Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путини ҭелла аицәажәара рыман. Атәыла Ахада ӷәӷәала дшадгылоу иҳәеит азакәанреи аконституциатә леишәеи рышьақәыргыларазы Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара русқәа, – иаанацҳауеит Аԥсны Ахада исаит.
Ҩ-ганктәи аусеицура хра злоу азҵаарақәа рылацәажәара аан аҳәынҭқаррақәа рхадацәа иазгәарҭеит аусеицура аҩаӡара шыҳараку, иагьышьақәдырӷәӷәеит уи ҳаԥхьаҟагьы арӷәӷәара ишазҿлымҳау.
Хшыҩзышьҭра ҷыда рзыҟаҵан ахәаахәҭра-економикатә усхк аганахьала ҩ-ганктәи аусеицура, аинфраструктуратә проектқәа рынагӡара. Аицәажәара аҵаки алҵшәа бзиеи аман.
Аицәажәара аан Аслан Бжьаниа Владимир Путин иахь ааԥхьара ҟаиҵеит ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара 15 шықәса ахыҵреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса рхыҵреи ирызку аусмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәразы Аԥсны даҭаарц.