Зиеҵә жәҩан икыдымшәо

Аибашьра мыжда, аибашьра!..

Ауаҩы дқәыџьмазтәуа, агәы ԥшқа цәымсазтәуа, ашьеи алаӷырӡи урзыршьцыло аибашьра. Ус иҟан ахаангьы, ус иҟалозар акәхап ҳаԥхьаҟагьы, ауаа рхы иаиааины, аимак-аиҿак ебашьрада амҩақәҵашьа рҽашьдырцылаанӡа.

Еицырдыруа аҭырқәа шәҟәыҩҩы Омер Сеифеддин иажәақәа рыла иуҳәозар, «аибашьра… ауаатәыҩса рыбнеикра иаршаҳаҭгоуп». Шәышықәса раԥхьа иҳәоу ари ахшыҩҵак иахьагьы изҵаара хаданы ауаатәыҩса рҿаԥхьа иқәгылоуп, хшыҩлеи ҵарадырралеи аҩаӡара ҳаракы аҟны ишнеихьоугьы.

Аԥсҭбара, алабжыш, агәырҩа, имаҷзаргьы аччаԥшьгьы зцу ихырҵәагоу аибашьраан ауаҩы дзықәшәо ахҭысқәа рахьтә аамҭа наскьацыԥхьаӡа акы ихашҭуеит, даҽакы аанхоит игәалашәараҿы, аԥсҭазаара иара атәы ҟанаҵоит, ус ишоуп адунеи.

Аха, егьа аамҭа царгьы, егьа мши-ҵхи еихаларгьы ахааназ рыхьӡ кашәара ақәлом усҟан зыдгьыл гәакьеи зыуаажәлари рыхьчаразы зхы иамеигӡаз аҵеицәа. 1992-1993 шш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан аӷа хәымга инапаҵаҟа ҳҟамларц зыԥсы цқьақәа ахҭнызҵаз аҵеицәа рыхьӡ ԥшьақәа рынаунагӡатәра иазку аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит лассы-лассы ҳтәыла еиуеиԥшым ахәҭақәа рҟны.

Убас, сентиабр 29 рзы Гәдоуҭа араион Хәаԥ ақыҭан, Аиааира 31 шықәса ахыҵра инадҳәаланы иаартхеит 1941-1945, 1992-1993 шықәсқәа раан аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ашьха ашьапаҿы ишьҭоу ари ақыҭа ԥшӡа аҵеицәа 64-ҩык рыхьӡ хьтәы нбанла иахьарбоу абаҟа.

Уи аартра иазкыз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит атәылахьчара Аминистрра ахаҭарнакцәа, Жәлар Реизара  адепутатцәа, Гәдоуҭа араион Ахадара, ақыҭауаа – асаби инаиркны абыргӡацәа рҟынӡа, аибашьра аветеранцәа, ашколхәыҷқәа, араион егьырҭ ақыҭақәа рыуаажәлар.

Илахьеиқәҵагоу, аха иагьгәышьҭыхгоу агәалашәара анаӡаӡатәра иазкыз аусмҩаԥгатә аҟны иқәгылеит ақыҭа Хәаԥ ахада Анри Анқәаб, атәылахьчара аминистр, аинрал Владимир Ануа, Гәдоуҭа араион Ахадара аиҳабы Валера Аҩӡба, аамҭа цәгьа ашьҭахьгьы кыр шықәса ҳтәыла аҳәаақәа рыхьчараҿы зџьабаа рацәоу аинрал Аслан Анқәаб, анацәа рыхьӡала, ииультәи ажәылараан иҭахаз, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Гиви Анқәаб иан – Кобахьиа-Анқәаб Мадона, аибашьра аветеранцәа Шабаҭ Арсҭаа, Сергеи Анқәаб, ашколхәыҷқәа угәаҵанӡа инеиртә исахьаркны инарыгӡон аԥсуа поетцәа раԥҵамҭақәа. Еилаҵәон ахьааи агәыӷреи.

Шаҟа ааха ҳнаҭазеи аибашьра… аамҭа наскьацыԥхьаӡа еиҳагьы иҿыцхоит уи иҳаннаҵаз ахәрақәа. Аха…, аха иҟоуп, аԥсуа сахьаркыратә ажәа азҟазацәа ируаӡәку И. Аҳашԥҳа ишылҳәаз еиԥш, «агәыӷрақәа рымш – уаҵәы, уи иахьыԥшлатәуп, аԥсҭазаара нымҵәарц. Зегьы ириааитәуп, ичҳалатәуп».

Абас ихәыцуан зыԥсыцқьақәа рыла ҳҿызхыз ҳҵеицәа гәымшәақәа ажәытәынгьы, аҿыц аамҭазгьы.

