Ҭагалантәи ацәыргақәҵа

Есышықәса Аҧсны Асахьаҭыхҩцәа Реидгыла имҩаҧнагоит ҭагалан иазку аҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа. Ҳазну ашықәс азы ари ацәыргақәҵа азырхиан Аиааира ду 29-шықәса ахыҵра аламҭалазы.

Аҟәа ацәыргақәҵатә зал ахь иааргеит еиуеиҧшым абиҧарақәа ирыҵаркуа асахьаҭыхҩцәа раҧҵамҭақәа. Убарҭ иреиуоуп Виссарион Ҵәыџьба, Заур Мықәба, Амиран Адлеиба, Валери Багаҭелиа, Диана Хынҭәба, Саид Возба, Сасун Торосиан, Асҭанда Адлеиба, Ҟәараса Черқьезиа.

Иааидкыланы зегьы 38-ҭыхымҭа цәыргақәҵоуп. Аҭыхымҭақәа Аиааира амш ишазкугьы уи ианырҧшуп ҳажәлар ргәалаҟазара зегьы. Уахь иаҵанакуеит: агәхьаагара, агәалашәара, аҭынчра, аҧсҭазаара.

Убла узаҟәгом ҟазарала иаҧҵоу ҳҧыза ду згәабзиареи, зыҧсҭазаареи ҳахҭнызҵаз Владислав Арӡынба ипортреҭ. Автор – Сасун Торосиан.

Ацәыргақәҵа дырлахҿыхуеит ҳаҧсабара, ҳамшын, ҳашьхақәа ирызку аҭыхымҭақәа: Борис Ашәба «Ашьхақәа рыҧсыҧ лагаҩагарала». Оксана Берзениа – «Аҩнынтәи ирхаран», Лаша Габелиа – «Аӡиас Маҷара аҩхаа», Геннади Барцыц – «Иҧхьон асыҭәҳәа». Саид Возба – «Аҧра».

Ельвира Арсалиа ацәыргақәҵа аартуа иазгәалҭеит, ари ацәыргақәҵа Аиааира амш иазкны ишеиҿкааугьы аибашьра атема ишазкым. «Уи азкуп аиааира ҳгеижьҭеи 29 шықәса ирҭагӡаны ҳҟазацәа рылшарақәа, реихьӡарақәа ргәалашәарақәа. Иҟоуп асахьаҭыхҩцәа аибашьраҿ злагала маҷым, еибашьуаз аха ари атема урҭ рырҿиамҭақәа рҿы иҷыдоу аҭыҧ ааннакылоит», – лҳәеит уи.

Асахьаҭыхҩцәа Реидгыла аиҳабы Витали Џьениа иҳәеит ҭагалантәи ацәыргақәҵа ала ҳажәлар ҧхаррак, лашарак рызнаргарц шырҭаху. «Ргәалаҟазара ашьҭыхра ауп ҳҭыхымҭақәа хықәкыс ирымоу»,– ҳәа азгәеиҭеит уи.

Урмеигәырҕьарц залшом Аҧсны асахьаҭыхҩцәа хатәрақәа иаарыҵагылаз абиҧара ҿыц, абаҩхатәра ҷыда аазырҧшуа. Убарҭ иреиуоуп: Асҭанда Адлеиба, Аҧшьа Ҳагба, Ҟәараса Черқьезиа, Саид Возба. Урҭ рҭыхымҭақәа ацәыргақәҵа иагәылыҷҷаауеит. Ацәыргақәҵа збарц зҭаху алшара шәымоуп октиабр мза 15 рҟынӡа Аҟәа ацәыргақәҵатә зал аҭаара.


Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me