Ахьыԥшымра амш идиныҳәалеит

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Алеқсандр Лукашенко Ареспублика Беларус ахьыԥшымра Амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Григори-иԥа!

Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Ареспублика Беларус ахьыԥшымра Амш. Ари аныҳәа шәтәыла аиҭаҿиара иахаҿроуп, шаҳаҭра ауеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ашықәсқәа раан асолдаҭцәа рфырхаҵарала аҭоурыхтә гәалашәара наунагӡа иагәылаҩу абеларус жәлар рдоуҳаи рхаҵареи быцра шрықәым азы.

Тәылак иахәҭакыз Аԥсни Беларуси ирзеиԥшыз аӷа иҿагылан, еицдырҿион аҭынч ԥсҭазаара. Аԥсуа жәлари абеларус жәлари абри рҭоурыхтә еимадара уасхыр ӷәӷәаны иҟоуп иахьа ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рыҿиаразы. Агәра згоит убри ишаныԥшуа Аԥсни Беларуси рыжәларқәа рҽазышәарақәа.

Исоуз алшара схы иархәаны, Шәара, Алеқсандр Григори-иԥа, Ареспублика Беларус ажәлар зегьы ирзеиӷьасшьоит ажәҩан цқьа, ашәҭыкакаҷра, агәабзиара, аманшәалара».

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me