Аԥсны Ахада – абаӷәазаҿы

Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Аҟәатәи амшын баӷәазаҿы апассаџьыртә лаинер даԥылеит. "Князь Владимир" апассаџьырцәа рзы раԥхьаӡакәны Аҟәатәи амшын баӷәаза иаадгылеит. Уи иҭан 81-ҩык апассаџьырцәа.

Аҟәатәи амшын баӷәазаҿы ашьыжь ахәашаҽны абаӷәаза даҭааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Уи издызкыло амаҵзурақәа русура шеиҿкаау атәы дазҵааит.

Аҳәынҭқарра Ахада ицын адәныҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо, Ҭемыр Ахьиба, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ, аҳәаахьчаратә гәыԥ аиҳабы Рустам Латипов, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа.

Аҳәынҭқарра Ахада аҳәаахьчаратәи аҳазалахратәи еилазаарақәа русзуҩцәа драцәажәеит. «Инамыцхәны атуристцәа рганахьала азҵаатәқәа рықәыргылара ҟамлааит. Излауала аамсҭашәала, ламысла, уаҩышәала шәрызныҟәала», – иҳәеит Ахада.

Уи Аԥснытәи аҳәаахьчаҩцәа иреиҳәеит аоперативтә ҵакы змоу аинформациа Урыстәылатәи аколлегацәа алархәны ишырыӡбалаша атәы. Аҳәынҭқарра Ахада амшын ӷбахь дхалеит.

Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «Амшынеиқәатә ныҟәарақәа» аиҳабы Александр Ткаченко иҳәеит азҵаарақәа зегьы рҭыԥ ишықәҵоу.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me