Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аиааиреи Ахьыҧшымреи Рымш азгәаҭараан Аҟәа, Леон имҩаду аҟынтәи ихацыркын маланыҟәала аиҧхныҩлара. Амаланыҟәа иақәтәаз рымҩа хан Аҟәа ақалақь Ахадара ахыбра ахьгылоу аҟынтәи Алада-Ешыра иҟоу Аҧсны Раҧхьатәи Ахада В.Г.Арӡынба Имемориал аҟынӡа.
Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира Амш 29 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкын ари аусмҩаҧгатә.
Иҭыҵит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу ажурнал "Алашара" изаамҭану ахәбатәи аномер.
413 мшы амацәаз иҭакыз Тҟәарчал инханы иҟаз ирхыргази, Аиааира ду гәыҕырҭас ишрымази атәы, иагьа аамҭа царгьы ҳгәалашәараҿы иҟазаауеит.
Мышк ахы-аҵыхәа гәкажьра ҳамамызт. Амлакра, ахьҭакра, иреиҕьу ҳҵеицәа рҭахара, анацәа руаз, иарбану иаҳхаамгаз. Зегь реиҳа иуадаҩын аинформациа аҟамзаара. Ателербагақәа аус руамызт афымцалашара аҟамзаара иахҟьаны. Амашьына аккумулиаторқәа ҳхы иархәаны, Аҧсуа радио Гәдоуҭантәи аҭыҵра ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыҧшын. Нас уаҟа иҳаҳаз ажәабжь, агәыла-азла ирылаҳарҵәон.
Аиааирахь амҩа даараӡа иуадаҩын, аҧсҭбара дуқәа ацын, аха ҳҵеи ду, амилаҭ-хақәиҭратә қәҧара аҧхьагыла, ҳаамҭазтәи Аҧсуа ҳәынҭқарра ашьҭаркҩы, Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба игәҭакы анагӡараҿы, ахақәиҭра аагараҿы хьаҵра аазмырҧшуаз, Ҳаҧсадгьыл аҧышәара дуӡӡақәа ирылигеит. Злахьынҵа инапы ианызҵаз ижәлар днарылагыланы, аибашьраҿы Аиааира диргеит, иара убриалагьы ахьыҧшымра алиршеит.
Иахьа уажәраанӡа, ишырҳәо аиҧш, Анцәа иџьшьаны, ҳажәлар адунеи аӡеибафара иаламӡыкәан, еибга-изҩыда иаауеит.
Сентиабр 12 азы Очамчыра ақалақь аҟны гәырҕьарала иаартын ахәыҷбаҳча "Аӡыхь", – иаанацҳауеит Аҧсныпресс.
Уи аартра иалахәын Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа, Очамчыра араион ахадара аиҳабы Беслан Бигәаа.
Ааигәа ихыркәшахеит Жәларбжьаратәи аҧшааратә еқспедициа "Марыхә. Ашьхаҳаракыратәи афронт – 2022", В.Г. Арӡынба ихьӡ зху ихьӡ зху Аибашьра Ахьӡ-Аҧша Аҳәынҭқарратә музеи Аҧсны Россотрудничество ахаҭарнакреи еиҿыркааз, – адырраҭара ануп Феисбук аҟны амузеи адаҟьаҿы.
Август 29 инаркны сентиабр 2 азынӡа аҧшаарақәа ирҿын аӡиасқәа Аӡҕареи, Адангеи, Аладатәи Марыхәи ахьеилалауа аҭыҧ аҟны, иагьырбеит уаанӡа џьаргьы иарбамыз, ҩажәаҩык инареиҳаны асоветтә еибашьцәа анышә иахьамадаз аҧсыжырҭа.