Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб диҧылеит Аҧсны аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра ГАИ аиҳабы Баҭал Агрба. Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, аиҧылараҿы ирылацәажәеит амҩақәа рҟны иҟоу аҭагылазаашьа, ашәарҭадара аусмҩаҧгатәқәа уҳәа апрофилактикатә, атехникатә зҵаарақәа.
Сентиабр 10 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Ареспублика Адыгеиа днеит, – иаанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура. Административтә ҳәааҿы ашьыбжьышьҭахь атәыла Ахада еиҳабыс дызмоу Аҧснытәи аделегациа дырҧылеит Аҧыза-министр Азнаур Керашев.
Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика ашҟа иусуратә ныҟәара инақәыршәаны, сентиабр 9 азы Аслан Бжьаниа дырҧылеит ауаажәларра, Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаҧхарала аибашьцәа-аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәарақәа.
"Сгәы иҭеижьҭеи акрааҵуан шәара шәышҟа аара, аха апандемиа иахҟьаны апланқәа зегьы рыҧсахра сықәшәеит. Иахьа абра сыҟоуп, исныруеит дарбанзаалак игәеисыбжь, сазхиоуп шәзыӡырҩра, шәгәы иҵхо азҵаарақәа рҭак аҟаҵара", – иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.
Сентиабр 9 азы Аслан Бжьаниеи Аҧснытәи аделегациеи аҭааит Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика аул Ҳабез аҟны иҟоу Леон иорден занашьоу Мусса Дауров инышәынҭра, – иаанацҳауеит Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура.
Административтә ҳәааҿы Аҧснытәи аделегациа дырҧылеит Ҟабарда-Балкартәи Ареспублика Аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Муаед Кунижев.
Сентиабр 8 азы Аҳәынҭқарра Ахадеи Аҧснытәи аделегациа иалоуи ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны ахақәиҭреи ахьыҧшымреи зхы рықәызҵаз Ҟарачы-Черқьестәыла аҟнытәи хатәгәаҧхарала аибашьцәа рбаҟаҿы.