Мшаҧы 18, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Амшцәгьа иҟанаҵаз аҧхасҭа аҧырҟәҟәаахоит…

Жьҭаарамза жәба-жәаба рзы иааҟәымӡӡакәан илеиуаз ақәа аӡиасқәа рыҩаӡара шьҭнахит. Амшцәгьа бааҧсы иахҟьаны Очамчыра араион аҿы аӡхыҵрақәа ҟалеит. Уи араион ақыҭақәа жәпакы рынхацәа аҧхасҭа ҕәҕәа рнаҭеит. Аӡҩыбжьа, Кындыҕ, Маркәыла, Ҭхьына, Џьгьарда, Очамчыра ақалақь рҿы аӡхыҵра амҩадуқәа ҵнаӡәӡәааит, аҩнқәа ирыҩналеит.

Џьара-џьара аҩны актәи аихагыла инахыҳәҳәаны аҩбатәи аҟынӡа инаӡо аӡы шьҭыҵит. Ааха ҕәҕәа аҭоуп ақыҭа нхамҩа. Анхацәа ироуз аҧхасҭа азы адырра ҟаҵан Очамчыра араион ахадарахь. Араҟа иҳәатәуп акыр шықәса зӡышьҭра иҭымҵыцыз аӡиас маҷқәагьы рлеишәа шдырцәгьаз, рҳәаақәа ирҭыҵны анхарҭақәа ишрыҵалаз.

Аӡхыҵра аныҟалаз аҽны, жьҭаарамза жәаба рзы аҧырхага зауз анхацәа дырҭааит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа. Аӡҩыбжьа, Кындыҕ, Маркәыла, Очамчыра ақалақь уҳәа аӡы еиҳа аҧхасҭа ахьыҟанаҵаз аҭыҧқәа зегьы хаҭала дырҭааны ибеит, анхацәа драцәажәеит. Агәаҭарақәа раан Аҧсны Ахада ицын Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, ақыҭа нхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа. Аҳәынҭқарра Ахада игәаҭарақәа раан дызҭаауаз анхацәа ирҳәон аӡхыҵра уажәаҧхьагьы ишақәшәахьоу. Есышықәса амшцәгьа ҕәҕәақәа раан ари азҵаара шеиҭацәырҵуа.

Аслан Бжьаниа игәаҭарақәа хациркит Аӡҩыбжьа ақыҭа ала. Араҟа аӡхыҵра аан ааха роуит анхарҭаҩнқәа ааба. Абри атәы иҳәеит ақыҭа ахада Дмитри Абыхәба. Ихыҵыз акәара амшцәгьақәа раан аҽарцәгьоит аҟынтә, анхацәа ражәақәа рыла, ишрыҵалоз аҟара рдыруан. Заа зыҩнымаҭәа актәи аихагыла адәылгара иахьӡазгьы ыҟоуп. Аҳәынҭқарра Ахада анхацәа ақәиргәыҕит акәарашьҭра рыцқьаны, ирҭбааны, уаҳа аӡы рыҵамлара алзыршо аусурақәа шымҩаҧгахо азы.  

Анаҩс, игәаҭан Кындыҕ ақыҭаҿы Ҭоумышь аӡиас иҵнаӡәӡәааз ареспубилкатә мҩаду ахықә. Иазгәаҭатәуп, араҟа амҩа арҕәҕәаразы изныкымкәа аусура шымҩаҧыргахьо. Аха азҵаара аҵыхәтәанынӡа ӡбашьа маиуӡеит, аӡхыҵрақәа раан, апроблема ҩаҧхьа еиҭацәырҵуеит. Игәаҭарақәа ирыцҵо, Аслан Бжьаниа даҭааит Маркәыла ақыҭа. Араҟагьы анхацәа аҧхасҭа ҕәҕәа рыҭоуп.

Маркәыла ақыҭа анхаҩы Лариса Зингьишьлиа лыҧшәма аибашьраан хабарда дыбжьаӡит, акыр ишыуадаҩызгьы аибашьра ашьҭахь анхара аанмыжькәа аҩны дахагылеит. «Акгьы ҳгәы ахылаӡом, аҟаҵарагьы ҳҭахӡам. Избан акәзар, иагьа ҟауҵаргьы аамҭалатәиуп. Аӡы анҳажәло ҳаздырӡом. Ас анхара уадаҩуп», лҳәеит лара Аҧсны Ахада даниацәажәоз. Маркәыла ақыҭа иалсуа аӡиас Мықә дууп. Иара алеишәагьы џьбароуп. Аӡиас иазааигәаны инхо ауааҧсыра ироуз аҧхасҭа акырынтә еиҳауп.

Очамчыра ақалақь аҿы имҩаҧигоз агәаҭарақәа раан Аҧсны Ахада анхацәа ацхыраара шрыҭахо иақәиргәыҕит. Иазгәаҭатәуп, зҳәаақәа ирҭыҵыз Аӡеиқәа анаҩсгьы, ақалақь анхацәа аҩарӡқәагьы аҧырхага шырнаҭаз. Анхацәа ирҳәоит ари аҩыза ишахааным. Знык-ҩынтә аҩны иҩналахьан, аха актәи аихагыла аҭуан аӡы аҵакьысуа ахаан иҟамлацызт рҳәеит анхацәа.

Агәаҭарақәа рнаҩс Оамчыра араион ахадараҿы имҩаҧысыз аихшьаалатә еилацәажәараҿы Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа иҳәеит, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа Ҭоумышь аҳаблаҿы аӡы иҵнаӡәӡәааз ацҳа маҷқәа хҧа мышкы иалагӡаны ишеиҭашьақәыргылаз. Иара убасгьы Беслан Бигәаа идҵала иаҧҵоуп амшцәгьа иҟанаҵаз аҧхасҭа аҧырҟәҟәааразы аа-ҩык рыла ишьақәгылоу акомиссиа, аҭакзыҧхықәу аусбарҭақәа напынҵас ирыҭоуп иаарласны аӡышьҭрақәеи, аҩарцарҭақәеи ррыцқьаразы аусурақәа рхацыркра. Аҧсны Ахада араионқәеи ақыҭақәеи рхадацәа адҵа риҭеит ааха зауз аӡәгьы дыбжьамыжькәа рсиа ашьақәыргыларазы. Урҭ зегьы ироуз аҧхасҭа гәаҭаны ацхыраара рыҭахоит.


Елана Лашәриа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me