«Ҳаҭыр зқәу Рашид Гумар-иҧа, ҷыдала иазгәасҭар сҭахын аҧсуа-аурыс жәларбжьаратәи аусхәаҧштә азҵаарақәа рыӡбараҿы Шәара инашәыгӡо ароль ду, хықәкыла иуҳәозар, ашәарҭадара аусхк аҟны аусеицура азҵаарақәа рҟны», – ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
Аҧсны Ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп иара убас Рашид Нургалиев иааирҧшуа аҭакҧхықәреи азанааҭ адырреи, изеиҕьеишьеит ақәҿиарақәа, агәабзиара, аизҳазыҕьара.