Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ирхамышҭуа амш

Ашколтә ҧсҭазаара ааныжьны, 11-шықәса аҵара дзырҵоз рырҵаҩцәа абзиараз ҳәа раҳәаны аҧсҭазаара амҩа ҭбаа ианыло ашкол аушьҭымҭацәа рзы абжьаратә ҵара ахыркәшара иазкыз агәырҕьаратә ҭагылазаашьа змаз аныҳәа мҩаҧысит Р. Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҟны. Арахь имҩахыҵит Аҧсны атәыла анапхгара, арҵаҩцәа, аҭаацәарақәа, иара убас ашкол аушьҭымҭацәа.

Аиқәшәара аартын ашәаҳәаҩ Фатима Цколиа-ҧҳа иналыгӡаз «Сан иҵәахы сышколтә форма» захьӡыз ашәала. Уи ашәа даара ианааланы асценаҿы иацкәашеит Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ аушьҭымҭацәа.

Анаҩс, асценахь инаҧхьан Аҧсны ашколқәа ибзиаӡаны – 5 ҳәа абжьаратә ҵара хзыркәшаз 80-ҩык ашкол аушьҭымҭацәа.

Уи ашьҭахь иарҳәан Аҧсны Агимн, анаҩс – зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз ҳҵеицәа минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит.

Аҧсҭазаара ҿыц ахь амҩа ианылаз ашкол аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит Аҧсны аҵара аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Ада Кәарҷелиа-ҧҳа.

«Имариам, иуадаҩу шәызныло амҩа лашазааит. Шәыҧсадгьыл шәаҵеицәа иашаны, ҳтәыла ахьыӡ ҭыжәго, ҵарамш шәҵо, аихьӡара дуқәа шәымазааит. Мҩамш»,– лҳәеит уи лажәа хыркәшо.

Анаҩс абжьаратә ҵара хьтәы медалла ихзыркәшаз 4-ҩык аҭыҧҳацәа: Николь Какалиа, Елизавета Чакмач-оҕлы, Ариана Мелитиан, Валериа Кешьиан рнапқәа рҿы ирылҭеит ахьтәы медалқәа.

Иазгәаҭатәуп, ари аныҳәа аҟны асценахь ишнаҧхьаз, 1996 шықәса инаркны 1999 шықәсанӡа ирыҵаркуа ашкол аушьҭымҭацәа ахьтәи араӡни медалқәа рыла зҵара хзыркәшаз, ишьақәгылахьоу, аус зуа, знапаҿы уи аҳамҭа змауцыз 37-ҩык. Урҭ рахьтә иҟоуп: 14-ҩык хьтәы медалла зҵара хзыркәшаз, 23-ҩык араӡнытә медалла абжьаратә ҵара иалгаз.

Агәырҕьаратә ҭагылазаашьа змаз аныҳәа хыркәшан аҧсуа шәаҳәаҩцәеи акәашаратә ансамбльқәеи рыла еиҿкааз аконцерт ала.


Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me