Леон иорден занашьоу аибашьра аветеран Иамзи Қапба ҳаиҿцәажәара хацыркуа иазгәалҭеит, абџьар шьҭыхны еибашьра ацара , агәаҕьра лылшоит ҳәа ахааназгьы лгәы ишаанамгоз. «Абомба тҟәацыбжьқәеи ахысыбжьқәеи ансаҳауаз зегь раҧхьа ахыхьчарҭа аҧшаара иашьҭалоз сара сакәын. Сашьцәа ҩыџьа: Езаабеии Нырбеии еибашьуан, ахҧатәи сашьа – Руслан дхәыҷын, аҩны дыҟан. Аибашьраан, Езаабеи Гәымсҭатәи афронт ахь дагеит, уа деибашьуан. Уи аибашьра еилгаанӡагьы ихатә ҩызеи иареи рбашьа ҳмоуит,…