Лаҵара 06, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҿы

Аԥсныпресс. Рашәарамза 29 рзы Аминистрцәа Реилазаара аилатәара мҩаԥысит.  Амшхәаԥштә хада зынӡа иалагалан 11 зҵаара, иназыцҵоу – ԥшьзҵаарак.

Аминистрцәа Реилазаара 14 зҵаара рыла аӡбамҭақәа аднакылеит. Аҵарадырра Аминистрра аппарат аусзуҩцәа рхыԥхьаӡаратә еилазаареи 2023 шықәсазы уи аныҟәгаразы аԥаразоужьра ашәагазагеи рышьақәыргыларазы азҵаара ахәаԥшра анаҩстәи аилатәарахьы иахыргеит.  Аминистрцәа Реилазаара «2023-2024 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи рыбжьара аконсультациақәа рымҩаԥгара Аплан апроект азы» ақәҵара аднакылеит. Атәыла Аиҳабыра Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рыбжьара 2023-2024 шш. аконсультациақәа рымҩаԥгара Аплан апроект еиқәыршаҳаҭуп ҳәа аԥхьаӡаразы аӡбамҭа аднакылеит. 2022 шықәсазы ирыдыркылаз Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аила­заара «Неруд-Инвест» Гәылрыԥшь араион Бабышьра ақыҭан адгьылаҵантәи аӡырԥхақәа рыԥшаареи рыҵхреи рзы адгьылхәҭа анаҩстәи ахархәаразы азин аҭара хықәкыс иҟаҵаны, адгьылаҵатәи аӡырԥхақәа рыҵхырҭа аԥшаареи аконсервациа алхреи рзы азин аҭара азы ақәҵара №161 аиҭакрақәа алагалоуп.

Аунитартә наплакы «Гагра араион агрофирма «Гагрыԥшь» аҟны ашықәсрацәа нызҵуа аҵиаақәа рықәхразы» ақәҵара рыдыркылеит. Иҭарцәхо адгьылхәҭақәа ақыҭанхамҩатә хықәкқәа рынагӡаразы ахархәара роуроуп.

Атәыла Аиҳабыра даҽа қәҵарак ала Гагра араион аҿы ацитрустә совнхара «Аԥсны» аҟны 0,97 гектарк рҿы ашықәс рацәа нызҵуа аҵиаақәа рықәхразы аӡбамҭа ры­дыркылеит.   Аминистрцәа Реилазаара Гәдоуҭа араион Ахадара ала хазхаҭалатәи аусдкылаҩ Ичмелиан С.Г. Ԥсырӡха ақыҭан 0,15 гектар аҟынӡа инаӡо адгьылхәҭа асасааирҭатә хықәкы змоу ахыбрақәа рыргыларазы азин иҭара иақәшаҳаҭхеит. Аминистрцәа Реилазаара Гагра араион Ахадара хазхаҭалатәи аусдкылаҩ Ҷедиа Р. М. Гагра ақалақь (амикрораион Кемпинг) иҟоу 0,03 гектар рҟынӡа инаӡо адгьылхәҭа еибырҭоеимырхуа аконструкциақәа рыла азеиԥшкрыфарачара аобиект ашьақәыргыларазы қьырала иҭара иақәшаҳаҭхеит. Атәыла Аиҳабыра рықәҵарала Аҟәа ақалақь, Колхознаиа амҩаҿы иҟоу ахыбрақәа рмазаратә комплекс ирхатәыртәуа аобиектқәа рсиа иалагалоуп. Ари ақәҵара ашьақәырӷәӷәаразы Жәлар Реизара – Апарламент ашҟа идәықәҵахоит.

Имҩаԥысыз Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «Афирма «Гагрыԥшь» аресторан «Гагрыԥшь» амазаратә комплекс қьырала аҭаразы ақәҵара рыдыркылеит.

Нанҳәамза 31, 2022 шықәсазы ирыдыркылаз «2023 шықәсазы анапхгарабжьаратәи ахықәкытә программа «Адемографиа аҿиара» ашьақәырӷәӷәаразы» ақәҵара аиҭакрақәа аларгалеит. Аредакциа ҿыц аҿы апрограмма ахықәки ахыдҵеи арбоуп.

Апрограмма ахықәкы хада – ареспубликаҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо, милаҭла иаԥсыуоу (абаза) ахәыҷқәа рирала Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара адемографиатә шәарҭаразы агәҽанҵара ауп. Апрограмма иахықәкы хаданы иҟоуп ареспубликаҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо аҭаацәа милаҭла иаԥсуоу (абаза) ахәыҷы иираан зныктәи аԥаратә шәатәы рызшәара: а) 2022 шықәсазы – ахԥатәии уи ишьҭанеиуа ахәыҷи иираан (ахәыҷы даниз инаркны фымз ирылагӡаны ашәатәы азы адҵаалара алыршазароуп) – 100 000 (шәнызқь) мааҭ; б) ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәса инаркны ԥхынҷкәынмза  31,2023 шықәсанӡа: аҩбатәи ахәыҷы иираан – 50 000 (ҩанҩажәижәаба нызқь) мааҭ; ахԥатәи ахәыҷы иираан– 100 000 (шәнызқь) мааҭ; аԥшьбатәии уи ишьҭанеиуа ахәыҷи рираан – 200 000 (ҩышәнызқь) мааҭ. Апрограмма финансла еиқәнаршәоит Аԥсны арепатриациа Афонд ахарџь ала. Уи 90 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аминистрцәа Реилазаараҿы 2024 шықәсазы Ареспубликатә биуџьети аҳәынҭқарратә абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа рбиуџьетқәеи рзы азакәанқәа рпроектқәа реиқәыршәаразы ақәҵара рыдыркылеит.

Иара убас Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы ақәҵара рыдыркылеит 2023 шықәсазы агәабзиарахьчареи, аҵареи, аҭҵаарадырреи, акультуреи, аспорти, атәылауаа рсоциалтә маҵзуреи рҟны Аԥсны аҳәынҭусҳәарҭақәа русзуҩцәа ркатегориа хадақәак руалафахәы ашьҭыхразы.

Дарбанзаалак аусзуҩ иуалафахәы ахьыԥшуп уи иквалификациа, инеигӡо аусура ауадаҩра, ахыԥхьаӡара, иџьабаа ахаҭабзиара, насгьы Аԥсны аҳәынҭусҳәарҭақәа русзуҩцәа изыхәҭоу ркатегориазы ишьақәыргылоу бжьаратәла ауалафахәы еиҳахаргьы иара убас еиҵахаргьы ауеит.

Абри ақәҵара иаҵанакуеит 2023 шықәса ианвар 1 азы ицәырҵыз азинеизыҟазаашьақәа.

Афинансқәа Рминистрра анапы ианҵоуп изыхәҭоу арҽеирақәа ҳасаб рзуны «2023 шықәсазы ареспуликатә биуџьет азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект азырхиара, иара убас Аԥсны Аминистрцәа Реилазаарахь анагара.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me