Лаҵара 06, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Урыстәыла Аҳәынҭдумаҿы

Рашәарамза 29 азы имҩаԥысыз Аҳәынҭқарратә Дума аилатәараҿы ҩбаны иҟоу атәылауаҩра иадҳәалоу азҵаара аӡбаразы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳынҭқарреи ирыбжьарҵахьаз аиқәшаҳаҭра аратификациа азун. Абри азы адырра ҟанаҵоит Интерфакс.

Зыӡбахә ҳәоу цәыббрамза 27, 2022 шықәсазы Москва ақалақь аҿы знапаҵаҩра мҩаԥгаз аиқәшаҳаҭра ауп.

Иарбоу аусшәҟәы, ганк атәылауаа ирымоу атәылауаҩра мап ацәкрада егьи аган атәылауаҩра адкылара азԥхьагәанаҭоит. Атәылауаҩра адкылареи ацәыӡреи рзы аиқәшаҳаҭра иарбам ахәҭа аганахьала, аӡбамҭа адкылара мҩаԥысуеит атәылақәа доусы рзакәанԥҵара инақәыршәаны.

Иара убас, аиқәшаҳаҭра иазԥхьагәанаҭоит аҩбатәи атәылауаҩра зауз рхәыҷқәа аҩбатәи атәылауаҩра рыҭара аԥҟарақәа. Ахәҭакахьала, 14 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа ртәылауаҩра рҭаацәа ртәылауаҩра иақәшәозароуп, убри аан урҭ атәылауаҩра змам хаҿны иҟамлозар. Ахәыҷы итәылауаҩра иҭаацәа ртәылауаҩра аԥсахраан, иара убас урҭ аби ани рзин рцәыӡраан еиҭакрада иаанхоит. Аҩҳәынҭқаррак ртәылауаҩра змоу ахәыҷы 18 шықәса анихыҵлак ашьҭахь, уи иҭаацәа еилацәажәаны шәҟәыла еиқәдыршәаз арзаҳал ала ахәыҷы тәылак атәылауаҩра иалҵрала тәылауаҩрак изалырхыр алшоит, ҳәа иазгәаҭоуп аиқәшаҳаҭраҿы.

Аҩҳәынҭқаррак ртәылауаҩра змоу ауаа иааиԥмырҟьаӡакәа иахьынхо атәыла азакәанԥҵара инақәыршәаны, асоциалтә еиқәыршәара, аҵарадырра, амедицинатә цхыраара аиуразы азинқәа рымоуп. Аиқәшаҳаҭра иара убас аганқәа доусы рзыҳәамҭақәа рыла, аамҭакала Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ртәылауаҩра змоу атәылауаа ахԥатәи аҳәынҭқарра атәылауаҩра аиура, мамзаргьы аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқарраҿы иааиԥмырҟьаӡакәа анхаразы азин зырҵабыргуа аусшәҟәы шроуз азы аинформациа аҭара азԥхьагәанаҭоит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me