83 шықәса раԥхьа ҳаԥсадгьыл ду - Асовет еидгыла амца анакы, уи ахьчаразы игылеит 87-ҩык Хәаԥаа рҵеицәа, урҭ рахьтә 47-ҩык зыхнымҳәит рыҩнаҭақәа рахь. Уи аибашьраҿы игаз аиааира 47 шықәса анахыҵуаз, Аԥсны иақәлаз ақырҭуа мпыҵахалаҩ гәышԥыла иԥылаз аԥсуа жәлар рҵеицәа, шәышықәсала афырхаҵареи агәымшәареи аазгоз еицакра зқәым адоуҳа иахылҵуаз агәаӷьра рыманы урҭ инарылагылеит Хәаԥ ақыҭа иааӡаз 117-ҩык аԥсадгьыл ахьчаҩцәа. Еибашьуан хәаԥаа еиуеиԥшым архәҭақәа ирыланы, иҟан аибашьра ахырхарҭақәа зегьы – Мраҭашәаратәи, Гәымсҭатәи, Мрагыларатәи рҟны, дасу дахьгылаз илша деигӡомызт, иԥшьоу иуалԥшьа дацәхьамҵуа аҵыхәтәанынӡа.

Арҭ аамҭа уадаҩқәа раан рашьцәа ираҵамхакәа Гәдоуҭатәи, Афонтәи, Гагратәи ахәышәтәырҭақәа рыҟны еиԥш, аибашьра ацәаҳәаҿгьы ацхыраара ҟарҵон 20-ҩык инарзынаԥшуа хәаԥаа рҭыԥҳацәагьы.

Шықәсыки мызки бжаки ицоз аибашьраҿы аԥсадгьыл ахы ақәҵара рлахьынҵахеит зызқәаҭыԥ забдуцәа рџьынџь аҟны инаӡаӡахаз 17-ҩык ахацәа.

«Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ зыхҵоу:

Џьыкырба Рауф Шутиа-иԥа

Ҳашыг Баграт Зыбеи-иԥа

Ҳашыг Далаҭбеи Ҟанчобеи-иԥа

Зыхәба Даур Леонид-иԥа

 

«Леон иорден» занашьоу:

Анқәаб Дима Ҷаҷ-иԥа

Арухаӡе Витали Кәыҷка-иԥа

Гәажәба Мирод Самԥал-иԥа

Ҳашыг Гәырам Џьансыхә-иԥа

Ҳашыг Џьофик Леонид-иԥа

 

«Агәымшәаразы» амедал занашьоу:

Анқәаб Мераб Ҭемраз-иԥа

Анқәаб Хьерсон Иаҭма-иԥа

Анқәаб Гиви Лиова-иԥа

Анқәаб Шьурбеи Дараҭиа-иԥа

Бебиа Хьынбеи Хынтрыгә-иԥа

Барганџьиа Валера Қьаамын-иԥа

Лакоба Анатоли Леонид-иԥа

Ҳашыг Роман Зыбеи-иԥа

 

Ҳаԥсадгьыл зегьы аҟнеиԥш, 150 ҭӡы рацәак еиҳамыз ақыҭазы ааха духеит ари ҳәарада… Аибашьра ахәрақәа рзыннажьит жәаҩыла. Аха ихьчатәын зԥеиԥш лашахашаз уаҵәтәи амш…

Уи иалҵыз рахьтә иахьа х-жәашықәсак рацәак ианреиҳам, қәра рацәак рызнамгакәа рынарцә мҩа иқәлахьеит 40-ҩык инарзынаԥшуа.

Рыхьӡ кашәара ақәымзааит Владислав Арӡынба дызԥызаз агәаӷьра ду злаз афырхацәа, урҭ рҩызцәа ыҟанаҵы иҟалоит Аԥсынгьы, Аԥсуа жәларгьы, Аԥсуарагьы.

Уи даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәон абаҟа аартра иазкыз аусмҩаԥгатәқәа ирыхәҭакны, атәыла анапхгара рымчала ақыҭа агәаны иргылаз аспорттә дәы маҷ аҟны мышьҭабзиала ҳәа аиндаҭларақәа рхацыркра. Анаҩс, ааигәа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьхыркәшаз В. П. Анқәаб ихьӡ зху Хәаԥтәи абжьаратә школ аҿаԥхьа адәҳәыԥш аҟны аԥшәмацәеи асасцәеи гәахәарыла ирзыӡырҩит О. Хәынҵариа ихьӡ зху Жәлар рмузикатә рҳәагақәа роркестр инанагӡоз ашәақәеи амелодиақәеи.

Аԥхын анҵәамҭазы даҽа ҳамҭа бзиаӡак рзыҟаҵан хәаԥаа аҳәынқарра амчала, уи – уахь уназго амҩаду, 40 шықәса раахыс арҽеирақәа зыхҭымсыцыз, хаҭабзиарала ақаҭран ахьықәырҭәахаз ауп.

Збаҟа аарту аҵеицәа рус шынаӡаӡахо агәра угартә иҟоуп иахьа, Хәаԥ назлоу ҳ-Аԥсны иахьабалак Ҳазшаз Анцәа ду имчала.

Ахра Анқәаб

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me