Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсҭазаара ду ахь ашьаҿа

Азҳара иадҳәалоу аҧсҭазаара ду ахь, сынтәа Тҟәарчал араион аҿы ршьаҿа еихыргеит жәибыжь школ роушьҭымҭацәа, иааидкыланы шәи ҩажәи жәаҩык  аҭыҧҳацәеи арҧарцәеи, урҭ рыбжьара хынҩажәаҩык ибзианы аҵара рҵон ҳәа иалкаан.

Дара рзыҳәан, ақалақь фырхаҵа Тҟәарчалаҿы, араион ахадареи аҵара аҟәшеи рымч ала имҩаҧган ахәылҧаз. Иазгәаҭатәуп, аҵаҩцәа аӡәырҩы ажәеизатәи акласс аҵарашықәс иалагӡаны қәҿиарала рхы шрыладырхәыз ареспубликатә маҭәартә аолимпиадақәа. Ирацәаҩуп дара рылҵшәақәа рыла Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет иҭалахьоугьы. Иара убасгьы, араион ашколқәа роушьҭымҭацәа жәаҩык Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭалахьеит еиуеиҧшым азаанаҭқәа рхырхарҭақәа рыла. Тҟәарчалтәи акультуратә хан аҟны еиҿкааз ахәылҧаз иалахәын араион анапхгара, аҵара аминистрра ахаҭарнакцәа. 

Ткуарчал араион ахада Исидор Дочиа аушьҭымҭацәа дрыдныҳәало ирзеиҕьеишьеит ақәҿиарақәеи аихьӡара дуқәеи. Сынтәатәи аҵарашықәс қәҿиарала ишхыркәшаз атәы лҳәеит аҵара аҟәша аиҳабы Илона Гогохьиаҧҳа: – Ткуарчал араион ианакәзаалакгьы ибеиан зҵарадырра ҳараку ауаа рыла. Иахьа иҳамоуп аҧеиҧш здуҳәалаша, узықәгәыҕша аҿар. Агәра згоит урҭ иаҧсоу уааны рыҧсадгьыл амаҵ шыруло азы, ҳәа азгәалҭеит лара.

Лҵшәабзиала зҵара хзыркәшаз аушьҭымҭацәа Аҧсны аҵара аминистрра ахьӡ ала амедалқәа ранашьан. Аҧсны аҵара аминистр ихаҭыҧуаҩ Ада Кәарҷелиаҧҳа ахәылҧаз иалахәыз ирзеиҕьалшьеит арҿиаратә гәацҧыҳәареи аҭынч ҧсҭазаареи. Ахәылҧаз хыркәшан аныҳәатә концерт ала, аушьҭымҭацәеи асасцәеи рҿаҧхьа иқәгылеит аҧсуа естрадатә шәаҳәаҩцәа.


Елана Лашәриаҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me