рхы шаадырԥшуаз. Аиааиразы рхы еиҷаҳауамызт. Адгәыргьы ҳаиҿцәажәараҿы уи атәы далацәажәауа иҳәеит, атурнир аҩныҵҟа аиааиразы иҟаз агәаҳәара уаршанхартә ишыҟаз.

«Дәрыԥшьтәи акоманда лҵшәа бзиак рзаамырԥшызаргьы, аԥеиԥш змоу командоуп, азыҟаҵаҩ бзиагьы дрымоуп. Ҷлоутәи - аԥышәа змоу роуп, аабаҟа шықәса ҵуеит «Аимҵакьачара» иазааигәаны иҟоижьҭеи. Азыҟаҵаҩ Ансоу Ануа игәы ақәкны даҿуп, иаамҭагьы ақәирӡуеит. Урҭ уи азы хазы ауалафахәы роуӡом, рхала иаҿуп. Афонтәи акоманда хаҭала сара иазыҟасҵон. Убри акоманда убас иазҳаит атурнир аҿы, актәи аиԥылараҿы Ҷлоуаа рҟны 18:00 ҳәа иаҵахеит. Егьырҭ аиԥыларақәа рҿы иаиааины афиналбжаҿы инеит. Ҭырқәтәылааи дареи еицыхәмарит жәеиза-жәеиза ҳәа. Акгьы рыгӡамызт аиааиразы. Убас ргәы ақәкны, ирҭахны ихәмаруан», - иажәа иациҵоит иџьашьауа Адгәыр.
Афиналбжеи афинали ахәмаррақәа даара аибарххара рыцын. Акомандақәа зегьы аҵыхәтәанынӡа ихәмаруан. Рымч зегьы аиааира иазырхан.
«Афиналбжаҿы убас саланагалеит саргьы, Ҭырқәтәылатәи акоманда аҵахар сҭахӡамызт, арахь Афонаагьы сгәы рзыбылуан. Ачемпионат дук цозшәа саланагалеит. Ахәмарра бзиан, уи иахәаԥшуаз зегьы иазгәарҭеит», - еиҭеиҳәоит Адгәыр.
Ахәмаррақәа зегьы мҩаԥыргеит Адгәыри Валери Берзениеи. Дара ракәын аӡбаҩцәас иҟаз. Аиԥыларақәа зегьы рахьынтә афинал аӡбара зегь реиҳа ихьанҭахеит. Аваратәи аӡбаҩцәа шаҭахыз аҟара еилыркааит, аха ахәмарра атәы здыруа маҷҩуп.
Афиналтә хәмарраҿы ицәырган ахәыцмпыл, Адгәыр инапала иҟаиҵаз. Аиааира згаз акоманда иара ҳамҭас иаҭан. Ҷлоуаа рмузеи аҿы ицәыргақәҵан ирымоуп, нас абиԥара ҿа ирзеиҭарҳәаларц уи аҭоурых. Ахәыцмпыл шыҟаиҵоз атәы еиҭаҳәауа, Адгәыр иҳәеит, иарала атурнир зегьы амҩаԥгара шыуадаҩхоз, ампылқәа рацәаны иахьрымам аҟынтә. Мпылк ҟауҵарцаз, арахә ахәы ирықәухуа ԥыҭк ыҟазароуп. Иара хәмаррак ашьҭахь иаразнак иԥхасҭахар ҟалоит. Ибзианы еилацала иузыҟаҵар акыр инеиуеит. Насгьы ампыл еидукыларцаз, арахә ахәы анрықәхтәу иара ахатә аамҭа амоуп, хәажәкырамза - мшаԥымза, рхәы карыԥсо ианалаго. Убри аан аԥсаса ахәы анаалаӡом, ашьамаҟоуп иара атәы, ма аҽқәа рхәы.
Зеиԥшла атурнир ахықәкы наӡеит, ҳәа иршьоит уи аиҿкааҩцәа. Ҳџьынџьуаа рхылҵшьҭра иатәу аҿари аҭыԥантәи аҷкәынцәеи реибабара, реицныҟәара алҵшәа аман. Атурнир ашьҭахь имҩаԥган аныҟәарақәа. Афон аԥшӡара рбарцаз Ҭырқәтәылантәи аҷкәынцәа уа ианнеи, уаатәи акоманда зегьы еизаны ирԥылеит, ирыцныҟәеит. Уимоу, ҳамҭас ахылаԥарчи, аҟамеи акоманда иарҭеит. Иара убас Ҷлоутәи Ҭырқәтәылатәи акомандақәа Риҵаҟа еиццеит. Аспорт аинтерес анааиқәтәа, аиҩызара, аибабара, аизааигәахара ҟалеит.
Балбала ақыҭа ахада Ерџьааби Паҷкориа иажәақәа рыла, Аимҵакьачара ахәмарразы ааԥхьара рыман қыҭак аҟынтә ахәыҷқәа, аха егьырҭ аԥсуа қыҭақәа рҟынтәгьы иалахәхарц агәаҳәара рызцәырҵит.
«Сара мчыла агәыԥ аӡәгьы даласымҵеит. Згәы иаҭаху дыхәмаруеит ҳәа расҳәеит. Гәыкала бзиа ирбеит. Ари шьҭа рхаҿы иҟазаауеит. Реиҵбацәагьы ирҵар рҭахуп. Ҭырқәтәыла иахьабалак акомандақәа еиҿкааны ари аус иалаҳҵар ҳҭахуп», - иҳәеит Ерџьааби.
Аимҵакьачара аҿиара шалыршахо атурнир иаанарԥшит. Аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа рфедерациа анаԥҵахалак ашьҭахь, Аԥсны аԥхьахә мҩаԥгахоит. Уи аҿари аспорти рзы Аҳәынҭеилакы абиуџьет иалоуп, иҳәоит Адгәыр. Проектла иарбоуп ахәмаррақәа ақыҭақәа рҿы рымҩаԥгара. Ачемпионат азгәаҭоуп иааиуа ашықәс азы. Иҟоуп еиҭа амилаҭтә хәмаррақәа - акьан ахалара, алабашьаршәра. Урҭ иуникалтәуп, иҳәоит дара ҭызҵаауа Адгәыр. Аха «Аимҵакьачара» иаҳа ауаҩы игәаҿы иаанхо, иаҳа ирылаҵәо, аинтерес ду зцу хәмарроуп, уи ауп егьырҭ амилаҭтә хәмаррақәа рахьынтә иаҳа хшыҩзышьҭра заҭо. Ахәмаррақәа рымҽхак ҭбаахарцаз ашколқәа рҿы аус утәуп. Амилаҭтә спорттә хәмаррақәа адгылара азҭар зҭаху зегьы ирзыԥшуп ҿыц иаԥҵахо афедерациаҿы.

Альбина Жьиба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me